Ажәaбжь ҿыцқәa
Ҧуҭ изныкымкәа зхархәара ҟало амедицинатә сабрадақәа рыӡахра иалагеит
Ҧуҭ иҟоу анаплакы „Аҷара текстиль“ амедицинатә сабрадақәа рыӡахра иалагеит. Иахьа ари анаплакы даҭааит аекономика аминистр.

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр аҟны еиқәшаҳаҭрала, абарҭ асабрдақәа еиуеиҧшым аматериалқәа ирылхны иҟарҵоит. Аматериалқәа зегьы Лугар илабораториаҿы игәаҭоуп, - илҳәеит аекономика аминистр Наҭиа Турнава.

„Раҧхьатәи аетап азы асабрадақәа акасыш иалхны ирӡахуеит, аполипропилен иалху асабрадақәа реиҧш акәымкәа, ари аалыҵ абжьааҧнытә ҧсҭазаараҿы изныкымкәа ахархәара ҟалоит.

Иуӡәӡәаргьы ҟалоит, аинструкциа ацуп, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара астандартқәа ирышьашәаланы иҟаҵоуп. Аха, аҷыда ҭагылазаашьақәа раан, иаҳҳәап, амедицинатә усзуҩцәа русура аан, арҭ асабрадақәа знызаҵәык рхархәара ҟалоит, избанзар ас еиҧш иҟоу аҭагылазаашьа иаҳа ахылаҧшра аҭахуп“, – илҳәеит Наҭиа Турнава.

Аминистр ишылҳәаз ала, Қырҭтәыла амедицинатә сабрадақәа рӡахуеит ари апрограмма аҽалархәра зҭаххаз еиуеиҧшым аӡахратә 10 фабрикак рҿы.