„Копешон“ ацукатқәа Жәыргьыҭынтә [афото]
Жәыргьыҭ инхо Екатерине Ҧарулава, ҵыҧх, лмаҵурҭаҿы ауҭраҭых иалхны
ацукатқәа рыҟаҵара далагеит.
Занааҭла дҳақьымуп, аха лзанааҭ даҟәыҵны, ишынҭаҳцәараз изҿыз аус
абинес аҳасаб ала лнапы алыркит. Лаалыҵ „Копешон“ ахьӡалҵеит. Ажәа
копешиа агыршәантә еиҭаугар, аҟабақ ауп иаанаго.

Анаплакҩы, бжеиҳарала, аҟабақи, аҷысҭи, аҷыхи, аҟәаби ирылхны ацукатқәа ҟалҵоит. Аҟабаҟ Мартвилтәи ақыҭа Онтоҧонтә иаалггоит, аҟәабҟәа - Ҵаленџьихантә.
„Зынӡаскгьы даҽа гьамак амоуп. Уи изҩыдоу аалыҵуп. Иуҧырхагахаша ҳәа изакәызаалак ак алам. Қырҭтәыла абри аҩыза аалыҵ уаҳа џьаргьы иҟам, убри азоуп аҳақьымра саҟәыҵны абри аус сзалагаз“, - илҳәеит анаплакҩы. Лмаҵурҭаҿы ацукатқәа рацәаны макьана илзыҟаҵом, аха хара имгакәа анаплакра аартра лгәы иҭоуп. Ишылҳәаз ала, иҟалҵо аалыҵ зҭаху рацәоуп, лассы-лассы Европантә аҿаҵақәа лоуеит.

„Ацукатқәа - европатәи культуроуп. Бжеиҳарала, Европатәи атәылақәа рҟынтә аҿаҵақәа сымоуп. Аха, дара шаҟа рҭаху аҟара макьана исзыҟаҵом“.
Уажәазы, „Копешон“ захьӡу лаалыҵ Таиландҟа иргоит.