Ажәaбжь ҿыцқәa
Агыруа хаҷапури аҟаҵашьа атрадициа
Анкьа агыруа хаҷапури џьаргвали (амҿытә нхарҭа) аҿы амцаҿ иҟарҵон. 80 шықәса зхыҵуа аҳәса Еҭерии Ҭамари ахаҷапур аҟаҵашьа ажәытә традициа ҳзеиҭарҳәеит. Ахаҷапур амажәа аҟаҵаразы иаҭахуп 1 литрак ахши, 1 ачаи мҳаҵә ачарчыгеи, убри аҟараҵәҟьа аџьыкхыши. Амажәа шьҭыҵаанӡа, кеци (анышәаҧшь иалху адырган) амцаҿ ирҧхатәуп.

Ашәаӡа рҟәыҷны еиҵыху амажәа игәылаҵатәуп, нас, амажәа ихьарҽны, иршу кеци иақәҵатәуп. Убри ашьҭахь, амажәа агәаҧшь ашәаӡеи акәтаҕьи рыла ихарҭәаатәуп. Кеци аҭанақьтәы ахҩа ала ихҩаны, аҧырҕы иқәҵатәуп. Ахаҷапур 20-25 минуҭ рыла иӡуеит. „Ари агыруа хаҷапурҵәҟьоуп“, - ирҳәеит аҳәса.

Ажьырныҳәа 22 рзы Қырҭтәыла „Ахаҷапур атрадициа“ иматериалым акультуратә баҟа астатус анашьан.