Ажәaбжь ҿыцқәa
Қырҭтәыла Аҭоурыхтә паркқәа Европатә Реидгыла алахәылас иҟалеит
FaceBook Twitter
E-mail Print
Қырҭтәыла Аҭоурыхтә паркқәа Европатә Реидгыла алахәылас иҟалеит. Аидгыла алахәылацәа ари аӡбара рыдыркылеит иахьа Португалиа имҩаҧгаз аиҧылараҿы. Акультуратә ҭынхара ахьчара амилаҭтә агентра агенералтә директор Николоз Анҭиӡе дызхагылаз Қырҭтәыла аделегациа, раҧхьаӡа акәны, ари афорум иалахәын.

„Иахьа, Аҭоурыхтә паркқәа Европатәи Реидгыла аофициалла ҳалалеит. Аидгыла иалоуп Испаниеи, Италиеи, Португалиеи. Иахьа ҳаргьы Германтәылагьы ари аидгыла ҳалалеит. Аидгыла уи алахәылацәа ирыцхраауеит аҭоурыхтә баҳчақәа рхылаҧшра аиҕьтәреи аҭоурыхтә баҳчақәа Европатәи ркультуратә маршрутқәа рахь аофициалла алалареи апроцесс аҿы. Қырҭтәыла аҭоурыхтә баҳчақәа Европа акультуратә маршрутқәа рсертификат роур, ҳҭоурыхтә баҳчақәа рҿы европатәи аҭааҩцәа иаҳа ирацәахоит“, - иҩит Николоз Анҭиӡе асоциалтә аҳаҿы.

Аҭоурыхтә паркқәа Европатәи Реидгыла иалоу атәылақәа Евроеидгыла акультуратә маршрутқәа ирылахәып. Қырҭтәыла абарҭ амаршрутқәа ирылахәызаауеит аҭоурыхтә баҳчақәа 5 рыла. Урҭ роуп: Қарҭтәи аботаникатә баҳча, Баҭымтәи аботаникатә баҳча, Жәыргьыҭтәи аботаникатә баҳча, Қәҭешьтәи аботаникатә баҳча, Ҵинандали иҟоу Ҷавҷаваӡеаа рҭоурыхтә баҳча.

2016 шықәса жьҭааразы, Николоз Анҭиӡе ицны Жәыргьыҭ иаҭааит Аҭоурыхтә паркқәа Европатәи аҳа ахаҭарнакцәа, урҭ абаҳча аиҭашьақәыргылара апроект рбеит.
Print E-mail
Twitter
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала