Ажәaбжь ҿыцқәa
Иаҧҵоуп „Аҧсны“ захьӡу ақырҭуа шрифт ҿыц
Аҧснынтә ихҵәоу асахьаҭыхҩы Џьумбер Беҷваиа ақырҭуа шрифт ҿыц - Аҧсны иаҧиҵеит.

Ашрифт - апроект „Иҩла ақырҭшәала“ аҳәаақәа ирҭагӡаны 2019 шықәсазы имҩаҧгаз аконкурс „Ақырҭуа“ аҿы аиааира згаз апроектқәа иреиуп. Аконкурс мҩаҧнагеит ТВС банк.

„Аиуристтә ганахьала сара ахҵәацәа среиум, избанзар аибашьра ианалага сара Қарҭ сынхон, аха Галтәи араион Ҕумуришьи ақыҭаҿы сиит, уаҟа исызҳаит, сҭаацәа уаҟа анышә иамадоуп. Убри азоуп ари ашрифт Аҧсны захьӡасҵаз. Сара иаҧысҵаз ашрифт ари атема ианаалоит ҳәа сгәы иаанагоит“, - иҳәеит адизаинер.

Ашрифт „Аҧсны“ иреиҕьу асахьаркыратә шрифтс иазхаҵоуп.

Иара иажәақәа рыла, 2016 шықәсазы имҩаҧгаз аконкурсгьы далахәын, усҟан аиновациатә шрифт - џьубо иаҧиҵеит. Анеҩс, аиновациатә технологиақәа рлабораториа - Џеолаб ала ари ашрифт аҧхьаӡацркра азун, уажәшьҭа ари аппликациа аинтернет аҿгьы иҟоуп.

„Ашрифт „Аҧсны“-гьы аҧхьаӡацркра азутәуп, нас, ауаа уи рхы иадырхәар рылшоит“, - иҳәеит Џьумбер Беҷваиа .

Иара Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиаҿы ааглыхратә дизаин аҟәша данапхгаҩуп.