Аспорт
Европаҿы аҧхьахәқәа згаз жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа [афото]
Автор: Нино Ҭолораиа

Ҭаҭиеи, Ҭамари, Еленеи Европа аҿартә чемпионат аҿы аҧхьахәтә ҭыҧқәа ааныркылеит. Жәыргьыҭтәи аӡҕабцәа рыхҩыкгьы рспорттә ҭоурыхқәа еиҧшуп. Абокс иахьатәи рыҧсҭазараҿы ахадаратә ҭыҧ ааннакылоит, ҳаҧхьаҟа занааҭс иалырхыр ауеит. Аспорт ари ахкы бзиа ирбан, аҽазыҟаҵра иалагеит, уажәазы аспорт рыҧсҭазаараҿы зегьы реиҳа бзиа ирбо усуп. Убри аҟынтә, аӡынразы, хәылбыҽхан, асааҭ ааба рзы, ианыхәлоу, ианхьшәашәароу, имаашьакәа, аҧхарра ахьыҟам азал ашҟа ицаны, рҽазыҟарҵоит.

Ҷыдала еиҿкаау аринг аҿы рымчқәа рҧышәоит, рҭаҷкәымқәа рыла разыҟаҵаҩ инапсыргәыҵа иасуа, ақырҭуа уаажәларраҿы ишьақәгылоу астереотип арбгара иаҿуп. Иара убас, рыкәша - мыкәша иҟоу ауаа агәра ддыргар рҭахуп абокс дара ишырусу.

Ҭаҭиа Букиа

Ҭаҭиа 14 шықәса лхыҵуеит. Шықәсыки бжаки роуп иҵхьоу аҽазыҟаҵара далагеижьҭеи, абри аамҭа кьаҿ иалагӡаны, жәа медалк лоухьеит. Урҭ рҟынтәи зегьы реиҳа ихадоуп Европа ачемпионат аҿы илгаз араӡнытә медал. Уи ҵыҧх ауп ианыҟалаз. Усҟан ирландиатәи украинатәи аспортсменцәа дыриааит, аха, афинал аҿы англыз ӡҕаб дылҧылан, даҵахеит.

"Сара саб ибзоуралоуп абокс ашҟа аныҟәара сшалагаз. Сад дкомиссарын, саргьы абри азанааҭ сымазар сҭахын, иара сиеиҧшзар сҭахын. Убри аҟынтә, ахацәа рспорт иаҳа сазҿлымҳан, абокс салаларц сыӡбеит", - илҳәеит Ҭаҭиа "Лаивпресс" акорреспондент данлацәажәоз.

Аханатә, лҭаацәа уамашәа ирбеит лара абри аҩыза аӡбара ахьлыдылкылаз. Аха, абокс занааҭс иалысхуеит ҳәа анылҳәа, даргьы мап рымкит. Лыкәша -мыкәша иҟоу ауаагьы лара абокс дахьалалаз уамашәа ирбеит, аха, уи амшала ҽакала илыхәаҧшуа иаламгеит.

Раҧхьатәи ақәҿиареи ахьтәы медали ирласӡаны илоуит. Уи Сенаки имҩаҧгаз аицлабрақәа рҿы иҟалеит. Уи анеҩс, Қырҭтәылеи уи анҭыҵи, еиуеиҧшым аицлабрақәа рҿы иҵегьы 9 медалк лгеит. Арҭ амедалқәа рҟынтәи акызаҵәык араӡнытәиуп, егьырҭ зегьы ахьтәы медалқәа роуп.

"Абокс ауп сара сзы зегьы реиҳа ихадоу. Уи сарҭынчуеит. Ҳаҧхьаҟагьы уи ауп занааҭс иалсхуа. Абри аус аҿы схы аасырҧшит ҳәа сгәы иаанагоит", - илҳәеит Ҭаҭиа.

Марио Пиузо иҧҵамҭақәа бзиа илбоит, аамҭа анлымоу ашәҟәқәа дрыҧхьоит. Аха, зны-зынла ауп абри аҩыза алшара анлымоу. Ашкол, аҽазыҟаҵарақәа, аицлабрақәа - абас ауп абоксиор ӡҕаб дшынхо.

Лгәы ишаанаго ала, абокс аӡҕабцәагьы ирнаалоит, аха, лара лгәаанагара иақәшаҳаҭым ауаа рацәоуп.

Ҭамар Самелиа

14 шықәса зхыҵуа Ҭамар Самелиагьы, Ҭаҭиа леиҧшҵәҟьа, лыҧсҭазаара зегьы абокс ишазылкуа лдыруеит. Ишылҳәаз ала, абокс ауп лыҧсҭазаараҿы зегьы реиҳа ихадоу. Лажәа кьаҿуп, аха, уезгьы, дыҧхашьа - ҧхаҵо, зегьы реиҳа ихадоу лҳәеит - дкарахаанӡа боксла аисра лҭахуп, лхы данақәиҭугьы уи ада акгьы лҭахӡам.

8 мза раҧхьа, лан, раҧхьаӡа акәны аспортзал ашҟа дналгеит. Башьа хәыҷы аҽазыҟаҵара дшаҿу ббап ҳәа лалҳәеит. Ҭамар изныкымкәа мап лкит, аха, аҵыхәтәаны, лан лаҳаҭыр баны дцан, убри инаркны абокс даҿынҵәаауеит.

"Сара абокс салаларц аӡәгьы иҭахӡамызт, зегьы раҵкыс санду илҭахӡамызт, избанзар уи аӡҕаб илусым ҳәа ргәы иаанагон, аха, нас, гәыкала ишысҭаху анырба, азин сырҭеит", - иаҳзеиҭалҳәоит Ҭамар.

Лҩызцәа лара лыӡбара ргәаҧхеит. Аханатә иџьаршьеит - аӡҕаби абокси еинаалом ҳәа, аха, иахьа ҽакала ргәы иаанагоит, лықәҿиарақәа иреигәырҕьоит.

Ишылҳәаз ала, лара ари аспорт ахобби аҳасаб ала акәӡам дшазныҟәо, занааҭс иалылхыр лҭахуп.
Раҧхьатәи аиааира лгеит Жәыргьыҭ имҩаҧысуаз жәларбжьаратәи атурнир аҿы. Ҵыҧх, Европа ачемпионат аҿы аџьазтә медал лгеит. Усҟан хымз заҵәы ракәын иҵуаз аҽазыҟаҵара далагеижьҭеи, аринг аҿы ақәгылара аганахьала изакәызаалак ҧышәак лымамызт.

Ҭамар лгәы ишаанаго ала, аспорт аҿы аӡҕабцәеи аҷкәынцәеи еилых рымам. Ишылҳәаз ала, аҷкәынцәа излоу аспорт хкқәа рҿы аӡҕабцәагьы лбоит, убри азоуп абас лгәы изаанаго.

Лара 3 медалк лгахьеит. Ахьтәы 2 меалки аџьазтә медалки.

Елене Ҭодуа

Елене лҭоурыхгьы Ҭаҭиеи Ҭамари рҭоурыхқәа иреиҧшуп. Лашьа дшыхәыҷыз абокс ашҟа аныҟәра далагеит, рҭаацәараҿы аспорт ари ахкы ҷыдала иргәаҧхоит. Абри зегьы лара лзы анырра аиун, шықәсык аҧхьа аҽазыҟаҵара далагарц лыӡбеит. Убри ашьҭахь, абокс сыҧсҭазаара исзалхуам ҳәа лҳәеит. Аҩызцәа ҿыцқәа, еиуеиҧшым ахҭысқәа, алагылазаара ҿыц - аспорт аӡҕаб қәыҧш лыҧсҭазаара ашҟа имаҷымкәа аиҭакрақәа аланагалеит.

14 шықәса роуп илхыҵуа, аха, Европа ачемпионат аҿы аџьазтә медали, Қырҭтәыла ачемпионат аҿы ахьтәы медали лгахьеит.

"Сҭаацәара аспорт даараӡа бзиа ирбоит, убри аҟынтә, иаразнак исықәшаҳаҭхеит. Сыкәша - мыкәша џьоукы ирҳәон абокс аӡҕаб илтәым ҳәа, аха сара уи сақәшаҳаҭым", - иҳалҳәеит Елена.

Лҩызцәа илықәгәыҕуеит. Лассы - лассы иларҳәоит - бара боуп ҳзыхьчаша, бара ббоксиоруп, ҳбықәгәыҕуеит ҳәа. Аҧсҭазаараҿы знык абокс амаана лхы иалырхәит, сдыргәаан, аҭак рысҭеит ҳәа лҳәеит.

Елене хықәкыс илымоуп Европеи, адунеи, егьырҭ жәларбжьаратәи атурнирқәеи рҿы аиааира агара. Макьана 4 медалк мацара ауп илымоу – ахьтәы 3 медалки аџьазтә медалки. Аха, Ҭаҭиеи Ҭамари дреиҧшымкәа, аспорт лара лыҧсҭазаараҿы ахобби аҳасаб мацарала иаанхоит. Ҳаҧхьаҟа занааҭс иалылхуа макьана илымӡбацт. Уаанӡа лкумир ҳәсақәа - Шелдии Ҳамери дреиҧшзар лҭахуп.

Лхы данақәиҭу, бжеиҳарала, ажанрла еиуеиҧшым афильмқәа дрыхәаҧшуеит.

Аҳәсатә бокс Жәыргьыҭ ақалақь аҿы

Жәыргьыҭ аҳәсатә бокс иҟоижьҭеи ҩышықәса ҵуеит. Иахьа, абра, аспорткомплекс азал аҿы 20ҩык аӡҕабцәа рҽазыҟарҵоит. Урҭ рҟынтәи зегьы иреиҵбу фышықәса лхыҵуеит, зегьы иреиҳабацәоу 14-15 шықәса. Дара Гига Ҭодуа иазыҟаиҵоит. Азыҟаҵаҩ агәра ганы дыҟоуп абокс, раҧхьа иргыланы, аӡҕабцәа ишырусу:

"Уаҵәи уаҵәашьҭахьи арҭ аӡҕабцәа рызҳауеит. Аҽазыҟаҵара иаҿу аӡҕабцәа, ҩнуҵҟала изҩыдоуп. Урҭ рхылҵгьы ишаҧу ала ирааӡоит, ақырҭуаа ишҳақәнагоу ала. Ас еиҧш иҟоу аҿар ҳамазароуп".

Дара аҽазыҟаҵара иахьаҿу азал аҿы аспорт егьырҭ ахкқәа рзгьы аҿар рҽазыҟарҵоит, аха акарате, абокс, мамзаргьы амҵәышәампыл азы зҽазыҟазҵо аӡҕабцәа уи рҧырхагам.

Аҧыза-министр Гьаргь Гахариеи аҭыҧантәи анапхгареи азыҟаҵаҩ ажәа ирҭеит абокс азы хазы азал шеиҿыркаауа азы.

Жәабран азы Қырҭтәыла ачемпионат мҩаҧысраны иҟоуп. Анеҩс, арҭ аӡҕабцәа, еиҭах Европаҟа идәықәлоит.