Аспорт
Алеқсандр Гегеҷкори раҧхьатәи ақырҭуа иоуп маланыҟәала адунеитә аиҧхныҩлара иалахәхо
FaceBook Twitter
E-mail Print
39 шықәса зхыҵуа Алеқсандр Гегеҷкори раҧхьатәи ақырҭуа иоуп адунеи еицырдыруа маланыҟәала аиҧхныҩлара Париж - Брест - Париж иалахәхо.

Жәыргьыҭтәи араион иаҵанакуа Урҭи ақыҭа иалҵыз, аспорт абзиабаҩ, маланыҟәала аиҧхныҩларанӡа иакымкуа аквалификациатә ҧышәарақәа қәҿиарала дырхысит, уи азыҳәан Франциантә амедалгьы изаарышьҭит.

Занааҭла аиуристи аекономисти, уажәазы бизнес маҷк имоуп, иҭаацәара иманы Қарҭ дынхоит. 5 шықәса раҧхьа, аҳақьым ибжьгара ала, амаланыҟәа дазҿлымҳахеит. Усҟан ихаҿы изаагомызт ари атранспорт абзоурала иҧсҭазаараҿы аетап ҿыц ишалагоз. Алеқсандр Гегеҷкори Қарҭынтә иқыҭашҟа, Урҭаҟа, 4-нтә амаланыҟәала дцахьеит. Иқыҭанӡа 324 километр бжьоуп, ари амҩа 16 сааҭ рыла дахысуеит. Амаланыҟәала анаҟәоу ашҟагьы дхалахьеит. Иахьанӡа дызхысхьоу, зегьы реиҳа идуу адистанциа 600 километр иаҟароуп.

Амаланыҟәа ала Қырҭтәыла зегьы даналс ашьҭахь, амаланыҟәа абзиабаҩ ахықәкы ҿыц изцәырҵит, Париж - Брест - Париж 1200 километртәи амарафон ихы алаирхәыр иҭаххеит. Аинтернет аҿы аицлабрақәа ирызку аинформациа ҧшааны, ари аус иҽалеигалеит. Сынтәа Париж - Брест маланыҟәала аиҧхныҩлара рхы аладырхәыр рҭахын 100 нызқьҩык ауааҧсыра, аха урҭ рҟынтәи 7 нызқьҩык мацара алырхит.

„Париж-Брест-Париж амарафон аҽалархәразы, хымҧада амарафонцәа рклуб уалахәызароуп, аклуб еиҿкаан 2018 шықәсазы. Сара сыда ари аклуб макьана аӡәгьы далам. Сара хықәкык сымоуп, Қырҭтәыла излауа ала ирацәаны ауааҧсыра амаланыҟәатә спорт иазҿлымҳаханы, аклуб иалалар сҭахуп“, - иҳәеит Алеқсандр Гегеҷкори „Лаивпресс“ акорреспондент данлацәажәоз. 3 шықәса ҵуеит активла амаланыҟәала дныҟәоижьҭеи. Ишьамхы ахьихьуаз амшала, аҳақьым амаланыҟәала аныҟәара ибжьеигеит, ари аус ихәеит. Игәабзиара еиҕьхеит:

„Сшьамхи сыбҕеи зынӡаск исыхьӡом. 16 кьыла сыгхеит. Амаланыҟәала аныҟәара саналага 86 кьыла сыҟан, уажәы 70 сыҟоуп. Агәыхьгьы саргәамҵуан, аха уажәы изакәызаалак хьаак сымам. Жәакала иуҳәозар, иахьа Анцәа ишиҳәара сыҟоуп“.

Маланыҟәала аныҟәара далагаанӡа, Алеқсандр Гегеҷкори ашәарыцареи, ашьхахалареи, шьапыла аныҟәареи дазҿлымҳан. Уажәы иара изы амарафон ауп зегьы реиҳа ихадоу. Ишиҳәо ала, ауаҩы иқәра иахьыҧшымкуа, еснагь ари аспорт дазҿлымҳахар илшоит, иҭаххар ақәҿиарагьы иоуеит.  Алеқсандр Гегеҷкори Урҭатәи иҩыза Григол Дагаргулиа алаф шиҳәоз игәалашәеит. Акыршықәса раҧхьа, Алеқсандр маланыҟәала аныҟәара даналагоз, Григол Дагаргулиа Алеқсандр иҷкәын ҳамҭас ашәҟәы иҭаны, иақәиҩит: „Уаб ақәҿиара дуқәа иоуааит, амаланыҟәа дақәтәаны Қарҭынтә Жәыргьыҭнӡа даауа Анцәа дҟаиҵааит“. Хара имгакуа абарҭ иажәақәа нагӡахеит, усҟан иҩызцәа рхахьгьы иааиӡомызт шықәсқәак рышьҭахь Алеқсандр Париж - Брест амарафон алахәылацәа рыгәҭа дҟалоит ҳәа:

„Амарафон аҽалархәразы аквалификациатә ҧышәарақәа рыҭира амзызла, ҵыҧх 600 километр сахысит. Егьырҭ адистанциақәа етапла сырхысуан - 300, 400, нас еиҭах 600 километр. 600 километр иҟоу амарафон азы 40 сааҭ сырҭеит, сара ари адистанциа сахысит 35 сааҭи 50 минуҭи рыла. Алҵшәа бзиа сыман. Уи азыҳәан амедалгьы сырҭеит. Аофициалла Франциантә исзаарышьҭит“, - иҳәеит Алеқсандр.

Аквалификациатә ҧышәарақәа аелектронтә хархәага ала имҩаҧысуеит, аиҿкааҩцәа ари апроцесс Франциантә иахылаҧшуеит. Аҭел апрограммаҿы маланыҟәала аиҧхнылаҩ адистанциеи уи ахысра аамҭеи иазгәеиҭоит. Иара убас, аҧсшьара аамҭагьы иазгәарҭоит.

„Агәаҭаратә процесс ихьчоуп, уаҟа изакәызаалак еилагарак зыҟалом. Зегьы ихьчоуп. Убри аҩыза аборткомпиутер сымоуп, адыррақәа зегьы унарбоит“.

Сынтәа Қырҭтәыла Франциатәи амарафон иалахәып Алеқсандр Гегеҷкори иинициативала, уи амарафон иалахәы 67-тәи тәылоуп. Алеқсандр Гегеҷкори заҵәы иоуп Қырҭтәылантә ари амарафон иалахәы, уи аконкурент димам. Зегьы реиҳа ихадоу, амарафон азы ишьақәыргылоу анормативқәа қәҿиарала иҭиироуп, иара агәра ганы дыҟоуп ибзианы ишиҭиуа. Рашәарамзазы Алеқсандр Гегеҷкори амаланыҟәала Гыртәыла атур амҩаҧгара игәы иҭоуп. 400 километр дахысраны дыҟоуп - Сенаки – Чхороҵҟу – Ҵаленџьиха - Жәыргьыҭ.

Париж - Брест - Париж адунеи еицырдыруа марафонуп, уи 1891 шықәса инаркны имҩаҧысуеит. Амарафон алахәылацәа Парижынтә Брестҟа инеины, шьҭахьҟа ихынҳәыроуп. Сынтәа амарафон мҩаҧысуеит нанҳәа 18-22 рзы. Аиааирагаҩцәаны иҧхьаӡахоит 1200 километр 85-90 сааҭ рыла иахысуа алахәылацәа зегьы. Алеқсандр Гегеҷкори Қырҭтәыла абираҟ зну амаика ишәҵаны дықәгылоит, иара иҳәамҭала, аиааира игахьеит ҳәа иҧхьаӡоит, избанзар раҧхьатәи ақырҭуа иоуп ари амарафон иалахәхо.

Print E-mail
Twitter
Ари aмaтериaлқәa
Мышқәак раҧхьа, аштангист ӡҕаб Наҭиа Гаделиа Саудтәи Аравиа
имҩаҧысуаз адунеи ачемпионат аҟынтә илызгәакьоу жәыргьыҭтәи ақыҭа
Риҟеҟа дхынҳәит адунеи ачемпион атитул ала. Лшьамхаҿы атравма
шлымазгьы, Наҭиа лхықәкы налыгӡеит. Аспортсмен ӡҕаб лазыҟаҵаҩгьы
лызгәыбылцәагьы агәырҕьара ду рзаалгеит.

Қырҭтәылеи Европеи рчемпион адунеи ачемпионат аҿы 17 шықәсанӡа
зхыҵуа аспортсменцәа рыгәҭа қәҿиарала дықәгылеит - ашьҭқәыцәаараҿы
85/88/91 кьылала араӡнытә медал лгеит. Ирҭрысны ашьҭыхраҿы
108/113/117 кьыла шьҭыхны, ахьтәы медал лгеит. Ҩ-хкык рыла
аицлабраҿгьы 208 кьыла шьҭыхны, ахьтәы медал лган, адунеи
ачемпионат аҿы Қырҭтәыла хьыӡрашәа дырҳәаратәы иҟалҵеит. Убри
адагьы, аштангист ӡҕаб ашьҭқәыцәаареи ҩ-хкык рыла аицлабреи рҿы 4 –
4 кьыла рыла Қырҭтәыла арекорд еиҕьалтәит.

Ишылҳәо ала, аиааира ашьҭахь, лара илзымдыуаз ауаа рҟынтәи илоуз
абзиареи ажәа хаақәеигәызҭаҵагас илзыҟалан, иаҳа еиҕьны аҽазыҟаҵара
далагоит. Аспортсмен ӡҕаб ишылҳәаз ала, уажәазы лара лзы аҵакы хада
амоуп 2022 шықәсазы ибзианы аҽазыҟаҵара, избанзар ҳаҧхьаҟа
имаҷымкәа жәларбжьаратәи атурнирқәа лзыҧшуп.

„Зеиҧшҟамлац ала амотивациа ду сымоуп. Арҭ ауаа еснагь агәахәара
рзаагара сҽазыскуеит“, - илҳәеит Наҭиа.

Лара зегьы раасҭа бзиа илбо ақәыҧшылараҿы, Риҟетәи аспорттә зал аҿы
есымша лҽазыҟалҵоит, лазыҟаҵаҩ хада Бежан Ҷиҷинаӡе илиҭо адҵақәа
зегьы ишахәҭоу ала иналыгӡар лҭахуп.

„Абри азал аҟынтәи ауп зегьы шалагаз, сазыҟаҵаҩ Бежан Ҷиҷинаӡе
ибзоурала. Аброуп раҧхьатәи ашьаҿақәа ахьыҟасҵаз, анеҩс, амилаҭтә
аизгашҟа сыргеит, аха, зегьы иреиҕьу сцәаныррақәа абри азал
иадҳәалоуп. Абрахь санаауа, еснагь гәыкала сгәырҕьоит, исылшо зегьы
ҟасҵар сҭахуп“, - иҳалҳәеит Наҭиа Гаделиа.

Лара адунеи ачемпионс дҟалеит жьҭаара 11 рзы, Баҭым иҟалаз арыцҳара
амшала Қырҭтәыла алахьеиқәҵаратә мшы анрылаҳәаз. Наҭиа абри
арыцҳара даараӡа лгәы иалсит, лиааира иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа
ирзылкит.

Риҟетәи аштангатә школ аҵаҩцәа рҟынтәи лара лымацара лакәӡам
Саудтәи Аравиа имҩаҧысуаз ачемпионат аҿы ақәҿиара зауз. Аштангист
Гурам Векуа араӡнытә 3 медалк игеит, Николоз Асарҭиа аџьазтә
медалки араӡнытә 2 медалки игеит. Дара авице-чемпионцәаны
иҟалеит.

Азыҟаҵаҩ хада Бежан Ҷиҷинаӡе иҵаҩцәа ироуз алҵшәақәа игәаҧхоит.
Иара иҵаҩцәа абри аҩыза ақәҿиарақәа ахьроуз уамашәа имбеит,
избанзар, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аицлабрақәа рҟынтә амедалқәа
рыда ихнымҳәыцт. Аспортсменцәа апандемиагьы рҧырхагамхеит, избанзар
дара еиҧҟьарада рҽазыҟарҵоит, аицлабрақәа рахь рҽазыҟаҵаны
ицеит.

Бежан Ҷиҷинаӡе иҳәамҭала, аспортсмен иахәҭоу аҧҟарақәа наигӡалар,
игәахәтәы анагӡаразы ихы дамеигӡакәа аус иур, хымҧада ақәҿиара
иоуеит.

„Аспорт ахатә ҧҟарақәа амоуп, урҭ еилаугар, ухықәкы узынагӡом. Абри
аус аҿы адисциплина ауп ихадоу. Зегьы рыла уеиҿказаароуп -
аҽазыҟаҵара аангьы адәахьгьы“, - иҳәеит азыҟаҵаҩ хада.

Иара ирхыргахьоу ауадаҩрақәа игәалаиршәеит, Наҭаиа, аспортсмен ӡҕаб
лаҳасабала, абри зегьы ҷыдала илцәыуадаҩын. Наҭиа лыкәша-мыкәша
иҟоу ауаа реиҳара аштанга аҧҳәыс илусым, даҽа хырхарҭак ала лхы
лҧышәароуп ҳәа ирыҧхьаӡон.

„Наҭиа имаҷымкәа ауадаҩрақәа дырхысит. Амҩан илҧылозгьы еснагь
иларҳәон, Наҭиа абри аспорт баҭәаҳшьом, иалабхузеи ҳәа. Сара еснагь
иласҳәон, абри аус аҿы бманшәалахоит ҳәа. Избанзар лара лхаҭа ари
аспорт алылхит, ибҭаху ибҭахыму абри аспорт балалароуп ҳәа аӡәгьы
илеимҳәеит. Лара лхала дааины, аҽазыҟаҵара далагеит. Саргьы акыр
слыцхраан, адунеи ачемпионс дҟалеит“, - иҳаиҳәеит Бежан
Ҷиҷинаӡе.

Риҟетәи ашкол аштангистцәа рықәҿиарақәа егьырҭ аҿарацәагьы
гәызҭаҵагас ирзыҟалеит, аспорт абри ахкы ашҟа есышықәса азҿлымҳара
азҳауеит. Уажәазы аспортшкол иҭоуп 40ҩык аҵаҩцәа. Риҟе мацара
акәымкәа, егьырҭ ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҟынтәгьы абрахь иааны
рҽазыҟарҵоит. Азыҟаҵаҩ ишиҳәаз ала, апандемиа амшала агәыҧқәа
еиҟәыршеит, есымша 3-4 етапла рҽазыҟарҵоит. Азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла,
ҳаҧхьаҟа ашкол иаҳа идуу азал аҭаххоит.

Адунеи ачемпион Наҭиа Гаделиа аштанга знапы азыркыр зҭаху
ақьыҭаӡҕабцәа рзы дҿырҧшыгахеит. Наҭиа дналываргыланы, даҽа
ӡҕабкгьы ашкол дҭалоит, аха адунеи ачемпион ишылҳәаз ала, хара
имгакәа иаҳа ирацәаны аӡҕабцәа абри аус рҽазыркуеит.
09:58 / 24.10.2021
Мышқәак раҧхьа, аштангист ӡҕаб Наҭиа Гаделиа Саудтәи Аравиа имҩаҧысуаз адунеи ачемпионат аҟынтә илызгәакьоу жәыргьыҭтәи ақыҭа Риҟеҟа дхынҳәит адунеи ачемпион атитул ала. Лшьамхаҿы атравма шлымазгьы, Наҭиа лхықәкы налыгӡеит. Аспортсмен ӡҕаб лазыҟаҵаҩгьы лызгәыбылцәагьы агәырҕьара ду рзаалгеит.

Қырҭтәылеи Европеи рчемпион адунеи ачемпионат аҿы 17 шықәсанӡа зхыҵуа аспортсменцәа рыгәҭа қәҿиарала дықәгылеит - ашьҭқәыцәаараҿы 85/88/91 кьылала араӡнытә медал лгеит. Ирҭрысны ашьҭыхраҿы 108/113/117 кьыла шьҭыхны, ахьтәы медал лгеит. Ҩ-хкык рыла аицлабраҿгьы 208 кьыла шьҭыхны, ахьтәы медал лган, адунеи ачемпионат аҿы Қырҭтәыла хьыӡрашәа дырҳәаратәы иҟалҵеит. Убри адагьы, аштангист ӡҕаб ашьҭқәыцәаареи ҩ-хкык рыла аицлабреи рҿы 4 – 4 кьыла рыла Қырҭтәыла арекорд еиҕьалтәит.

Ишылҳәо ала, аиааира ашьҭахь, лара илзымдыуаз ауаа рҟынтәи илоуз абзиареи ажәа хаақәеигәызҭаҵагас илзыҟалан, иаҳа еиҕьны аҽазыҟаҵара далагоит. Аспортсмен ӡҕаб ишылҳәаз ала, уажәазы лара лзы аҵакы хада амоуп 2022 шықәсазы ибзианы аҽазыҟаҵара, избанзар ҳаҧхьаҟа имаҷымкәа жәларбжьаратәи атурнирқәа лзыҧшуп.

„Зеиҧшҟамлац ала амотивациа ду сымоуп. Арҭ ауаа еснагь агәахәара рзаагара сҽазыскуеит“, - илҳәеит Наҭиа.

Лара зегьы раасҭа бзиа илбо ақәыҧшылараҿы, Риҟетәи аспорттә зал аҿы есымша лҽазыҟалҵоит, лазыҟаҵаҩ хада Бежан Ҷиҷинаӡе илиҭо адҵақәа зегьы ишахәҭоу ала иналыгӡар лҭахуп.

„Абри азал аҟынтәи ауп зегьы шалагаз, сазыҟаҵаҩ Бежан Ҷиҷинаӡе ибзоурала. Аброуп раҧхьатәи ашьаҿақәа ахьыҟасҵаз, анеҩс, амилаҭтә аизгашҟа сыргеит, аха, зегьы иреиҕьу сцәаныррақәа абри азал иадҳәалоуп. Абрахь санаауа, еснагь гәыкала сгәырҕьоит, исылшо зегьы ҟасҵар сҭахуп“, - иҳалҳәеит Наҭиа Гаделиа.

Лара адунеи ачемпионс дҟалеит жьҭаара 11 рзы, Баҭым иҟалаз арыцҳара амшала Қырҭтәыла алахьеиқәҵаратә мшы анрылаҳәаз. Наҭиа абри арыцҳара даараӡа лгәы иалсит, лиааира иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа ирзылкит.

Риҟетәи аштангатә школ аҵаҩцәа рҟынтәи лара лымацара лакәӡам Саудтәи Аравиа имҩаҧысуаз ачемпионат аҿы ақәҿиара зауз. Аштангист Гурам Векуа араӡнытә 3 медалк игеит, Николоз Асарҭиа аџьазтә медалки араӡнытә 2 медалки игеит. Дара авице-чемпионцәаны иҟалеит.

Азыҟаҵаҩ хада Бежан Ҷиҷинаӡе иҵаҩцәа ироуз алҵшәақәа игәаҧхоит. Иара иҵаҩцәа абри аҩыза ақәҿиарақәа ахьроуз уамашәа имбеит, избанзар, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аицлабрақәа рҟынтә амедалқәа рыда ихнымҳәыцт. Аспортсменцәа апандемиагьы рҧырхагамхеит, избанзар дара еиҧҟьарада рҽазыҟарҵоит, аицлабрақәа рахь рҽазыҟаҵаны ицеит.

Бежан Ҷиҷинаӡе иҳәамҭала, аспортсмен иахәҭоу аҧҟарақәа наигӡалар, игәахәтәы анагӡаразы ихы дамеигӡакәа аус иур, хымҧада ақәҿиара иоуеит.

„Аспорт ахатә ҧҟарақәа амоуп, урҭ еилаугар, ухықәкы узынагӡом. Абри аус аҿы адисциплина ауп ихадоу. Зегьы рыла уеиҿказаароуп - аҽазыҟаҵара аангьы адәахьгьы“, - иҳәеит азыҟаҵаҩ хада.

Иара ирхыргахьоу ауадаҩрақәа игәалаиршәеит, Наҭаиа, аспортсмен ӡҕаб лаҳасабала, абри зегьы ҷыдала илцәыуадаҩын. Наҭиа лыкәша-мыкәша иҟоу ауаа реиҳара аштанга аҧҳәыс илусым, даҽа хырхарҭак ала лхы лҧышәароуп ҳәа ирыҧхьаӡон.

„Наҭиа имаҷымкәа ауадаҩрақәа дырхысит. Амҩан илҧылозгьы еснагь иларҳәон, Наҭиа абри аспорт баҭәаҳшьом, иалабхузеи ҳәа. Сара еснагь иласҳәон, абри аус аҿы бманшәалахоит ҳәа. Избанзар лара лхаҭа ари аспорт алылхит, ибҭаху ибҭахыму абри аспорт балалароуп ҳәа аӡәгьы илеимҳәеит. Лара лхала дааины, аҽазыҟаҵара далагеит. Саргьы акыр слыцхраан, адунеи ачемпионс дҟалеит“, - иҳаиҳәеит Бежан Ҷиҷинаӡе.

Риҟетәи ашкол аштангистцәа рықәҿиарақәа егьырҭ аҿарацәагьы гәызҭаҵагас ирзыҟалеит, аспорт абри ахкы ашҟа есышықәса азҿлымҳара азҳауеит. Уажәазы аспортшкол иҭоуп 40ҩык аҵаҩцәа. Риҟе мацара акәымкәа, егьырҭ ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҟынтәгьы абрахь иааны рҽазыҟарҵоит. Азыҟаҵаҩ ишиҳәаз ала, апандемиа амшала агәыҧқәа еиҟәыршеит, есымша 3-4 етапла рҽазыҟарҵоит. Азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла, ҳаҧхьаҟа ашкол иаҳа идуу азал аҭаххоит.

Адунеи ачемпион Наҭиа Гаделиа аштанга знапы азыркыр зҭаху ақьыҭаӡҕабцәа рзы дҿырҧшыгахеит. Наҭиа дналываргыланы, даҽа ӡҕабкгьы ашкол дҭалоит, аха адунеи ачемпион ишылҳәаз ала, хара имгакәа иаҳа ирацәаны аӡҕабцәа абри аус рҽазыркуеит.
19 шықәсанӡа зхыҵуа Қырҭтәыла аҳәса реизга Европа ачемпионат азы
аҽазыҟаҵара иаҿуп,
17:31 / 05.02.2020
19 шықәсанӡа зхыҵуа Қырҭтәыла аҳәса реизга Европа ачемпионат азы аҽазыҟаҵара иаҿуп,
Автор: Нино Ҭолораиа

Ҭаҭиеи, Ҭамари, Еленеи Европа аҿартә чемпионат аҿы аҧхьахәтә ҭыҧқәа
ааныркылеит. Жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа рыхҩыкгьы рспорттә
18:01 / 29.01.2020
Автор: Нино Ҭолораиа

Ҭаҭиеи, Ҭамари, Еленеи Европа аҿартә чемпионат аҿы аҧхьахәтә ҭыҧқәа ааныркылеит. Жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа рыхҩыкгьы рспорттә
Урыстәылатәи ақалақьт Ижевск имҩаҧысуаз 23 шықәсанӡа зхыҵуа
рыбжьара аӡиудо
10:02 / 04.11.2019
Урыстәылатәи ақалақьт Ижевск имҩаҧысуаз 23 шықәсанӡа зхыҵуа рыбжьара аӡиудо
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала