Ажәaбжь ҿыцқәa
Жәыргьыҭ Берта фон Зутнер лыхьӡала апремиа ишьаҭаркуеит
FaceBook Twitter
E-mail Print
Хара имгакуа, Қырҭтәыла Берта фон Зутнер лыхьӡала жәларбжьаратә премиа ишьаҭаркуеит. Уи акыршықәса рыҩнуҵҟа аҭынчратә диалог апроцесси аимакқәа ртрансформациеи аус знапы алаку ауаа рыдгылара иазкуп. Ари аидеиа Жәыргьыҭ инхо Саломе Адамиа илтәуп. Лара аҿартә инициативатә гәыҧ далоуп, аҭынчра активиступ. Апремиа ашьаҭаркра лыӡбеижьҭеи шықәсқәак ҵуеит. Лҩызцәеи лыдгылаҩцәеи еизганы, усҟан дара излагаз аус иахьазы алогикатә нҵәамҭанӡа инаргахьеит.

Лаҵара 8 рзы, Жәыргьыҭ, раҧхьаӡа акәны имҩаҧысуеит аиааирагаҩцәа анашьамҭа рыҭара ацеремониа. Уи еиҳангьы, апремиа ишьаҭаркуеит абра, Жәыргьыҭ ақалақь аҿы, австриатәи аҭынчра анобелиант ҧҳәыс, апацифист шәҟәыҩҩы лыҧсҭазаараҿы акрызҵазкуаз ашықәсқәа ахьымҩаҧылгаз аҭыҧ аҿы.

Саломе Адамиа ишылҳәаз ала, апремиа ашьаҭаркра аидеиа иакымкуа ахықәкқәа амоуп. Раҧхьа иргыланы, аҭынчра ашьақәыргылара апроцесс иалахәы ауаа рџьабаа ахә шьатәуп. Атема аҷыдаратә ҵакы ахьамоу аҟынтә, урҭ рџьабаа иахылҵуа алҵшәақәа акыраамҭатәи аперспективаҿы иубарҭахоит. Аидеиа автор лҳәамҭала, абри амзыз амшала, зыӡбахәы ҳәоу аус иалахәы ауаа, шамахамзар, џьаргьы иубарҭам, ауаажәлар урҭ рыхьӡқәагьы рыздырӡом.

Лара ишазгәалҭаз ала, Берта фон Зутнер Жәыргьыҭ данынхоз ауп аҭынчратә процесс даназҿлымҳаха, ҵакыс иамоу анеилылкаа, избанзар уаҟа австриатә ҧҳәыс акрызҵазкуа азҵаарақәа рацәа дрызхәыцуа далагеит, анеҩс, аҭынчра азҵаара лыҧсҭазаараҿы ахадаратә ҵакы аиуит.

Саломе Адамиа лҳәамҭала, лара илызгәакьоу ақалақь аҭынчратә процесс аҿы аҵакы ҷыда амоуп. Лара ари азҵаара ҷыдала лыхшыҩ азылшьҭуеит. Ишылҳәо ала, дызлацәажәо аҭоурыхтә роль иахьагьы, ҳаамҭазтәи алабҿабараҿы аҵакы ду амоуп, Жәыргьыҭ, ахатә геополитикатә ҭагылазаашьа абзоурала, амодератортә зкызаара амоуп, избанзар аидысларатә регион иаҧнуп.

Афото Саломе Адамис лфеисбуқ аҟынтә

Аидеиа автор лгәаанагарала, Қырҭтәыла ари апремиа зыхәҭоу ауаа рацәоуп. Аха, ари аҧшьгара алокалтә ҟазшьа заиуӡом. Ҳаҧхьаҟа, есышықәса, аиааирагаҩцәа аадырҧшуеит адунеи еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтә жәларбжьратә аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи аекспертцәеи рыла еиҿкаахо ажиури. Саломе Адамиа лгәаанагарала, иахьазы аҭынчратә диалог усҟаҟ иазҿлымҳам, аимак аҭышәынтәалара усҟаҟ иазымхәыцуа аҿаргьы ари апремиа гәызҭаҵагас ирзыҟалоит.

"Хымҧада, ари апремиа Жәыргьыҭ ишьаҭаҳкуеит. Лаҵара 8 рзы, Европа амш аҽны, абраҟа анашьамҭаҭара ацеремониа мҩаҧысуеит. Ари амш машәырла акәӡам ишалаҳхыз. Агәырҕьаратә уснагӡатә ала европатәи аҭаацәара ҳалалар ҳҭахуп. Жәларбжьратә аиҿкаарақәеи Австриа ацҳаражәҳәареи даараӡа иҳацхраауеит аҳамҭатә фонд аҧҵареи алоџьистикатә зҵаарақәа рыӡбареи аҿы", - иҳалҳәеит Саломе Адамиа.

Лара лажәақәа рыла, апроцесс иалахәызаауеит Жәыргьыҭ ахадарагьы, избанзар ақалақь аҿы жәларбжьаратә аҵакы змоу ауснагӡатә мҩаҧысуеит, атәым асасцәа аауеит, адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәагьы уахь инрылаҵаны.

Аҿартә инициативатә гәыҧ иалоуп ҧшьҩык ауааҧсыра. Иара убас, апартниор аиҿкаарақәеи ацҳаражәҳәарақәеи. Саломе Берта фон Зутнер лҩызцәа рклуб аҭынчратә уаажәларрагьы далоуп. Ари аклубгьы зыӡбахәы ҳәоу апроцесс иалахәып.

Аҳамҭатә фонд иалоуп 3 000 лари. Аха аҭынчра активист агәыҕра ду лымоуп ҳаҧхьаҟа афонд аизырҳара рылшап ҳәа.

Саломе Адамиа ишылҳәаз ала, апремиа ашьаҭаркра даҽа хықәкыкгьы амоуп - атәылеи Жәыргьыҭи рӡыргара, иаҳа атуристцәа адзыҧхьалаша, аинтерес зҵоу ҭыҧны аҟаҵара.

Берта фон Зутнер, Алфред Нолбель импремиа раҧхьатәи алауреат ҧҳәысуп, лара ари ахьӡ ланашьан 1905 шықәсазы. Австриатә шәҟәыҩҩы Гыртәыла аҳра аҵыхәтәантәи аҳҧҳәыс Екатерина Ҷавҷаваӡе лҩыза гәакьа лакәын, хәышықәса Жәыргьыҭ дынхон.

Ҩышықәса раҧхьа, Жәыргьыҭ ахадара Берта фон Зутнер илызкны адокументалтә фильм - "Ақырҭуаа рыгәҭа Қырҭтәылаҿ" ҭырхит. Ҵыҧх жәыргьыҭтәи мҩак лыхьӡ ахырҵеит.
Print E-mail
Twitter
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала