Ажәaбжь ҿыцқәa
Аҧсны афымцала аиқәыршәара атәыла ихьыҧшым интересуп - аекономика аминистр
FaceBook Twitter
E-mail Print
Ҳаҕа акырӡа иҽазишәит, аха ҳара аенергетика аусхкы аҿы аҵакырадгьылтә акзаара ихьчаны иҳамоуп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, - илҳәеит визитла Гыртәыла иаҭааз аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистр Наҭиа Ҭурнава ажурналистцәа илырҭаз азҵаара аҭак аныҟалҵоз. Лара ишылҳәаз ала, иахьазы "ИгрыГес" мацароуп ақырҭуааи аҧсуааи еидызкыло.

Аминистр лҳәамҭала, Аҧсны афымцала аиқәыршәара Қырҭтәыла ихьыҧшым интересуп, аполитикатә мзызқәа рзы ари атема ахархәара ҟалом.

"Аҧсны ИгрыГЕс аҟынтә афымца зраҳҭо амзызқәа ирызкны иҵакыдоу, шьаҭа зҵам аверсиақәа ирыдҳәаланы исҳәар сҭахуп. Ингурварднили аӡкыра ҳмилаҭтә беиароуп. Акыршықәса рыҩнуҵҟа Қырҭтәыла иахьынӡанаӡааӡо, Аҧсныгьы, ИгрыГЕс аҟынтә афымца аиуеит. Иахьагьы убасҵәҟьоуп ишыҟоу", - илҳәеит Наҭиа Ҭурнава.

Аминистр ишазгәалҭаз ала, аполитикатә дебатқәа рҿы аӡәы ҧырхагак изаагара амзызла ари азҵаареи атәыла ихьыҧшым аинтереси ахархәара ҟалом.

"Ҳаҕа заҵә иоуп уи зҭаху, ҳара уи ҳзақәшаҳаҭхом", - илҳәеит аминистр.
Print E-mail
Twitter
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала