Ацирк агыгшәыгқәа рыда - Жәыргьыҭ имҩаҧгаз акциа
Жәыргьыҭ, ацирктә гыгшәыгқәа рыдгыларатә акциа мҩаҧысит.
Акциа еиҿызкааз Гванца Циминтиа ишылҳәаз ала, урҭ ацирк аҿы
агыгшәыгқәа рыбжьара аан амчхаратә методқәа рхархәара
иақәшаҳаҭым.
„Агыгшәыгқәа аӡи афатәи рырҭом. Лассы-лассы афымцашок рхы иадырхәоит, ҳара уи ҳзақәшаҳаҭхом, убри аҟынтә, ацирк аҿы агыгшәыгқәа рыҟазаара азакәан ала ақәиҭымтәра ҳаҳәоит“, - илҳәеит лара.
Апротесттә акциа „Ацирк агыгшәыгқәеи агәымбылџьбареи рыда“ иахьа Қарҭтәи ацирк аҧхьагьы имҩаҧысит, уаҟа Иури Никулин итруппа иқәгылон.
Атруппаҿы активла рхы иадырхәоит агыгшәыгқәа рацәаны (амаамынқәеи, алымқәеи, абжьасқәеи, алақәеи), агыгшәыгқәа рыхьчаҩцәа уи иаҿагылоуп. Апротесттә акциа алахәылацәа ацирк аҿы аҩнатә, иара убас абнатә ҧстәқәа рхархәара азакәан ала ақәиҭымтәреи агыгшәыгқәа ахьыҟам ацирктә гәыҧқәа рааҧхьареи иаҳәоит.