Ажәaбжь ҿыцқәa
Гыртәыла, Мартвилтәи аканиони Колхидатәи амилаҭтә парки зегьы реиҳа ирацәаны атуристцәа иаҭаауеит
FaceBook Twitter
E-mail Print
Гыртәыла - Хыхьтәи Шәантәыла арегион аҿы атуристцәа зегьы реиҳа изызҿлымҳау аҳәырҧсаррақәа роуп Мартвилтәи аканиони Колхидатәи амилаҭтә парки.Ҵыҧхцәа Колхидатәи амилаҭтә парк иаҭааит 33 нызқь 421ҩык аҭааҩцәа. Урҭ рҟынтәи 29 708ҩык ақырҭуаа ракәын, 3 нызқь 713 ҩык атәым аҭааҩцәа ракәын.

Ҵыҧх урҭ рхыҧхьаӡара маҷхеит, 26 нызқь 841ҩык ракәын иҟаз. Урҭ рҟынтәи 22 нызқь 360ҩык ақырҭуаа, 4 нызқь 481ҩык атәым аҭааҩцәа ракәын.

Ҵыҧхцәа Мартвилтәи аканион иаҭааит 170 нызқь 232ҩык атуристцәа. Урҭ рҟынтәи 71 нызқь 100ҩык ақырҭуаа, 99 нызқь 132ҩык атәым аҭааҩцәа ракәын.Ҵыҧх аканион иаҭааит 184 нызқь 29ҩык атуристцәа. Урҭ рҟынтәи 59 нызқь 980ҩык иқырҭцәан,124 нызқь 49ҩык атәым аҭааҩцәа ракәын.

Гыртәыла - Хыхьтәи Шәантәыла арҭ аҭыҧқәа рхылаҧшратә аиҿкаара ахаҭарнакцәа, Жәыргьыҭтәи атехнопарк аҿы, хәышықәса рыҩнуҵҟала инанагӡараны иҟоу ауснагӡатәқәа рплан аӡыргара мҩаҧыргеит.

Аиҿкаара анапхгаҩы Леван Ҵулаиа ишиҳәаз ала, Гыртәыла арегион иаҭаауа атуристцәа рҟынтәи 80% Мартвилтәи аканион ашҟа инеиуеит, ари астатистика азҳара иаҿуп. Урҭ рҟынтәи 70% атәым аҭааҩцәа роуп.

Колхидатәи амилаҭтә парк атәылаҿ иҟоу, иреиҕьу аҳәырҧсаррақәа жәаба реиқәыҧхьаӡа иалагалоуп. Апарк иаҭаауа ауааҧсыра рҟынтәи атәым аҭааҩцәа 15% мацароуп иҟоуп. Ари апарк иаҳа ирацәаны аҭааҩцәа рыдыҧхьалара алшоит.

Леван Ҵулаиа ишиҳәаз ала, атуристцәа рҟынтәи 47% арегион аҿы мышкы заҵәык иаанхоит.
Print E-mail
Twitter
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала