Рухи ашьапылампылтә академиа аргылра ашьаҭа ркит
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет Рухи ақыҭаҿ,
Оҭар Габелиа ихьӡ зхырҵо академиа аргылара ашьаҭа ркит. Ауснагӡатә
рхы аладырхәит Ашьапылампыл афедерациа ахада Леван Кобиашвилии,
Қарҭтәи „Динамо“ аветеранцәеи. Аофициалтә информациа инақәыршәаны
2020 шықәсазы академиа аадыртраны иахьыҟоу аҭыҧ аҿы асимволтә
капсула анышә иаларҵеит.

Леван Кобиашвили ишиҳәаз ала, ари апроект Гыртәыла мацара акәымкуа, Қырҭтәыла иахьынӡанаӡааӡо зехьынџьара ирҭахуп. Иара иажәақәа рыла, Ашьапылампыл афедерациа ахы иаднаҵеит Рухи академиа аргылара. Уаҟа ахәыҷқәа анхареи ашьапылампыласра аҵареи рылшоит. Кобиашвили иҳәамҭала, академиа рхы иадырхәар рылшоит, Аҧсны, иара убас, Қырҭтәыла егьи аҵакырадгьыл иқәынхо ауааҧсыра.
Ампыҵахалатә цәаҳәа иазааигәаны академиа аргылара иамоу аҵаки, ақырҭуа-аҧсуа езыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит Жәыргьыҭ амажоритартә депутат Мераб Қвараиеи аветеран шьапылампыласҩы Оҭар Габелиеи, академиа иара ихьӡ ахырҵоит. Ашьапылампыл афедерациа ахада ишиҳәаз ала, аргыларатә усурақәа ианрылго конкретла макьана изыҳәом.

Аофициалтә информациа инақәыршәаны, 6.5 гектар аҵакырадгьыл аҿы, аҧсабаратәи иҧсабаратәыми ақәҵатә змоу ашҭақәеи, аспортсменцәа рынхарҭатә корпуси, аҽыҧсахырҭақәеи дыргылоит. Иара убас, ҳаамҭазтәи арлашаратә системақәеи атрибунақәеи шьақәдыргылоит. Апроект нанагӡоит Қырҭтәыла ашьапылампыл афедерациа.