Ажәaбжь ҿыцқәa
Жәларбжьаратә анимациатә фестиваль Жәыргьыҭ ақалақь аҿы
FaceBook Twitter
E-mail Print
Иахьа жәыргьыҭтәи аҿар рхан аҿы, анимациатә фильмқәа жәларбжьаратә рфестиваль "Ҭоҧузи" имҩаҧысит. Араҟа ақырҭуа, иара убас, атәым зметраж кьаҿу анимациатә фильмқәа ддырбеит. Аҭыҧантәи анимациатә школ аҵаҩцәагьы русумҭақәа цәырыргеит, урҭ зметраж наӡоу ҩ-клипк дырмазеит. Жәеиза шықәса рыҩнуҵҟа атәыла еиуеиҧшым арегионқәа рҿы имҩаҧысуа ауснагӡатә анимациа аӡыргареи, аҟазара ари акомпонент иазкны ажәлар рыхдырра ашьҭыхреи иазкуп.

Анимациа аҿиара афонд ахаҭарнак Арчил Кухианиӡе иҳәамҭала, Жәыргьыҭ ари афестиваль мҩаҧыргоит акыраамҭатәи апауза ашьҭахь. Иацы, мшаҧы 18 рзы, анимациатә уарқшоп мҩаҧысит, уаҟа ахәыҷқәа, стопмоушени атрадициатә анимациатә хархәагақәеи рхархәара ала аклип дырмазеит. Мышқәак рыла аматериал амонтаж азуны, ауаажәлар иддырбоит.

Иара ишиҳәаз ала, жьҭааразы Баҭым имҩаҧысраны иҟоу афестиваль хада рхы аладырхәоит атәыла еиуеиҧшым амуниципалитетқәа ирықәынхо ахәыҷқәа, жәыргьыҭаагьы уахь инрылаҵаны. Уаҟа урҭ ирбоит адунеи зехьынџьара анимациатә аалыҵ ҟазҵо атәым профессионалтә аниматорцәа русумҭақәа.

Арчил Кухианиӡе иажәақәа рыла, ауснагӡатә аҿы ицәырыргоит аҭыҧантәи ахәыҷқәа идырмазеиз авидеоклипқәагьы. Анимациатә школ аҵаҩцәа рҳәамҭала, урҭ аусуратә процесс аан иааҧсеит, аха аамҭакала, ргәы дырҿыхит, избанзар ари апроцесс аинтерес ду аҵан. Урҭ ражәақәа рыла, ари аус ргәаҧхоит. Урҭ рҟынтәи имаҷымкуа ахәыҷқәа ҳаҧхьаҟагьы анимациа аусхкы аҿы аусура нарыгӡар рҭахуп.

"Иахьа аклип ҿыц аус адааулоит. Уи алеи ахаҵеи ирызкуп. Ахаҵа ала еиқәирхоит. Анеҩс, ала ахаҵа ицхраауеит. Ари афильм Баҭым, "Ҭоҧузи" афестиваль аҿы идҳарбоит", - иҳалҳәеит Қеҭи Хуҧацариа. Егьи аҵаҩы, Қеҭи Шониа ишылҳәаз ала, иацы аминациа аҟаҵаразы даҽа хархәагак аалырҧшит, ҳаҧхьаҟа лара лхала, лхатә видеороликқәа рыҟаҵара далагар лҭахуп.

Жәыргьыҭнӡа, анимациатә фестиваль, Хобии Мартвилии имҩаҧысит. "Ҭоҧузи 2019" жьҭааразы Баҭым ихыркәшазаауеит. Хәышықәса ҵуеит жәыргьыҭтәи аҿар анимациатә ҟазара ҭырҵаауеижьҭеи. Анимациатә школ иазкны "Лаивпресс" аҿы аматериал кьыҧхьын сынтәа ажьырныҳәазы.
Print E-mail
Twitter
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала