Aмультимедиа
Алилачақь зну апаскақәа [афото]
FaceBook Twitter
E-mail Print
Аишәа иқәгылоуп ашәыгахьшьыгақәа рыла иҭәу абанка, асахьаҭыхҩы Марика Коркелиа ашәыгақәа еилалшьышьуеит. Уажәазы, лара лпалитраҿы, азеиҭыни акварели рцынхәрас, ахаатәыҟаҵаратә шәыгақәа роуп иҟоу.

Апаскақәа рыфҩыхаа ала иаразнак иудыруеит ари асахьаҭыхратә ҟазарҭа шакәым. Марика, уажәааны иӡыз апаскақәа аишәа иқәҵаны, алилачыкь рықәҭылхуеит. Лара ишылҳәаз ала, апаскақәа лӡоит атрадициатә метод ала, аҧсабаратә афатәлыхқәа ирылхны, аха нас, еиуеиҧшым аҧштәқәа рыла илҩычоит.

«Апаскақәа ҟаҳҵоит ажәытә традициатә метод ала, ахәшеи, акәтаҕьи, ахши ирылхны. Ҵыҧх ашәыррҩеи, аџьанџьыхәи, ашоколади рыла исҩычеит, нас, сара исҿыҧшны, егьырҭгьы абасҵәҟьа апаскақәа рыҟаҵара иалагеит. Сынтәа ҽакала иҟасҵар сҭаххеит. Знык, адәахьы сшынеиааиуаз, ишәҭуаз алилачықь анызба, апаскақәа алилачықь рықәҭысхыр сҭаххеит. Ари аидеиа мариамызт. Цырақәак ҟасҵан, ауаа даараӡа ишыргәаҧхаз анызба, гәызҭаҵагас исзыҟалан, уаха шаанӡа смыцәакуа аҭыхра саҿын», - илҳәеит Марика.

Занааҭла асахьаҭыхҩы, Шалва Дадиани ихьӡ зху жәыргьыҭтәи адраматә театр аҿы аус луеит. Шықәсқәак раҧхьа абизнес лнапы алалкит. Аханатә акексқәа лӡон, нас егьырҭ ахаатәқәагьы рыҟаҵара далагеит. Лара иҟалҵо ахааатәқәа идуу асупермаркетқәа рҿы ирҭиуеит.

Апаскақәа еиҧшым, шьоукы алилачықь ала иҩычоуп, егьырҭ ашоколад ала. Аш инақәҭылхуа еиҧшҵәҟьа, араагьы апаскақәа лыхьӡ рнылҵоит.

«Ари аус аамҭа рацәа аҭахуп, убри аҟынтә, сзанааҭ хада азы усҟаҟ аамҭа сымам. Зны-зынла асахьа ҭысхоит, хара имгакуа ацәыргақәҵа еиҿыскаар сҭахуп, аха уажәы сызҿу аусгьы ацәыргақәҵа ҷыдоуп», - илҳәеит асахьаҭыхҩы.
Print E-mail
Twitter
Ари aмaтериaлқәa
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
09:12 / 19.10.2021
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
4 октября, в школьных зданиях возобновился учебный процесс,
11:48 / 12.10.2021
4 октября, в школьных зданиях возобновился учебный процесс,
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала