Ажәaбжь ҿыцқәa
Аҵыхәтәантәи аамҭазы Ҧсоунтә ауаа рацәа иасуеит, убри аҟынтә, авирус аларҵәара ашәарҭа иаҳа идухеит - Цихелашвили
Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә министр Қеҭеван Цихелашвили лҳәамҭала, импыҵахалоу Аҧсны аҵакырадгьыл аҿы акоронавиурс алаҵәара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа ахцәажәара уадаҩуп, аха уажәазы уаҟа иҟоу аҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны иуҳәозар, ашәарҭа дууп.

„Аҧсны адиагностика амҩаҧгаразы алшара маҷуп, убри аҟынтә, аҭагылазаашьа зеиҧшраҵәҟьоу аҳәара сцәыуадаҩуп. Ашәарҭа дууп, избанзар, иахьазы зхылаҧшра ҳалымшо Қырҭтәыла - Урыстәылатәи ацыҧҵәаха аҟынтә, Ҧсоунтә аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ауаа рацәа Аҧсныҟа инеит. Де-факто анапхгара аҭагылазаашьа ҷыда аларгалеит, аха, уаанӡа, алхрақәа раан, ҭыҧк аҿы ауаа рацәа еизон, ҳәарада абри зегьы ашәарҭа азнарҳауеит“, - илҳәеит Қеҭеван Цихелашвили Рухтәи ахәышәтәырҭаҿы даныҟаз.

Иахьа Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыда рыларҳәеит. Уаанӡа, ауааҧсыра асоциалтә аҳақәа рҿы ргәынамӡара аадырҧшуан. Де-факто анапхгара коронавирус апревенциатә уснагӡатәқәа ахьымҩаҧырымгоз ргәы иалан, уи аамҭазы, Аҧсны аурыс туристцәа иаҳа-иаҳа ирацәахон. Ауааҧсыра Феисбуқ аҿы иаладырҵәеит Ҧсоу агәаҭара-аушьҭратә пункт аҿы лаивкамера ала иҭыхыз авидео. Анҵамҭаҿы иубарҭоуп Урыстәылантә амашьынақәа еишьҭаргыланы Аҧсныҟа ишцо.