Ажәaбжь ҿыцқәa
Жәыргьыҭ ахәыҷқәа онлаин арежим аҿы алакәқәа ирзаҧхьоит
Акоронавируси зегьирзеиҧшу акарантини аҭагылазаашьаҿы, Жәыргьыҭ, амчылара зхызгаз аҳәса рхылҵи егьырҭ аҳәыҷқәеи онлаин арежим аҿы алакәқәа ирзаҧхьоит. Ассоциациа "Меркури" акыршықәса рыҩнуҵҟа аҳәса рзы амчылара азҵаарақәа рзы аус ауеит, ас еиҧш иҟоу аҳәса рзы ахыҵакырҭа рымоуп, иара убас,ҽынлатәи ацентр амаҵзура ала иазҧхьагәаҭоу асервисқәагьы рымоуп.

Аиҿкаара анапхгаҩы Нана Ҭодуа"Лаивпресс" акорреспондент данлацәажәоз ишылҳәаз ала, ари аидеиа хәажәкыра 31 рзы ирҧышәан, ақәҿиара шаиуз анырба, иааиуа амшқәа рзы ахәыҷқәа, анахарала, аҧхьара асааҭ рыдаргаларц рыӡбеит.

"45ҩык ахәыҷқәа рҽанырҵеит, урҭ ҩ-гәыҧкны иаҳшеит. Дара анахарала алакәқәа ирзыӡырҩуеит. Ахәыҷтәы программа еиҧшзар ҳҭахуп. Убри азыҳәан апрограммақәа рыҧшаара ҳаҿуп", - илҳәеит аиҿкаара анапхгаҩы.

Аҳәса рзы амчылара иазку азҵаара иадҳәаланы, аҵыхәтәантәи амчыбжь азы аполициа аҟынтәи ҩ-фактк ирызкны аинформациа роуит. Нана Ҭодуа лҳәамҭала, азинхьчаҩцәа аанкыларатә зиншәҟәы агәылҩаарагьы рықәшәеит. Лгәы ишаанаго ала, амчылара афактқәа иаҳа ирацәоуп, аха, аҳәса, ишаҧу ала, арҭ афактқәа раргаматәра рҭахым. Нана Ҭодуа ишылҳәаз ала, аҭаацәараҿы амчылара афактқәа Жәыргьыҭгьы аадырҧшит.

Лажәақәа рыла, зегьирзеиҧшу акарантин амшала, аиуристцәеи, аҧсихологцәеи, асоцусзуҩцәеи, абенефицарцәа онлаин арежим аҿы ирацәажәаны, ирылшо ала ирыцхраауеит.
"Иҵегьы асервисқәа раларҵәара ҳгәы иҭоуп. Стренменеџьмент азы онлаин курсқәа ҟаҳҵар ҳҭахуп", - илҳәеит Нана Ҭодуа.

Аиҿкаара анапхгаҩы ишылҳәаз ала, зегьирзеиҧшу акарантин аан иаҳа ирацәаны аҳәса ирыдҵаалоит.

Авирус аларҵәара ианалага инаркны, аҭаацәараҿы амчылара иадҳәаланы, азинхьчаратә органқәа ирыдҵаалаз ауаа иаҳа ишырацәахәаз атәы иануп хәажәкыра 31 рзы иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа еицыҟарҵаз аҳәамҭа аҿгьы.

Мшаҧы 1, асааҭ 20:00 рзы Қырҭтәыла иҟоу аофициалтә дыррақәа инрықәыршәаны, атәылаҿы акоронавирус ахкҿыц ала ичмазаҩуп 117ҩык ауааҧсыра. 23ҩык апациентцәа ачымазара иалҵхьеит.