Ажәaбжь ҿыцқәa
Америка ацҳаражәҳәара, аҧсшьарамшқәа раан, ашколхәыҷқәа Феисбуқ лекциақәа рыднагалоит
Ашколқәа рҿы аҵаратә процесс анаанкылоу аамҭазы, Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәара ашколхәыҷқәа Феисбуқ лекциақәа рыднагалоит.

Онлаин леқциақәа ирызку аинформациа ацҳаражәҳәара авебдаҟьа иануп:

„Қырҭтәыла ашколқәа иахьынӡарку, Америка ацҳаражәҳәараҿы, ахәыҷқәа аҵара анагӡараҿы ҳрыцхраар ҳҭахуп. Феисбуқ лаив ахархәара ала, аусуратә мшқәа рзы асааҭ 14:00 инаркны, америкатә дипломат, англыз бызшәала, зегьы реиҳа бзиа илбо ажәабжь дышәзаҧхьаны, нас далацәажәоит. Уи даараӡа ибзиоуп англыз бызшәаҿы аҽазыҟаҵареи Америка иазкны иаҳа инарҭбаау адыррақәа раиуреи азыҳәан. Ари акурс иалагоит уаҵәы, хәажәкыра 13, асааҭ 14:00 рзы, ацҳаражәҳәара Феисбуқ даҟьаҿы. Уаҵәы Алҭеа Коли-Мерфри дышәзаҧхьоит адоктор Сиус иажәабжь „Лорақсиа“, - аарыцҳаит ацҳаражәҳәара аҟынтә.