Ажәaбжь ҿыцқәa
Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа аламҵакәа Қырҭтәыла ахсаала аазырҧшуа ахаҿқәа зегьы абаандаҩтәра рықәшәоит
FaceBook Twitter
E-mail Print
Азакәанҧҵаратә дырраҭара инақәыршәаны, ашьауҕатә закәанеидкыла аҧсахрақәа алагалоуп, лымкаала, Қырҭтәыла ашьауҕатә закәанеидкыла ацлеит 3431 ахәҭаҷ:

„Ахәҭаҷ 3431. Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара апринцип аилагала ала аелектронтә хсаала аиқәыршәара, мамзаргьы абри аҩыза ахсаала акьыҧхьра, иара убас, ас еиҧш иҟоу даҽа маҭәарк аҟаҵара, аҭыжьра, аӡыргара, ахархәара, Қырҭтәылаҟа аагара, амҩангара, ма аҭира.

Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара иазку ииашам аинформациа аларҵәара амзызла Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара апринцип аилагала ала аелектронтә хсаала аиқәыршәара, мамзаргьы абри аҩыза ахсаала акьыҧхьра, иара убас, ас еиҧш иҟоу даҽа маҭәарк аҟаҵара, аҭыжьра, аӡыргара, ахархәара, Қырҭтәылаҟа аагара, амҩангара, ма аҭира азы иазҧхьагәаҭоуп ахараҧса, ма ҩышықәсанӡа абаандаҩтәра.

1.Ахаҿы, абри ахәҭаҷ аҿы зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоу ашьауҕатә ҭакҧхықәра аҟынтә ихы дақәиҭзаауеит иара ихаҭа абри ахәҭаҷ ала иазҧхьагәаҭоу амаҭәар ааирҧшыр, уи иоуранагӡараҿы даҽа ацәгьаурак адыргақәа иҟамзар.

2. Абри ахәҭаҷ аҿы зыӡбахәы ҳәоу амаҭәар ахатә ҭаххарала аарҧшрас иҧхьаӡоуп ауаҩы ихаҭа, аусеилыргара иалагаанӡа, аҩырала, ма аимадаразы иҟоу иарбанзаалак даҽа техникатә хархәагак ала, зыӡбахәы ҳәоу амаҭәар шцәыригаз атәы ааицҳар, насгьы, ари амаҭәар алхра активла дацхраар.

3. Абри ахәҭаҷ ала иазҧхьагәаҭоу ауранагӡаразы аиуристтә хаҿы дахьдырхәоит ахараҧса ала, мамзаргьы аусура азин имхреи ахараҧсеи ала.

Азакәан амч аиуеит 2020 шықәса рашәара 2 инаркны.
Print E-mail
Twitter
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала