Ажәaбжь ҿыцқәa
Аҧсныҟа ицо ацҳа ҭацәуп [авидео]
Аҧсни Гыртәылеи еимыздо ацҳаҿы уаҩ ишимбац ала ҭынчроуп. Ҽнакала 100ҩык раҟара ауааҧсыра изхысуаз ацҳа ҭацәуп. Де-факто аиҳабыра Урыстәыла ала импыҵахалоу арегиони Қырҭтәыла егьи ахәҭеи рыбжьара еиҭах аиҭаҵра ааныркылеит. Аха, Аҟәа ирымҳәеит ари аҧкра ҿҳәарас иамоу.

Уаанӡа, апандемиа амшала, ацҳа адыркит хәажәкыра 14 рзы. Нас, лаҵара 26 рзы, ганкала аадыртит. Қырҭтәыла егьи ахәҭаҿы иҟаз ауааҧсыра импыҵахалоу Аҧсныҟа ахынҳәра азин рырҭеит. Аха, Аҧснынтә арахь аӡәгьы даарышьҭуамызт.

Аҧсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик ишылҳәаз ала, „Қырҭтәылаҟны аҳәаа“ ганкала аадыртит акарантин амшала изымхынҳәыз ауааҧсыра „рхатә тәылашҟа“ ихынҳәырцаз. Лара лажәақәа рыла, мчыбжьык ала Аҧсныҟа ихынҳәит 532ҩык ауааҧсыра. Скорик ишылҳәаз ала, урҭ рызынтәгьы акоронавирус азы атестирра рзымҩаҧыргоит. Уажәазы акоронавирус адиагноз аӡәгьы изышьақәырҕәҕәам.