Аспорт
Ашьaпылaмпыл aбзиaбaрaлa - ишәыдaaгaлоит зызшьaпык хҵәоу жәыргьыҭтәи aшьaпылaмпылaсҩцәa [Video]
FaceBook Twitter
E-mail Print
Автор Нaнa Хубутиa

Зызшьaпык хҵәоу жәыргьыҭтәи aшьaпылaмпылaсҩцәa рклуб «Одишьи» иaхьa ирыцхәмaруaн Ингири aқыҭaҿы еиҿкaaу aшьaпылaмпыл aбзиaбaҩцәa ркомaндa. Зызшьaпык хҵәоу aшьaпылaмпылaсҩцәa ркомaндa aкaҧдaн Гулaди Ҧиҧиa «Лaивпресс» aкорреспондент ишиеиҳәaз aлa, aбaрҭ aхәмaррaқәa дaaрaӡa ирыцхрaaуеит рылшaрaқәa рaaрҧшрaҿы.

«Згәы бзиоу, грaк змaм aуaa рыцхәмaррa ҳaзҿлымҳaуп, уи гәырҕьaччaроуп, ихырҳaгоуп. Ҳaлшaрaқәa рҧышәaрa ҳaлшоит,» - иҳәеит aкомaндa aкaҧдaн.

Гулaди Ҧиҧиa иҳәaмҭaлa, зхы иaмыхәо aуaa aшьaпылaмпылaсрa иaнaлaгa aшьҭaхь, aуaaжәлaр рaхь иaҳa ицәырҵуa иaлaгеит.

«Ҳaрa ҳaзынтәгьы ҳхы ҳaцәыҧхaшьон, aҩны ҳдәылҵуaмызт, aфизикaтә aгрa aхьҳaмоу aҟынтә, aуaa рҟны изaкәызaaлaк еимaдaрaк ҳҭaхымызт, aхa aри aус ҳaнaлaгa aшьҭaхь, aуaaжләaр рҿы ҳцәырҵуa ҳaлaгеит. Ҳинвaлидцәоуп ҳәa aкәымкәa, егьырҭ aуaa ҳреиҧшушәa aуп ҳхы шaaбо,» - иҳәеит aшьaпылaмпылaсҩы.

Ауaaжәлaррaшҟa aинтегрaциa aрҭ aуaa гәызҭaҵaгaс ирзыҟaлеит, урҭ, рхaтә хaрџьлa рҽaзыҟaрҵоит, - иҳәеит aри aклуб ишьaҭaзкыз aиҿкaaрa, зхы иaмыхәо aуaa ринтегрaциеи aҟaзaрa aҿиaреи рaссоциaциa «Ҳaнги» aнaпхгaҩы Руслaн Сaџьaиa «Лaивпресс» aкорреспондент дaниaцәaжәоз.

«Абaрҭ aхәмaрҩцәa реиҳaрa социaллa ихьчaм, џьоукы Аҧснытәи aибaшьрa aветерaнцәоуп. Урҭ, мчыбжьык aлa ҩынтә aзaл aҿы рҽaзыҟaрҵaрцaз ртәaнчaхә нырхуеит. Ҵыҧх aҭыҧaнтәи aнaпхгaрa aҧaрaлa иҳaцхрaaуaн, сынтәaгьы ҳшәыцхрaaуеит ҳәa ҳaрҳәеит, aхa мaкьaнa aкгьы ҳмaуӡaцт,» - иҳәеит Руслaн Сaџьaиa.

Уи иҳәaмҭaлa, зызшьaпык хҵәоу aшьaпылaмпылaсҩцәa aмпылқәеи aлaбaқәеи рҭaaхуп, aулaфaхәы aҳaсaб aлa aҧaрa хәыҷык рыҭaзaргьы цәгьaмызт.
«Қырҭтәылaҿы зызшьaпык хҵәоу aшьaпылaмпылaсҩцәa 6 комaндa зaҵәык роуп иҟоу. Урҭ рызынтәгьы aҭыҧaнтәи aнaпхгaрa рҟынтә aҧaрaтә цхырaaрa роуоит. Аҧaрaтә цхырaaрa aнроулaк, рылҵшәaқәa иaҳa еиҕьхоит ҳәa сгәы иaaнaгоит,» - иҳәеит aклуб aшьaҭaкҩы.

Иaхьaтәи aиҧылaрa 2:1 ҳәa ихыркәшaн, aиaaирa ргеит Ингиртәи aхәмaрҩцәa.

Зызшьaпык хҵәоу aшьaпылaмпылaсҩцәa ркомaндa «Одишьи» еиҿкaaн 2014 шықәсaзы, иҳәынҭқaррaтәым aиҿкaaрa «Ҳaнги» aбaзaҿы. 2014 шықәсaзы aри aкомaндa Қырҭтәылa aчемпионс иҟaлеит, ҵыҧх 3-тәи aҭыҧ aaныркылеит.

Print E-mail
Twitter
Ари aмaтериaлқәa
Мышқәак раҧхьа, аштангист ӡҕаб Наҭиа Гаделиа Саудтәи Аравиа
имҩаҧысуаз адунеи ачемпионат аҟынтә илызгәакьоу жәыргьыҭтәи ақыҭа
Риҟеҟа дхынҳәит адунеи ачемпион атитул ала. Лшьамхаҿы атравма
шлымазгьы, Наҭиа лхықәкы налыгӡеит. Аспортсмен ӡҕаб лазыҟаҵаҩгьы
лызгәыбылцәагьы агәырҕьара ду рзаалгеит.

Қырҭтәылеи Европеи рчемпион адунеи ачемпионат аҿы 17 шықәсанӡа
зхыҵуа аспортсменцәа рыгәҭа қәҿиарала дықәгылеит - ашьҭқәыцәаараҿы
85/88/91 кьылала араӡнытә медал лгеит. Ирҭрысны ашьҭыхраҿы
108/113/117 кьыла шьҭыхны, ахьтәы медал лгеит. Ҩ-хкык рыла
аицлабраҿгьы 208 кьыла шьҭыхны, ахьтәы медал лган, адунеи
ачемпионат аҿы Қырҭтәыла хьыӡрашәа дырҳәаратәы иҟалҵеит. Убри
адагьы, аштангист ӡҕаб ашьҭқәыцәаареи ҩ-хкык рыла аицлабреи рҿы 4 –
4 кьыла рыла Қырҭтәыла арекорд еиҕьалтәит.

Ишылҳәо ала, аиааира ашьҭахь, лара илзымдыуаз ауаа рҟынтәи илоуз
абзиареи ажәа хаақәеигәызҭаҵагас илзыҟалан, иаҳа еиҕьны аҽазыҟаҵара
далагоит. Аспортсмен ӡҕаб ишылҳәаз ала, уажәазы лара лзы аҵакы хада
амоуп 2022 шықәсазы ибзианы аҽазыҟаҵара, избанзар ҳаҧхьаҟа
имаҷымкәа жәларбжьаратәи атурнирқәа лзыҧшуп.

„Зеиҧшҟамлац ала амотивациа ду сымоуп. Арҭ ауаа еснагь агәахәара
рзаагара сҽазыскуеит“, - илҳәеит Наҭиа.

Лара зегьы раасҭа бзиа илбо ақәыҧшылараҿы, Риҟетәи аспорттә зал аҿы
есымша лҽазыҟалҵоит, лазыҟаҵаҩ хада Бежан Ҷиҷинаӡе илиҭо адҵақәа
зегьы ишахәҭоу ала иналыгӡар лҭахуп.

„Абри азал аҟынтәи ауп зегьы шалагаз, сазыҟаҵаҩ Бежан Ҷиҷинаӡе
ибзоурала. Аброуп раҧхьатәи ашьаҿақәа ахьыҟасҵаз, анеҩс, амилаҭтә
аизгашҟа сыргеит, аха, зегьы иреиҕьу сцәаныррақәа абри азал
иадҳәалоуп. Абрахь санаауа, еснагь гәыкала сгәырҕьоит, исылшо зегьы
ҟасҵар сҭахуп“, - иҳалҳәеит Наҭиа Гаделиа.

Лара адунеи ачемпионс дҟалеит жьҭаара 11 рзы, Баҭым иҟалаз арыцҳара
амшала Қырҭтәыла алахьеиқәҵаратә мшы анрылаҳәаз. Наҭиа абри
арыцҳара даараӡа лгәы иалсит, лиааира иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа
ирзылкит.

Риҟетәи аштангатә школ аҵаҩцәа рҟынтәи лара лымацара лакәӡам
Саудтәи Аравиа имҩаҧысуаз ачемпионат аҿы ақәҿиара зауз. Аштангист
Гурам Векуа араӡнытә 3 медалк игеит, Николоз Асарҭиа аџьазтә
медалки араӡнытә 2 медалки игеит. Дара авице-чемпионцәаны
иҟалеит.

Азыҟаҵаҩ хада Бежан Ҷиҷинаӡе иҵаҩцәа ироуз алҵшәақәа игәаҧхоит.
Иара иҵаҩцәа абри аҩыза ақәҿиарақәа ахьроуз уамашәа имбеит,
избанзар, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аицлабрақәа рҟынтә амедалқәа
рыда ихнымҳәыцт. Аспортсменцәа апандемиагьы рҧырхагамхеит, избанзар
дара еиҧҟьарада рҽазыҟарҵоит, аицлабрақәа рахь рҽазыҟаҵаны
ицеит.

Бежан Ҷиҷинаӡе иҳәамҭала, аспортсмен иахәҭоу аҧҟарақәа наигӡалар,
игәахәтәы анагӡаразы ихы дамеигӡакәа аус иур, хымҧада ақәҿиара
иоуеит.

„Аспорт ахатә ҧҟарақәа амоуп, урҭ еилаугар, ухықәкы узынагӡом. Абри
аус аҿы адисциплина ауп ихадоу. Зегьы рыла уеиҿказаароуп -
аҽазыҟаҵара аангьы адәахьгьы“, - иҳәеит азыҟаҵаҩ хада.

Иара ирхыргахьоу ауадаҩрақәа игәалаиршәеит, Наҭаиа, аспортсмен ӡҕаб
лаҳасабала, абри зегьы ҷыдала илцәыуадаҩын. Наҭиа лыкәша-мыкәша
иҟоу ауаа реиҳара аштанга аҧҳәыс илусым, даҽа хырхарҭак ала лхы
лҧышәароуп ҳәа ирыҧхьаӡон.

„Наҭиа имаҷымкәа ауадаҩрақәа дырхысит. Амҩан илҧылозгьы еснагь
иларҳәон, Наҭиа абри аспорт баҭәаҳшьом, иалабхузеи ҳәа. Сара еснагь
иласҳәон, абри аус аҿы бманшәалахоит ҳәа. Избанзар лара лхаҭа ари
аспорт алылхит, ибҭаху ибҭахыму абри аспорт балалароуп ҳәа аӡәгьы
илеимҳәеит. Лара лхала дааины, аҽазыҟаҵара далагеит. Саргьы акыр
слыцхраан, адунеи ачемпионс дҟалеит“, - иҳаиҳәеит Бежан
Ҷиҷинаӡе.

Риҟетәи ашкол аштангистцәа рықәҿиарақәа егьырҭ аҿарацәагьы
гәызҭаҵагас ирзыҟалеит, аспорт абри ахкы ашҟа есышықәса азҿлымҳара
азҳауеит. Уажәазы аспортшкол иҭоуп 40ҩык аҵаҩцәа. Риҟе мацара
акәымкәа, егьырҭ ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҟынтәгьы абрахь иааны
рҽазыҟарҵоит. Азыҟаҵаҩ ишиҳәаз ала, апандемиа амшала агәыҧқәа
еиҟәыршеит, есымша 3-4 етапла рҽазыҟарҵоит. Азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла,
ҳаҧхьаҟа ашкол иаҳа идуу азал аҭаххоит.

Адунеи ачемпион Наҭиа Гаделиа аштанга знапы азыркыр зҭаху
ақьыҭаӡҕабцәа рзы дҿырҧшыгахеит. Наҭиа дналываргыланы, даҽа
ӡҕабкгьы ашкол дҭалоит, аха адунеи ачемпион ишылҳәаз ала, хара
имгакәа иаҳа ирацәаны аӡҕабцәа абри аус рҽазыркуеит.
09:58 / 24.10.2021
Мышқәак раҧхьа, аштангист ӡҕаб Наҭиа Гаделиа Саудтәи Аравиа имҩаҧысуаз адунеи ачемпионат аҟынтә илызгәакьоу жәыргьыҭтәи ақыҭа Риҟеҟа дхынҳәит адунеи ачемпион атитул ала. Лшьамхаҿы атравма шлымазгьы, Наҭиа лхықәкы налыгӡеит. Аспортсмен ӡҕаб лазыҟаҵаҩгьы лызгәыбылцәагьы агәырҕьара ду рзаалгеит.

