Аспорт
Аҧснынтә ихҵәоу акаратист иқәҿиарақәеи Токио имҩаҧысраны иҟоу аолимпиадазы аҽазыҟаҵареи
Автор: Нино Ҭолорaиa

Аҧснынтә ахҵәа Гогита Арқаниа уажәааны Париж имҩаҧысуаз аицлабрақәа рҿы аиааира игеит. Аспортсмен Франциантә Қырҭтәылаҟа дхынҳәит ахьтәы медал иманы. Иара раҧхьатәи ақырҭуа каратиступ WKF аверсиа ала адунеи чемпионс иҟалаз. Гогита Арқаниа даҽа хықәкык имоуп, Токио имҩаҧысраны иҟоу аолимпиадаҿы аиааира игар иҭахуп. Парижынтә ихынҳәыз аспортсмен диацәажәеит „Лаивпресс“ акорреспондент.

Лаивпресс: Париж имҩаҧысыз аицлабрақәа ирызкны иаҳзеиҭашәҳәа, аҽазыҟаҵареи аиааира азықәҧареи уадаҩызма?

Гогита Арқаниа: Уи апремиерлига акәын, ҽакала иаҳҳәозар, аолимпиадазы ареитингтә аицлабра. Акапантә категориақәа хәба рҿы имҩаҧысит. Сара +84 кьыла акапантә категориаҿы сеицлабуан. 5 еиҧыларак мҩаҧызгеит. Афинал аҿы Ирантәи аспортсмен даҵасырхит.

Лаивпресс: Афиналнӡа шәышҧанеи?

Гогита Арқаниа: Афиналнӡа снеиаанӡа, Аргентинатәи, Македониатәи. Египеттәи аспортсменцәа среицлабуан. Афиналбжаҿы Ирантәи акаратист сиацлабуан. Уи даараӡа дыҕәҕәоуп.

Лаивпресс: Абарҭ аицлабрақәа рзы ҷыдала шәҽазыҟашәҵозма?

Гогита Арқаниа: Аҽазыҟаҵаратә процесс аплан инақәыршәаны имҩаҧысуан. Раҧхьатәи аетап Қырҭтәыла имҩаҧысит. Махәҿала сҽазыҟасҵон. Париж сдәықәлаанӡа, Бақәа аизгарақәа срылахәын. Азербаиџьан аизга алахәылацәа срыцны сҽазыҟасҵон, сара сазыҟазҵо Николоз Ҵурҵумиа инапхгарала. Уажәы уи Германтәыла дынхоит. Сара уаагьы сҽазыҟасҵоит.

Лаивпресс: Шәкариераҿы шаҟантә аиааира жәгахьои?

Гогита Арқаниа: Аофициалтә аицлабрақәа рҿы раҧхьаӡа акәны ақәҿиара соуит 2005 шықәсазы, Европа ачемпионат аҿы. Усҟан аџьазтә медал згеит. Анеҩс, 2008 шықәсазы Токио имҩаҧысуаз адунеи ачемпионат аҿы ахҧатәи аҭыҧ згеит. Зегьы реиҳа идууз ақәҿиара сыман 2014 шықәсазы, Германтәыла имҩаҧысуаз аицлабрақәа рҿы адунеи ачемпион ититул соуит. Сара раҧхьатәи ақырҭуа каратиступ WKF аверсиа ала адунеи ачемпионс иҟалаз.

Сара Аҧсны сиит. Жәыргьыҭ аҩбатәи абжьаратә школ салгеит. Карате азы аҽазыҟаҵарагьы Жәыргьыҭ салагеит.

Лаивпресс: Жәыргьыҭ имҩаҧыжәгаз ашықәсқәа ирызкны иаҳзеиҭашәҳәа. Аҽазыҟаҵара шәаналага шаҟа шықәса шәхыҵуазеи, уахь шәназгада, аспорт ари ахкы шәзазҿлымҳахеи?

Гогита Арқаниа: Схәыҷра зегьы Жәыргьыҭ имҩаҧызгеит. 18 шықәса схыҵаанӡа уа сыҟан. Уаҟа аҩызцәа рацәаны исымоуп, ари ақалақь даараӡа бзиа избоит. Ашкол аҿы акарате агәыҧ аадыртит. Раҧхьатәи сырҵаҩы Гела Гогохиа иакәын. Инақәырҧшны, ҩышықәсеи бжаки сҽазыҟасҵон. Аспорт салахәызар сҭахын, агәыҧ анаадырты салалеит. Сҭаацәа ирыздырӡомызт аҽазыҟаҵара сшалагаз.

Лаивпресс: Акарате изалшәхи?

Гогита Арқаниа: Жәыргьыҭ акаратеи ашьапылампыли акәын иҟаз. Убарҭ рыда Жәыргьыҭ уаҳа аспорт хкык иҟан ҳәа сгәы иаанагомызт. Акарате салалеит, хымҧада ақәҿиара соуроуп ҳәа схы иазысҳәеит, абри акәын хықәкыс исымаз. Ус егьыҟалеит, насыҧ сымазаарын.

Лаивпресс: Шәара шәхаҭагьы аспорт шәалахәып, егьи аганахьала, ахәыҷқәагьы иазыҟашәҵоит...

Гогита Арқаниа: Сареи сыҧҳәыси акарате аклуб „Алигатор“ ҳамоуп. Уи Қырҭтәыла аҩнуҵҟагьы аҳәаанырцәгьы ақәҿиара аиухьеит.

Лаивпресс: Ахәыҷқәа шаҟаҩы иҟада, зегьы иреиҵбу ихыҵуеи?

Гогита Арқаниа: 5 шықәса зхыҵхьоу ҳадаҳкылоит. 70ҩык раҟара аҵаҩцәа ҳамоуп. Ҳҵаҩцәа Европа ачемпионатқәа рҿы аҧхьахәқәа ргахьеит, аҿартә аизга иалоуп. Ари ашкол жәашықәса раҧхьа ишьаҭаҳкит.

Лаивпресс: Акаратистцәа рҟынтәи шәара шәзы иҿырҧшыгада?

Гогита Арқаниа: Саныхәыҷыз, егьырҭ реиҧшҵәҟьа, саргьы афильмқәа срыхәаҧшуан. Чак Норрис дысгәыҧхон. Гәахәара ду ала ифильмқәа срыхәаҧшуан. Аҟаза иаҳасабла даараӡа дысгәаҧхон.

Лаивпресс: Жәыргьыҭҟа лассы - лассы шәаауама?

Гогита Арқаниа: Иацоуп Қырҭтәыла санааиз. Ҩымчыбжь рышьҭахь сеиҭадәықәлоит. Еснагь џьара сыҟоуп. Чарак иҟазар, хымҧада сҩызцәа сырҭаауеит. Ҧсрак ҟаларгьы, Қырҭтәыла сыҟазар, хымҧада снеиуеит. Егьы абжьарахь, даараӡа сеилахоуп.

Лаивпресс: Шәҩызцәеи шәареи аимадара шәыбжьазар ҟалап...

Гогита Арқаниа: Аҩызцәа рацәаны исымоуп. Урҭ шәаргьы ижәдыруазар ҟалап - Даҭо Қириа сҩыза гәакьа иоуп. Мамука Ҟурашвили, ҳфедерациа ахада. Малхаз Паҷкориа сырҵаҩы иакәын.

Лаивпресс: Шәықәҿирақәа зыбзоурои? Иарбан ҟазшьақәоу ари аус аҿы ишәыцхрааз?

Гогита Арқаниа: Қәҿиарак уоурцаз аџьабаа ду батәуп, хықәкыс иумазароуп. Ахықәкы умазар, аџьабаа убозар, аҵыхәтәаны хымҧада алҵшәа бзиа ҟалоит. Алҵшәақәа инрықәырҧшны, акарате азы Қырҭтәылаҿ зегьы иреиҕьуп Жәыргьыҭтәи ашкол. Уи фактуп. Саба Маниа дыҟоуп, иҵегьы имаҷымкуа ахәыҷқәа бзиақәа аауеит. Насгьы, Ирма Шерозиа лыӡбахәгьы шәаҳахьазар ҟалап, уигьы жәыргьыҭтәи ашкол дахаҭарнакуп. Урыстәыла ахьӡала дықәгылон. Европа ачемпиони аҧхьахәгаҩи лоуп. Иара убас, Николоз Ҵурҵумиа, Германтәыла ахьӡала дықәгылоит. Жәыргьыҭтәи ашкол ауп, Жәыргьыҭ иҽазыҟаиҵон. Германтәыла дықәгылоит. Уигьы Европа ачемпиони адунеи аҧхьахәгаҩи иоуп.

Лаивпресс: Иарбан аицлабрақәоу ҳаҧхьаҟа ишәзыҧшу?

Гогита Арқаниа: Анеҩстәи аицлабрақәа Дубаи имҩаҧысуеит. Еиҭах премиерлига, ареитингтә аицлаброуп. Уаҵәы инаркны аҽазыҟаҵара салагоит.

Лаивпресс: Токио аҧхынтә олимпиада азгьы шәҽазыҟашәҵоит...

Гогита Арқаниа: Токио аолимпиада мҩаҧысуеит 2020 шықәсазы. Сынтәа Минск Европа ахәмаррақәа мҩаҧысуеит, ҽакала иаҳҳәозар, Европа аолимпиада. Ареитинг аҿы аҭыҧ ҳаракы аанкыларазы абарҭ аетапқәа зегьы урхысроуп, аолимпиатә хәмаррақәа рзы алицензиа уоурц азыҳәан. Ҽакала аолимпиада узалахәхәом. 2020 шықәса лаҵарамзазы аҵыхәтәантәи аицлабрақәа мҩаҧысуеит, аҵыхәтәантәи алҵшәақәа еилкаахоит.

Лаивпресс: Акаратеи аспорти рыда, уаҳа интересс ишәымои? Аамҭа аншәымоу, зыҟаҵара еиҕьашәшьои?

Гогита Арқаниа: Ашьапылампыл сахәаҧшуеит. Ӡиудо ахәаҧшра бзиа избоит. Сара схаҭа сҽазыҟамҵозар, бжеиҳарала, аклуб аҿы сыҟоуп, ахәыҷқәа иазыҟасҵоит. Сыҧсҭазаара зегьы аспорт иадҳәалоуп. Сҭаацәарагьы аспорт иазҿлымҳауп.