Ажәaбжь ҿыцқәa
Абаҳчааӡара, ахоббии атерапиеи аҳасаб ала
Қириаа рҭаацәара есышьыжь иангылалак, ашәҭқәа рхылаҧшра иалагоит. 200 хкы раҟара адекоративтә ҵиаақәа ахьыҟоу аҭаацәараҿы ашәҭқәа рхылаҧшра ахадаратә усқәа иреиуп.

Аҵыхәтәантәи шықәсқәак рыҩнуҵҟа хаҵеи–ҧҳәыси, Мамед Қириеи Изольда Навеишвилии абаҳчааӡара иазҿлымҳауп. Дара рџьабаа алҵшәа бзиа ахылҵит - аҧшәмацәагьы ари аҭаацәара ирҭаауа асасцәагьы ари аҧшӡара ихнахуеит.

Абаҳчааӡара гәыкала бзиа избо ауааҧсыра агәра ганы иҟоуп аҵиаа цыҧхьаӡа, иара иамоу аҧшӡара мацарала акәымкәа, зегьы рыла аҩны ишанаало.

Иаҳҳәап, Изольда Навеишвили ишылҳәо ала, зегьы реиҳа бзиа илбо ашәҭ, абегониа, рҭаацәара агәырҕьареи абзиабареи азаанагоит.

Аҧшәмаҧҳәыс ишҳалҳәаз ала, абаҳчааӡара – зегьы иреиҕьу терапиоуп - ашәҭқәа зегьы реиҳа узыргәамҵуа хҭыск рзеиҭауҳәар, угәалаҟазаара еиҕьхоит. Лара лажәақәа рыла, уи џьаргьы иузаамхәо хәшәык еиҧшуп - уара ухала уахылаҧшроуп, убасҟан ауп ахәышәтәратә мчы анаиуа.

„Зеиҧшҟамлац терапиоуп. Шьыжь инаркны хәлаанӡа срыдтәалазар сылшоит, нас, саргьы сгәалаҟазаара еиҕьхоит. Шәҭқәак ауаҩы игәабзиара иазеиҕьуп ҳәа сгәы иаанагоит, зегьы рыла аҩны ианаалоит. Егьырҭ рыҧшӡарала ухырхуеит.

Абри зегьы сгәы арҭынчуеит. Ауаа зегьы, ҷыдала сықәлацәа ирыбжьазгоит аҧсабара иаҧнаҵаз абри аҧшӡареи аҭынчреи рхы иадырхәарц“, - илҳәеит 65 шықәса зыхҵуа Изольда Навеишвили, лара лыгәҭыхақәа зегьы ашәҭқәа ирзеиҭалҳәоит.

Лыҧшәма ибзоуралоуп лара аҵиаақәа бзиа ишылбаз, иара данқәыҧшыз инаркны абаҳчааӡара дазҿлымҳан. Ҩыџьа аӡҕабцәа рани раби гәыкала бзиа ирбо аус рнапы адыркит рыӡҕабцәа хаҵа ианца ашьҭахь.

Уажәы ари абаҳча рмаҭацәагьы урҭ рхылҵгьы агәахәара рзаанагоит.

Абаҳчааӡара бзиа избо арҭ ауаа аҵиаақәа реихаҳарагьы рҵеит. Аинтернет аҿоуп бжеиҳарала аинформациа ахьырҧшаауа. Аиҭаҳатәқәа егьырҭ ауааҧсырагьы ҳамҭас ирырҭоит - зегьы реиҳа ихадоу, урҭ ражәа нагӡаны, аҵиаақәа иреиҷаҳароуп.

Мамед Қириа ишиҳәаз ала, 200 хкы аҵиаақәа рхылаҧшра апроцесс аҿы адгьыл аҧсахра ауп зегьы реиҳа иуадаҩу. Лассы-лассы жәабала аҵиаақәа аамҭакала адгьыл рзыҧсахтәуп, убри аҟынтә, шьыжь инаркны хәлаанӡа аус аныруагьы иҟоуп.

Қириаа ргәара ақьафуреи ауаа реизареи ҭыҧны иҟалеит. Рҩызцәа роума, руацәа роума, рызынтәгьы абаҳча ҧшӡа иалагылоу агыруа одаҿы Мамед Қириа иҟаиҵаз аҩи Изольда Навеишвили леилаџьи лчашәқәеи ргьама рбар рҭахуп.