Қырҭтәылеи Европеи рчемпион адунеи ачемпионат аҿы 17 шықәсанӡа зхыҵуа аспортсменцәа рыгәҭа қәҿиарала дықәгылеит - ашьҭқәыцәаараҿы 85/88/91 кьылала араӡнытә медал лгеит. Ирҭрысны ашьҭыхраҿы 108/113/117 кьыла шьҭыхны, ахьтәы медал лгеит. Ҩ-хкык рыла аицлабраҿгьы 208 кьыла шьҭыхны, ахьтәы медал лган, адунеи ачемпионат аҿы Қырҭтәыла хьыӡрашәа дырҳәаратәы иҟалҵеит. Убри адагьы, аштангист ӡҕаб ашьҭқәыцәаареи ҩ-хкык рыла аицлабреи рҿы 4 – 4 кьыла рыла Қырҭтәыла арекорд еиҕьалтәит.

Ишылҳәо ала, аиааира ашьҭахь, лара илзымдыуаз ауаа рҟынтәи илоуз абзиареи ажәа хаақәеигәызҭаҵагас илзыҟалан, иаҳа еиҕьны аҽазыҟаҵара далагоит. Аспортсмен ӡҕаб ишылҳәаз ала, уажәазы лара лзы аҵакы хада амоуп 2022 шықәсазы ибзианы аҽазыҟаҵара, избанзар ҳаҧхьаҟа имаҷымкәа жәларбжьаратәи атурнирқәа лзыҧшуп.

„Зеиҧшҟамлац ала амотивациа ду сымоуп. Арҭ ауаа еснагь агәахәара рзаагара сҽазыскуеит“, - илҳәеит Наҭиа.

Лара зегьы раасҭа бзиа илбо ақәыҧшылараҿы, Риҟетәи аспорттә зал аҿы есымша лҽазыҟалҵоит, лазыҟаҵаҩ хада Бежан Ҷиҷинаӡе илиҭо адҵақәа зегьы ишахәҭоу ала иналыгӡар лҭахуп.

„Абри азал аҟынтәи ауп зегьы шалагаз, сазыҟаҵаҩ Бежан Ҷиҷинаӡе ибзоурала. Аброуп раҧхьатәи ашьаҿақәа ахьыҟасҵаз, анеҩс, амилаҭтә аизгашҟа сыргеит, аха, зегьы иреиҕьу сцәаныррақәа абри азал иадҳәалоуп. Абрахь санаауа, еснагь гәыкала сгәырҕьоит, исылшо зегьы ҟасҵар сҭахуп“, - иҳалҳәеит Наҭиа Гаделиа.

Лара адунеи ачемпионс дҟалеит жьҭаара 11 рзы, Баҭым иҟалаз арыцҳара амшала Қырҭтәыла алахьеиқәҵаратә мшы анрылаҳәаз. Наҭиа абри арыцҳара даараӡа лгәы иалсит, лиааира иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа ирзылкит.

Риҟетәи аштангатә школ аҵаҩцәа рҟынтәи лара лымацара лакәӡам Саудтәи Аравиа имҩаҧысуаз ачемпионат аҿы ақәҿиара зауз. Аштангист Гурам Векуа араӡнытә 3 медалк игеит, Николоз Асарҭиа аџьазтә медалки араӡнытә 2 медалки игеит. Дара авице-чемпионцәаны иҟалеит.

Азыҟаҵаҩ хада Бежан Ҷиҷинаӡе иҵаҩцәа ироуз алҵшәақәа игәаҧхоит. Иара иҵаҩцәа абри аҩыза ақәҿиарақәа ахьроуз уамашәа имбеит, избанзар, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аицлабрақәа рҟынтә амедалқәа рыда ихнымҳәыцт. Аспортсменцәа апандемиагьы рҧырхагамхеит, избанзар дара еиҧҟьарада рҽазыҟарҵоит, аицлабрақәа рахь рҽазыҟаҵаны ицеит.

Бежан Ҷиҷинаӡе иҳәамҭала, аспортсмен иахәҭоу аҧҟарақәа наигӡалар, игәахәтәы анагӡаразы ихы дамеигӡакәа аус иур, хымҧада ақәҿиара иоуеит.

„Аспорт ахатә ҧҟарақәа амоуп, урҭ еилаугар, ухықәкы узынагӡом. Абри аус аҿы адисциплина ауп ихадоу. Зегьы рыла уеиҿказаароуп - аҽазыҟаҵара аангьы адәахьгьы“, - иҳәеит азыҟаҵаҩ хада.

Иара ирхыргахьоу ауадаҩрақәа игәалаиршәеит, Наҭаиа, аспортсмен ӡҕаб лаҳасабала, абри зегьы ҷыдала илцәыуадаҩын. Наҭиа лыкәша-мыкәша иҟоу ауаа реиҳара аштанга аҧҳәыс илусым, даҽа хырхарҭак ала лхы лҧышәароуп ҳәа ирыҧхьаӡон.

„Наҭиа имаҷымкәа ауадаҩрақәа дырхысит. Амҩан илҧылозгьы еснагь иларҳәон, Наҭиа абри аспорт баҭәаҳшьом, иалабхузеи ҳәа. Сара еснагь иласҳәон, абри аус аҿы бманшәалахоит ҳәа. Избанзар лара лхаҭа ари аспорт алылхит, ибҭаху ибҭахыму абри аспорт балалароуп ҳәа аӡәгьы илеимҳәеит. Лара лхала дааины, аҽазыҟаҵара далагеит. Саргьы акыр слыцхраан, адунеи ачемпионс дҟалеит“, - иҳаиҳәеит Бежан Ҷиҷинаӡе.

Риҟетәи ашкол аштангистцәа рықәҿиарақәа егьырҭ аҿарацәагьы гәызҭаҵагас ирзыҟалеит, аспорт абри ахкы ашҟа есышықәса азҿлымҳара азҳауеит. Уажәазы аспортшкол иҭоуп 40ҩык аҵаҩцәа. Риҟе мацара акәымкәа, егьырҭ ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҟынтәгьы абрахь иааны рҽазыҟарҵоит. Азыҟаҵаҩ ишиҳәаз ала, апандемиа амшала агәыҧқәа еиҟәыршеит, есымша 3-4 етапла рҽазыҟарҵоит. Азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла, ҳаҧхьаҟа ашкол иаҳа идуу азал аҭаххоит.

Адунеи ачемпион Наҭиа Гаделиа аштанга знапы азыркыр зҭаху ақьыҭаӡҕабцәа рзы дҿырҧшыгахеит. Наҭиа дналываргыланы, даҽа ӡҕабкгьы ашкол дҭалоит, аха адунеи ачемпион ишылҳәаз ала, хара имгакәа иаҳа ирацәаны аӡҕабцәа абри аус рҽазыркуеит.
19 шықәсанӡа зхыҵуа Қырҭтәыла аҳәса реизга Европа ачемпионат азы
аҽазыҟаҵара иаҿуп,
17:31 / 05.02.2020
19 шықәсанӡа зхыҵуа Қырҭтәыла аҳәса реизга Европа ачемпионат азы аҽазыҟаҵара иаҿуп,
Автор: Нино Ҭолораиа

Ҭаҭиеи, Ҭамари, Еленеи Европа аҿартә чемпионат аҿы аҧхьахәтә ҭыҧқәа
ааныркылеит. Жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа рыхҩыкгьы рспорттә
18:01 / 29.01.2020
Автор: Нино Ҭолораиа

Ҭаҭиеи, Ҭамари, Еленеи Европа аҿартә чемпионат аҿы аҧхьахәтә ҭыҧқәа ааныркылеит. Жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа рыхҩыкгьы рспорттә
Урыстәылатәи ақалақьт Ижевск имҩаҧысуаз 23 шықәсанӡа зхыҵуа
рыбжьара аӡиудо
10:02 / 04.11.2019
Урыстәылатәи ақалақьт Ижевск имҩаҧысуаз 23 шықәсанӡа зхыҵуа рыбжьара аӡиудо
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала