Ажәaбжь ҿыцқәa
Гыртәыла Колхидатәи апарк еиҿыркаар рҭахуп
FaceBook Twitter
E-mail Print
Гыртәыла Колхидатәи апарк дыргылараны иҟоуп, уаҟа ажәытә колхидатәи амифтә аҳ Ает ихан дыргылоит, иара убас, аинсталиациагьы еиқәдыршәоит. Гыртәыла - Хыхьтәи Шәантәыла аҳәырҧсаррақәа рхылаҧшратә аиҿкаара (DMO) адиректор Леван Ҵулаиа ишиҳәаз ала, иашьашәалоу апроект наигӡоит хазхаҭалатәи ахаҿы, аха Ҵулаиа ари ахаҿы ихьӡ макьана иҳәар иҭахымхеит.

DMO аҿы апарк ахьдыргыло аҭыҧгьы макьана ирҳәом. „Лаивпресс“ акорреспондент ишларҳәаз ала, уажәазы иакымкәа алокациақәа ирылацәажәоит.

„Уи Ает ихан акәхоит - агәырҿыхаратә парк, уаҟа еиҿаҳкаауеит ажәытә колхидатәи инсталиациақәеи егьырҭ атематикатә обиектқәеи. Ари апарк ахәыҷқәа ирзаҳкуеит, аха адуцәагьы уаҟа ибзианы аамҭа мҩаҧыргар рылшоит, агәырҿыхаратә ҭыҧхоит“, - иҳәеит Леван Ҵулаиа аиҿкаара апланқәа рӡыргараҿы.

Иара иажәақәа рыла, атуризм аусхкы аҿы иҟоу апроблемақәа ҭҵааны ишеилыркааз ала, арегион аҿы агәырҿыхаратә ҭыҧқәа маҷуп, убри аҟынтә, излауа ала ирацәаны абри аҩыза апаркқәа еиҿкаатәуп.

Иахьа Жәыргьыҭтәи атехнопарк аҿы Гыртәыла - Хыхьтәи Шәантәыла аҳәырҧсаррақәа рхылаҧшратә аиҿкаара (DMO) ахаҭарнакцәа Гыртәыла атуризм астратегиеи ауснагӡатәқәа рплани рӡыргара мҩаҧыргеит.
Print E-mail
Twitter
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала