Ажәaбжь ҿыцқәa
Агрипп аҽыхьчаратә лаҵа акоронавирус аҽыхьчара иацхраауама?
Қырҭтәылагьы адунеи аҿгьы, ҭагалан-аӡынразы, агрипп аҽыхьчаратә лаҵа актуалтә ҵакы аиуеит, ҷыдала апандемиа аныҟоу аамҭазы. Реалра иуҳәозар, агрипп аҽыхьчаратә лаҵа заҳҭахи, уи акоронавирус аҽыхьчараҿы иҳацхраауама?

Аҳақьым–инфекционисти Рухтәи ахәышәтәырҭа аклиникатә менеџьери Нино Акобиа ишылҳәаз ала, агрипп аҽыхьчаратә лаҵа акоронавирус аҽыхьчарагьы иацхраауеит ҳәа 100%-ла ирзыҳәом, иахьазы ари азҵааразы аӡәгьы аҭак имам, аха, уадаҩрақәак рыцәцараҿы иҳацхраауеит. Зыӡбахәы ҳәоу алаҵа акоронавирус азы ныррас иаиуа макьана аӡәгьы издырӡом.

"Уигьы агрипп авирусс иҧхьаӡоуп, убри аҟынтә, агрипп абжьааҧнытә "а"–и "б"–и агәыҧ иаҵанакәа авирус акоронавирусгьы ацымларцаз, ҳәарада, агрипп аҽыхьчаратә лаҵа ҟаҵазар бзиоуп", - илҳәеит Нино Акобиа "Лаивпресс" акорреспондент данлацәажәоз.

Лара лажәақәа рыла, излауа ала ирацәаны ауааҧсыра алаҵа ҟарҵар, агрипп авирус апандемиа асахьа аиуам, избанзар, ганкахьала, ахәышәтәырҭақәа рҿы ачымазацәа акырӡа ирацәахоит, егьи аганахьала акоронавирус змоу апациентцәа рҭагылазаашьа еицәахоит.

Лара лҳәамҭала, ҷыдала ашәарҭара иҭагылоуп ахәыҷқәеи 50 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсыреи. Иара убас, ачымазара лаҽқәа змоу ауааҧсырагьы.

Нино Акобиа лажәақәа рыла, инеизакны иуҳәозар, ажәлар авакцинациа усҟаҟ иазҿлымҳам, уи хәарҭак алоуп ҳәа агәра ргом, атәымцәеижьҿагыла ауп ҳәа ргәы иаанагоит.

Иҵабыргны иуҳәозар, аинфекционист иаҵшьны иазгәалҭеит алаҵа хымҧада ишыҟаҵатәу, ҷыдала, апандемиа аан.

Лара ишылҳәаз ала, аҳақьымцәа алаҵа хымҧада иҟаҵатәуп ҳәа изырҳәо ауааҧсыра реиҳара алаҵа ҟарҵоит. Араионқәа рҿы, араионтә ҳақьымцәагьы иҟарҵаша рацәоуп, ауаа аинформациа ииаша рырҭароуп, абарҭ алаҵақәа цәгьарак шырхылымҵуа агәра ддыргароуп.

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр напхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, ҭагалан–аӡынразы авирустә инфекциақәа рацәахоит, агрипп авирусгьы аларҵәара ду аиуеит.

Акоронавируси авируси рклиникатә дыргақәа излеиҧшу рацәоуп, сынтәа, уи хымҧада иазҧхьагәаҭатәуп, убри аҟынтә, алабораториатә ҭҵаарақәа рымҩаҧгара рықәшәоит.

Убри азоуп Амиран Гамҟрелиӡе атәылауаа изрыбжьеиго акоронавируси агрипп авируси еиламларц азыҳәан, агрипп аҽыхьчаратә лаҵа ҟарҵарц. Иара аклиникақәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит, ҳаҧхьаҟа ареспиратортә инфекциақәа уадаҩрада раарҧшра рылшарц азыҳәан, ирласӡаны агрипп атест ласқәа рҭаҵәах хадырҭәаарц.

Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, жьҭаара актәи амчыбжь азы, Қырҭтәыла агрипп аҽыхьчаратә лаҵа 135 нызқь адоза рымазаауеит, аха, ҩынтә ирацәаны алаҵақәа раиуразы аусура нарыгӡоит.