14ГБ
08.2032 - Зура Џьишькариани [14ГБ]
FaceBook Twitter
E-mail Print
«Ганҭиади» ақыҭаҿ иҟоу акосмостә ҭҵаарақәа рцентр аҿы интенсивла аҽазыҟаҵара иаҿуп. Сааҭқәак рышьҭахь Аҧсны -nҚырҭтәылатәи Аконфедерациа акосмонавтцәа Адгьыл иқәҵны, Амзатә базақәа реиҭашьақәыргылара иаҿу Адгьыл иқәынхо егьырҭ ауаа ирыцлоит.

Фиеста аан, нанҳәатәи ахәылҧазы, амшын аҵантә ихалаз аӡызланқәа аҟәараҿы еизаз атуристцәа рнапқәа рзырҟьоит. Аҟәа ахада, Аҧсны апрефект дицны, аныҳәатә ацаха ҧҟаны, ажәҩан ашҟа идәықәиҵоит акит иеиҧшу адирижабль. «Снацәақәа – асубтропикқәа роуп», – ааицҳаит ахада. Мышқәак раҧхьа аихамҩатә вокзал ашҟа иааргеит Гагра, ароботқәа рыргыларатә зауад аҿы иҟаҵаз ароботқәа рпартиа. Урҭ Зестафони иҭрыжьыз аелектронтә хшыҩ ала еибыҭан. Ҧыҭҩык атуристцәа атехнологиатә проект инақәыршәаны еиҿкаау амҩақәа ирнуп. Ажәҩан аҿы, еҵәаџьаа реиҧш, афеиерверкқәа шеишеиуеит, акампусқәа ркибернетикатә лабораториақәа рҿы иаха изыршаз астудентцәа иҧсабаратәым аинтеллект акодқәа аус рыдырулоит. Аибашьреи аҳаскьын зҿиааз акорпусқәеи аӡәгьы игәалашәом. Апаркқәа рҿы агәылшьапқәа рфигурақәа ашьхатә ӡырҩашқәа рхылҵуеит, аҵәҵәырагьы зхылҵуа иҟоуп, мҩамш аҳаҭыр аҟынтә. Агәырҕьареи ахақәиҭреи рфиеста, 24/7! – Абри ауп Аҧсны имҩаҧысуа. Ари атәыла «Евразиатәи Калифорниа», ахьӡарҵахьеит – иануп ажурнал Ниу - Иорк Таимс 2032 шықәсазы икьыҧхьыз нанҳәатәи аномер аҿы.

01. BIG BANG

Ҳаамҭазтәи акосмологцәақәак ишырҳәо ала, адунеи иаҧҵан «Атҟәацра ду» иалҵшәаны. Анеҩс, иҭбаахан, зыӡбахәы ҳәоу атҟәацра аныҩбжьы иахьагьы иуаҳауеит еиуеиҧшым аҵыс-ҵысрақәа рыцәқәырҧақәа рҿы. Ауаҩы цыҧхьаӡа – дмикродунеиуп ҳәа уихәаҧшыр, сара сдунеигьы атҟәацра ду ала иалагеит. Уи – агәылара игылаз акорпус иақәҳаз абомба акәын. Ахәмаррақәеи, афантастикатә фильмқәеи, Терминатор 2-еи бзиа избо ахәыҷқәа рзы – абылра иаҿу акорпус аҵкыс еиҳау ҳамҭак иҟамзар ҟалап, уи ҵхыбжьонтәи ажәҩан аҿы икаҳаз аеҵәа ашьҭа еиҧшын, ашәареи аилаҩынтәреи хьаас имкыкәа, гәахәтәык угәы аҭакра уанахьӡаша. Уара узы абри зегьы – илабҿабараны иузцәырҵыз хәмарроуп. Авидеохәмаррақәа раҧҵаҩцәа маӡала гәахәтәыс ирымоу ахәмарраҵәҟьа, уҧсыр, иҵабыргны уахьҧсуа ахәмарра.

Ицхак Луриа иҧҵамҭа «Каббала» аҿы адунеи шьақәгылеит амашәырцәгьа иалҵшәаны. Уи, иарбанызаалак религиак ала зныкыр иаҧҵаз атрагедиатә дунеиқәа руакы ахцәажәара акәзар ҟалап. Анцәа ихьыз агха амшала анцәахаҵаратә харҧшьақәа ҧҽуеит, Иара идунеи ахәҭаҷқәа гәырҕьара зцым алашьцараҿ иӡуеит.

Луриа иҳәамҭала, абрааҵәҟьа, «Ҳазшаз иаҳзаанижьыз» аҵакырадгьыл аҿоуп ҳдунеи ахьиз. Ҳара уадаҩрада иаҳҳәар ҳалшоит Луриа агыруа ма аҧсуа жәлоуп ҳәа, иара дызлацәажәо амашәырцәгьа ҳара ҳамашәырцәгьа ауп ҳәа.

Шьоукы ргәы ишаанаго ала, иҳаҩсыз аамҭа ҳаҧхьаҟа иаҳҧеиҧшу азы анырра амоуп, аха, аамҭакала, ҳаҧхьаҟатәи ҳҧеиҧш аҟынтә акадрқәа иҳаҩсыз аамҭашҟа иасуеит. Убри аҟынтә, ажәытәтәи абырзен Страбон иҿы Аҟәа ахцәажәара уанаҧхьо, иара изакәытә машәырцәгьоу дызлацәажәо еилукаауеит: «Диоскуриа - Каспиатәи амшыни Понти еимыздо адгьылбжьында алагамҭоуп, уи акәша-мыкәша инхо ауаа рзы ахәаахәҭратә центруп. Ишырҳәо ала, ари аҭыҧ иаҭаауеит 70 жәларқәа. Ҳера алагамҭазы, абырзен еиланхарҭақәа ықәызхыз амашәырцәгьа ҟалазар ҟалап», – уара уажәшьҭа иудыруеит изакәытә машәырцәгьоу иҟалаз. Уара – абри амашәырцәгьа иузаҟәымҭхо хәҭак уеиҧшуп, уи ахаҿқәа уреиуп, уара ахаангьы уи узыҧсахуам. Уара уҟанаҵы, укәша-мыкәша иҟоу зегьы иргәалауршәалоит уажәааны амашәырцәгьа шыҟалаз. Абри ауп ахҵәаҩцәа напынҵас ирымоу, уи дара ршәиҧхьыӡуп.

Убри азоуп ахҵәацәа џьаргьы бзиа изырымбо: дара рыҧсы ҭанаҵы, амашәырцәгьа шыҟалаз ҳгәаладыршәалоит, аҧхыӡ цәгьа, еснагь иушьҭоу.

Асоциалтә парфиумериеи акосметикеи рыҩнуҵҟа зегьы маншәаланы иҟоуп ҳәа угәы ианабо, аҧсҭазаара иҭышәынтәалоуп ҳәа угәы ианаанаго, иаалырҟьаны иузцәырҵуеит амакиаж змам, ирҧшӡам ахаҿы, афҩы бааҧсы, арадио аҿы абжьынҵаратә студиақәеи «саундинџьнырцәеи» збалансырка рылымшаз абжьы бааҧсқәа уаҳауеит. Ацифратә ҭынчраҿы ашьаҵәҟьа акаҭәара иаҿуп, ашьаҵәҟьа ахаангьы убас ихаам иара ацифратә аналог еиҧш. Аҳәынҭқаррақәа ахҵәацәа бзиа ирбом, избанзар урҭ ӡбашьак змам Error еиҧшуп, иалырҟьаны ауаҩы иҧшреи иформеи зауз асистематә проблема. Убри аҟынтә, арҭ ауаа уааӡам, урҭ агәы рызҭам. Дара – махәҿалатәи амаҭәар аҧшра зауз аҳәынҭқарратә проблемоуп, Spam ауп, Spam алектронтә ҧошьҭа иаҧырхагахаанӡа, уара укультура зну аинсталиациатә код ҧхасҭанатәаанӡа, хымыҧада иныхтәуп. Егьырҭ ауаа ахҵәацәа бзиа ирбаӡом, избанзар урҭ еснагь иргәаладыршәоит изакәызаалак «ауаҩытәыҩсатә прогресск» шыҟам, аибашьра наӡаӡа уи шьақәнарҕәҕәоит. Апрогресс иахӡыӡаауа ауаа уи амшала ргәы каҳауеит. Ахҧатәиқәа ахҵәацәа бзиа ирбаӡом избанзар урҭ «иҧшӡам», «ицқьам», «рыфҩы гоит», «аҵара рымам». Ари аверсиа иақәшаҳаҭу ауаа ргәы ишаанаго ала, ахҵәацәа реиҳара, часак азы иҕьычыргьы рылшоит. Лассы-лассы ари агәаанагара аиаша иазааигәоуп: зегьы зцәыӡыз ауаҩы иҟаиҵар илшо аӡәгьы издырӡом.

Иааркьаҿны иуҳәозар, ахҵәацәа бзиа избо ҳәа уаҩ дыҟам, згәы ҳалалу ауааи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи рыда. Аха астатистика ҳахәаҧшыр, адунеи аҿы згәы ҳалалу ауаа есышықәса иаҳа-иаҳа имаҷхоит. Убри аҟынтә, хара имгакәа, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рыда ахҵәацәа бзиа избо ҳәа аӡәгьы даанымхар ҟалап, аха иҳәынҭқарратәым аиҿкаара иахылҵуа абзибара иара аиҿкаара ахаҭа еиҧшуп, иҧсадароуп, уи иахылҵуа заанаҵы иудыруеит.

02. Иарбан еибашьроу уара узхылҵыз?

Ҳара ҳабиҧара – агибридқәа рабиҧароуп: бжала акосмостә, егьи аганахьала бжала амеланхолиатә биороботқәа, идуу корпорациак, машәырла, агра змоу ароботқәа рпартиа ду sortware иаҧҵаны, агра мыриашакәа рҭрыжьра иалагазшәа. Азҵааразы: «Уара уабатәиу, сашьа?» – Еснагь аҭак ҟасҵон: – «Саҟәатәиуп». Аҩны ахьҳамамыз, наӡаӡа ахҵәацәас ҳахьыҟалаз аҟынтә, Адгьыл иахьаҵанакәа зехьынџьара ҳаҩны шакәыз еилаҳкааит, аха аидентификациатә код аҳасабла, уезгьы, ҳхәыҷраахыз иаҳамбац ақалақь ахьӡ ҳҳәоит. Уи – ҳара ҳвиртуалтә IP- ҭыӡҭыҧуп.

Итало Кавальо ишәҟәы «Иубарҭам ақалақьқәа» аҿы Кубаи-Хан Марко Поло диҳәоит иара итәу, аха ахаан иимбац иқалақьқәа ирызкны изеиҭеиҳәарц. Поло изеиҭеиҳәоит иџьоушьааша, уаҩ иимбац, хәылбыҽхан аџьармыкьатә аҿхышәқәа реиҧш зҽеикәанарҳәуа, нас, ашырҧазы еиҭах зҽеиҵызхуа ақалақьқәа ирызкны, аҧсцәа идыргылаз ақалақьқәа, аӡыркәиқәа реиҧш еилаацыруа. Урҭ џьара хара иҟоуп, алаҧшҳәаа еиҧш даргьы узырзаигәахом. Урҭ еснагь иубарҭоуп, аха шаҟа урзааигәахо аҟараҵәҟьа даргьы иуцәыхарахоит. Кублаи - Хан иҟаиҵара издырӡом: Марко Поло иҳәаз дазыӡырҩны, иара иимпериа иаҵанакәа абарҭ ақалақьқәа иҵабыргны иҟоуп ҳәа ихаиҵару, ихаимҵару.

Абасҵәҟьоуп Аҟәа сара сзы ишыҟоу. Ахаҿы рацәа змоу, ахкырацәаратә ақалақь, иахьагьы гәыкала ҳаззыҟоу. Избан – аӡәгьы издырӡом... Иҵабыргны иуҳәозар, сара сқалақь – џьара аамҭеи ақәыҧшылареи рҿы иҧыруа авиртуалтә ақалақьқәа реизакра ауп; ҳхыҭҳәааҿы ииз амҩақәеи афҩқәеи. Ҳара игәхьааҳго; бзиа иаабо зегьы акванттә суперпозициаҿ иҟазшәа: аамҭакала егьыҟоуп егьыҟам.

Усҟантәи алегендартә плиажқәеи асубтропикқәеи сгәалашәом. Аџьанааҭтә баҳча анҧырыххаа ашьҭахь иҟаз ауп исгәалашәо – ахыжәжәарақәа рҿы аҧҳәызба хәыҷқәа ргәыдкылареи, ихьшәашәақәаз аҩнқәеи, аҧжәарақәа рбыжьныҩреи.

Сара сыҧсадгьыл – џьара убра иҟоуп.

03. Аџьанааҭтә гетто аҟынтә

а) Аӡынтәи ажәҩан, ақалақь иаҟараз акомета еиҧш икаҳаит... Уажәшьҭа амҩақәа рыбжьара ажәҩан ауп иҟоу.

Асы убас ишкәакәоуп, санахәаҧшуа ахәыцра сцәыуадаҩуп.

Акорпус иқәгылоу антеннақәа ҧсыҽуп, адәныҟатәи адунеи аҟынтә асигналқәа рыдыркыларатәы иҟам, абри абаҕәазатә ақалақь хәыҷы анҭыҵ даҽа дунеик шыҟоу шаҳаҭра рзуӡом.

Ари ацәанырра, раҧхьаӡа Анцәа дануцәыӡуа иузцәырҵуа агәырҩа еиҧшуп.

Анцәа дыҟамзар, уара иҟауҵогьы, иухәыцуагьы аӡәгьы дахылаҧшуам.

– Убри инақәыршәаны, адәныҟатәи адунеи иҟамзар, зны ҵхыбжьон, ацәа ушалоу ақалақьуаа реиҳара иааргәыдҵаны иушьыр, мамзаргьы, аиарҭаҿ, ацәа ушалоу, ауаа ухәаҽыр ма ҳәызбала иушьыр, аӡәгьы дуқәыӡбом.

Ҵхыбжьон адәахьы удәылҵыргьы, аӡәгьы гәҳхьаас уикӡом, хара иҟоу аеҵәақәа мацара роуп асыи, асы иақәҭәоу ашьеи, аҳәызбеи зырлашо.

Аеҵәақәа еснагь зегьы рдыруеит, аха урҭ, ашаҳаҭцәа раҳасабла, аӡбарашҟа иузнагом.

Уареи, асыҭәҳәа ахьлеиуа ақалақьи мацара.

Уажәы ақалақь аҿацә аҟынӡа унеир, ахыбрақәеи, амҩақәеи, алаҧшҳәааи ибжьаӡны, агәаҩара еиқәа иалагоушәа угәы иабоит – зегьы иахьалаго аҭыҧ.

б) Уажәааны ихыркәшаз аибашьра афҩы – ааҧынратәи ақәеи, акаҭрани, ухы зырҩашьуа ашәҭқәеи рыфҩы еиҧшуп. Абыржәыҵәҟьа иҧсыз аголограмма афҩы еиҧшуп. Ажәҩангьы адгьылгьы рхы иақәиҭуп – аполициа иҟам, ахылаҧшра иҟам. Иуҭаху ҟаҵа!

Уареи уара иудукыло аӡбарақәеи шәымацара шәыҟоуп.

Уареи уҧсҭазаареи шәоуп иҟоу.

Уареи иауу аӡынтәи аҵхқәеи.

Абри аметаллолом хьанҭоуп. Ҳаҧсы ҳшьароуп ҳәа иҳәеит Мишка. Ҳара ҧшьҩык ҳаҟоуп, аха уезгьы, ари аидара ҳзышьҭхуам. Ара, амҩа анхыҵ, аҵыхәтәантәи звиадистцәа еиҭаҵуеит, рыблақәа рҿы аҳәалахареи, рдақәа рҿы аморфи, рнапаҿы «калаши» рыла – лидерк дрымаӡамкәа, аарлаҳәа рыҧсы еивырго, рырҧҳақәа рҿы аҵыхәтәантәи агәыҕра еизыргоушәа. Ишырҳәо ала, агәыҕра аҵыхәтәаны иҧсуеит, аха уезгьы, иҧсуеит.

Ашьаҵа иҧжәаны иҟоу, џьара-џьара еиҭаӡаху ацахақәа рчаҟәа еиҧшуп.

– Урҭ Китаи иҟаҵоуп, иаразнак иҧжәоит. Китаитәи акгьы иаҧсам! – акы далацәажәоит Мишка.

Китаи сара издыруа темоуп. Ҩымчыбжь раҧхьа раҧхьаӡа акитаи дызбеит: афото ҳазҭихуан; ҳкорпус аҿы инхоз убас дырпҟеит, изблак ишәҭыз агәил еиҧшхеит. Атәымуаа аауеит, ахәыҷқәа ҕьычны иргоит ҳәа рҳәеит. Интересс исымоуп, урҭ иабарго, Китаи аума?

Абҕанҷ аҿы аџьазцәа збеит. Мишка «иашьа» дсацәҳауа далагеит – ҳара ҳҩыџьагьы ахқәа еизаагоит, иаргьы аџьазцәа иҭахуп. Иаб дыҧсыӡкҩуп, иахьа аӡәгьы издырӡом мызкы ашьҭахь иареи инышьи амшын ишаго. Саб дцәарныҟәаҩуп, ҵхыбжьон дааҧшны, уажәгьы аибашьра дыҟоушәа игәы иабоит, ҳара – иаҕацәа ҳакәушәа. Иаамҭаны ҳҽыҳцәахроуп. Нас, иҧсы алалаанӡа, фҩык дыкны дрыман. Нас аҵәуара далагоит. Ахацәа ишырҳәо ала, аибашьра ашьҭахь аибашьцәа убас рыхьлоит.

Сан лҳәамҭала, саб ихьанҭаӡоу «аломкақәа» рышьҭахьгьы абас дҿаасҭамыт.

Мишка иаамҭаны ақәҧара иҽалеигалан, аџьазцәа сара – ацәарныҟәауаҩ иҧа исзаанхеит, аха аҧсыӡкҩы иҷкәын Гьаргь схаҿы цәиҟьеит.

– Аӡҕаб леиҧш уқәҧоит! – ианиасҳәа, ақәҧара ҳаиҭалагеит. Хара, асы ацәанхақәа рҿы, амра ҭашәоит. Автоматтә хысра аныҩбжьы... Аӡынтәи ажәҩан схаҿы иану ацәҟьара еиҧш иҟаҧшьуп.

Аџьазцәа сара истәуп. Сколлекциаҿы жәохәтәиуп.

Сара аџьазцәақәа ирылхны ахәыдахаҵа ҟасҵар сҭахуп, аха Ҭамуна ишылҳәаз ала, аӡҕабцәа роуп ахәыдахаҵа ныҟәызго, уи дысхыччоит. Сара слызгәаауеит, избанзар ларгьы исызлаҳәом, сара схаҭагьы иазхазҵом ахәыдахаҵақәеи аӡҕабцәа рыцкқәеи иаҳа ишызгәаҧхо.

Аметаллолом азы иҳарҭаз аҧарала алимонаҭ ааҳхәеит. Агәылара игыло акорпус аҟынтә аҷкәынцәа 2 иашьықьк алимонаҭ раҳҭароуп, ашьапылампылтә матч аҿы ҳаҵахеит.

Дара алимонаҭ абжа ҳарҭоит – иаҵахаз иуал аба иуҭароуп, убас ауп азакәан шыҟоу! Абри аритуал хәыҷы аҕьычратә дунеи ҳазааигәанатәуеит, иаҳа ҳаҭырла ҳхы ҳазныҟәо ҳалагоит.

Гьаргьи сареи ҳшеисызгьы, аҩныҟа ҳаиццар акәхеит.

– Уара шаҟа умои? – сиазҵааит сара.

– Акоуп исзаанхаз, абри аҩызаҵәҟьа.

Сара схы адцаланы, уаҳа ҧсыхәа сымамзшәа, аџьазцәа исҭоит.

Амҩан иан даҳҧылеит. Уи аҿхышәҭк аҿы ҷаҷа лҭиуеит, аҿхышә аҭӡамцқәа акылҵәарақәа амоуп. Шьыбжьон, амра анҧхо, аҿхышә аҩнуҵҟа алашара иҩналоит, даараӡа иҧшӡахоит. Лара ажаҳәатә «Турбо» ҳалҭоит.

Аподиезд аҿы игылоу аишәаҿы «ақәырҷабқәа» рыла ҳахәмаруеит: «Маздеи» «Альфа Ромеои» аҳаир ашҟа иҳаршәоит. «Made in China» – иануп ажаҳәатәқәа рҿы, урҭ ирласӡаны ргьама рцәыӡуеит. Иаҳа хара икажьцәо ҳәа ҳаицлабуеит.

Аҩнынтә сан лцәыуабжь ҳаҳауеит, еицәҳауеит. Сыҩналан, сан аваза шҧылҽуа збоит. Саб дцоит, сан дцәыуа аиарҭа дықәҳауеит, сара слываиеит.

Сан лҽызлалкәабо асапын афҩы уажәгьы илхылҵуеит, сара ари афҩы лбааздан, ҧшьала сыцәоит, сцәалаҧсит, лыхәда схы алакны.

Еиҭах автоматтә хысбжьы, амра ахырхарҭала; амра, саб ишьҭаланы ицоит, хәлоит. Ацәашьы аркра иаамҭоуп, аха аӡәгьы дгылаӡом. Зны-зынла алашьцараҿ уҟазар еиҕьуп.

Сан дышьҭалаанӡа, цәгьала сыҟоуп ҳәа лҳәеит. Саргьы цәгьала сыҟоуп, арадиатор даараӡа ихьанҭан.

– Сабгьы цәгьала дыҟоума? – слазҵааит лара.

– Ааи, иаргьы цәгьала дыҟоуп, аха уара умгәамҵын, ирласны даауеит, – илҳәан, сылахь дагәӡит.

Иара даар зынӡакгьы исҭахӡам. Ишаргьы сҭахӡам. Абра ибзианы схы збоит, абраҟа зқьышықәса смааҧшыкәа сыцәазар сҭахуп. Усҟан сара исыздырӡомызт ҳара Китаи ҳшыҟаҵамыз, ус баша ҳшыҧхасҭамхоз.

в) Мишка абиблиотека ааигәара «ашьҭаҵарҭа» ибеит. Ашә ркуп, аха хыхь, ҩметрак аҳаракыраҿ, аҧенџьыр хәыҷык иҟоуп, уи ҳара иҳаақәлоу ахәыҷқәа рақәымзар, уаҳа аӡәгьы дызкылсомызт.

– Шәаала, ассир шәсырбоит! – дыҩны даауеит Мишка.

Ҳара ҳцоит.

«Ашьҭаҵарҭаҿ» агазцәыхьчагақәа. Арратә маҭәа. Абомбақәеи абџьари ҳрышьҭоуп. Сара аграната сҭахуп – гәахәтәыс исымоуп – афильм аҿы Рембо ишыҟаиҵо еиҧш, исыршәыр сҭахуп.

«Ашҳамхыхьчага» - асоветтә ахәшәҭра иҭоу акыҧқәа роуп, аиадертә аллергиа аҽацәыхьчара иазкуп.

– Ари акаиф ҳнаҭоит! – иҳәеит Рамаз. – Саб иашьа идикылоит.

Ҳара хҧа-хҧа цыра ҳжәит.

Арратә маҭәа ҳшәаҳҵеит, аха аформақәа дууп, аччара ҳалагеит.

– Сан илзызгоит, аханатә исзылӡахырцаз! – Рамаз идишәалоит.

Сара агазцәыхьчага схасҵан, сыҧсыҧ асаркьа иадҷаблеит. Адәахьы иҟоу аарлаҳәа избоит. Сара даҽа планетак аҿы сыҟоуп, исыдырҵаз сыздырӡом, аха аҕьеҩҳәа сыҟоуп, аарлаҳәа сҽааныскылоит.

Мишка абомба збеит ҳәа аҳәҳәара даҿуп, нас «аҧжәагатә пакетқәа» иџьыба ааҭигеит. Сара сзыҳәан иааиртуеит; сыҧсы маҷхоит; хәыҷык ауп исыгу, снацәқәа еикәаҳәит, санду лныхақәа рҿы Иаса инацәқәа реиҧш.

– Мишка, ҳара ҳабаҟо? – сиазҵаауеит агазцәыхьчага аҟынтәи, аарлаҳәа сшьапы сықәгыло... Сыбжьы иҧхасҭахаз амагнитофонтә касета еиҧш аҽеиҵнахуеит.

– Шәҽеидшәыҧсал! – ҿиҭит Мишка. – Ҳара аибашьраҿ ҳаҟоуп.

Fade Out.

Аҧсҭазаара зынӡаск даҽа «приходк» амоуп. Изныкымкәа уанҧслак ашьҭахь; агьамагьы даҽакуп. Уи аиқәырхаразы ақәҧара уаналагалак. Уажәшьҭа иудыруеит уара Атәҟацра ду анеҩс ус баша адунеи ушықәымлаз, машәырлатәи агенетикатә маҭәахәы ушахылымҵыз – уара ухала ухы ушеит, абарон Миунхаузен иара инапала ихахәы кны, ихы аӡы ишӡааихыз еиҧш. Абасҵәҟьоуп уара аҟамзаара ушҭыҵыз. Ахеиқәырхара иазықәҧоз дыҧсит, аха ари ақәҧара аан ихақәиҭтәхаз аенергиа аанхеит. Уара – аенергиа уоуп.

Зхықәкы еилкаам, акомпиутертә вирусқәеи иеҵәала ихҟьоу ажәҩани рыла иҭәу алгоритм.

04. Аҧсцәа ухашҭроуп

Сара ианакәызаалак аӡшәыга бзиа избон. Аҕәы хәыҷы аҿы ҧштәыла еиҧшым агежьқәа; зны-зынла аӡыргараҿ избахьаз аканфеҭқәа сгәаладыршәон, зны-зынла – аҧсцәа. Цқьа уахәаҧшыр, аҧсцәагьы, аӡшәыга еиҧш, ҧштәыла еиҧшым.

Адәыкрынҧштәы, Армагеддонынӡа минуҭқәак шагу ицәырҵуа алаҧшҳәаа еиҧш, ҭагалантәи амра аҭашәара аан аибашьра ҳацәцаны азымдырреи аҳәаадареи рахь ҳазгоз аҕба иқәын: ахәыҷқәа, иҧсхьоугьы зыҧсы ҭоугьы, насгьы – сааҭқәак рыҩнуҵҟа ҳзықәтәаз аҕба иашьҭаланы ицоз амшынҳәақәа.

Ажәҩан еиҧш иеҵәоу аҧсы агәылара иҟоу акорпус аҿы дыкҿоуп. Амлакреи астресси рыла игәҽу аестетикатә цәанырра акәымзҭгьы, ҳара уи амузеи аҿы дышьҭаҵаны, аиаҵәара адефинициа еиҧш даанҳажьуан.

Иҵегьы, ашколтә аҕәаҿы узлаҩуа амел еиҧш ишкәакәоу аҧсцәагьы иҟоуп, угәы иаанагоит Х-и У-и цыҧхьаӡа, аиҭаси ацифрақәа ркомбинациеи цыҧхьаӡа - дара рыҧсҭазаара аформулоуп ҳәа. Убри азоуп сара аматематика бзиа изызымбоз. Арыцхәқәа рдунеи аҿы аҭоурых цыҧхьаӡа, аибашьра цыҧхьаӡа астатистикатә анализ еиҧшхоит, аха аӡшәыгаҿы ацәылаҧштәхәқәак рыла, аконкреттә аҧсы иуҭаху аҧштәы ала душәыр ауеит.

Абри ахәыҷы, сара сҟынтә метрқәак рышьҭахь иҟоу – ахыкәлаа амшала ихы хәыҷы агәил ҟаҧшь еиҧшхеит. Сҭаацәа исарҳәоит, иҵабыргны, ари ахы иқәымшәаӡеит ҳәа, сара игәнызгоит абри аконкреттә гәаларшәара ус баша сыхдырраҿы ишцәырҵыз, аха сара сзы уи убас илабҿабоуп, аҧсыӡ бааҧсқәа ахылҵуеит – уаҩ дахьыҟам аҭыҧаҿ ҵхыбжьон аҿыхра, аҧеиџьырқәа ахьҧҽу, атәым ҩнқәа рҿы уҳәҳәо уанҿыхуа. Иззакәу сыздырам: абри аҳәҳәабжь, мамзаргьы ажәразаара иахҟьаны, ауада асы ҩнаҳалоит, зны-зынла ақәа, нас, аҩны, аҩнуҵҟа, аҳәыҳәқәа анхара иалагоит.

Анеҩс, шықәсқәак рышьҭахь, еилукаауа уалагоит – аибашьра еилгарцаз, асубтропикқәа рыфҩы уажәааны иҭацәхаз Калашников иахылҵуа аиха афҩы аҵанархарцаз, арадикалтә шьаҿақәа шыҟаҵатәу, уҧсцәеи, ахәрақәа заузи, еихабгалаз укорпусқәеи, ухашҭроуп, аха, раҧхьа иргыланы, уҧсцәа ухашҭроуп. Избанзар, знымзар зны ҳанеиқәшәалак, дара рыҧсцәа рыманы иаауеит, ҳара - ҳаҧсцәа. Дара анбан инақәыршәаны рыҧсцәа аарыҧхьоит, аҧсы иҳәоит: уара уоуп сызшьыз; нас ҳара ҳаҧсцәа ҳрыҧхьоит, аҧсы иҳәоит: уара уоуп абри зегьы зхароу, абас, ҵыхәҧҵәарада ҳаҿызаауеит. Иазхоуп ҳәа сгәы иаанагоит, акрааҵуеит урҭ рытҟәараҿы ҳаҟоижьҭеи, даргьы итҟәаны иҳамоуп, иоуҳашьҭуам, абни аиҧыларазы ҳрыхӡыӡаауа иҳамоуп, нас зыҧсы ҭоу ашаҳаҭга еиҧш, апротоколқәеи адокументқәеи реиҧш ҳхы иархәаны, шаҟа ахьаа ҳзаажәгаз ҳәа еилаҳаргежьырцаз. Уажәшьҭа абарҭ аҧсцәа иоужьҭтәуп, амантра еиҧш ашамҭазы еиҭаҳәо: сара сыҧсцәа схашҭуеит: уара: зыҧсы ҭоу, бзиа узбаларцаз – схы, сыҧсы, саҳәшьа, сашьа бзиа ишызбо еиҧшцәа.

Автор: Зура Џьишькариани

„14ГВ“ - еиуеиҧшым аҟазаратә жанрқәа рбызшәала еиҭаҳәоу Қырҭтәыла ҳаамҭазтәи ҭоурыхуп. Иқәыҧшу аҧҵаҩцәа рҭакқәа иҳаҩсхьоу аахаҭагатә аамҭазы - Аҧснытәи ахҭысқәа ирызку 1 гигабаиттәи аҳәамҭақәа 14.

„Лаивпресс“ „14ГБ“ акьыҧхьра азин аиуит автор иҟынтә, аҭыжьымҭа ацхыраара ала ашәҟәы еиҭагоуп аҧсуеи аурыси бызшәақәа рахь.

„14ГБ“ ианаамҭаз, автор иҧарала иҭыжьын. Аизга аидеиа Ҭеа Каландиа илтәуп, еиқәзыршәазгьы лара лоуп. Аконсультант хада - Нино Каландиа; асахьаҭыхҩы -Папуна Папаскири; аредактор - Нана Гаҧриндашвили; адизаин - Иа Махаҭаӡе.
Print E-mail
Twitter
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала