Aмультимедиа
Голландиатәи ашьынка арҧхарҭа Жәыргьыҭ [афото]
FaceBook Twitter
E-mail Print
Жәыргьыҭ, Цаишьи ақыҭаҿ 65 шықәса зхыҵуа Гено Асаҭиани ашьынка иааӡоит. Раҧхьаӡа акәны ҵыҧх илаиҵеит, аха ианаамҭаз акәымкәа, хәыҷык икьасаны, убри аҟынтә иҽаҩра усҟаҟ идуум. Сынтәа хәажәкыразы Голландиатәи ахкы ажәла иҧышәеит, ишиҳәо ала, агьами егьырҭ аҷыдарақәеи рыла уаанӡатәи ахкы аҵкыс акырӡа еиҕьуп. Ишҳаиҳәаз ала, алҵшәа бзиа иоуит, избанзар адгьыл анаалан, сынтәа 15 инаркны 20 тоннанӡа аҽаҩра дазыҧшуп.

Арҧхарҭаҿы џьара-џьаара ашьынка асаара ишьҭоуп, аха ҭыҧқәак рҿы агәылҧштәы змоу аҳа ала хыхь икыдҿаҳәалоуп.

Ҩымчыбжь ҵуеит Гено Асаҭиани иаалыҵ аџьармыкьашҟа анагара далагеижьҭеит. Аханатә кьылак 5 лари иаҧсан, уажәы 3 - 4 лари. Иара иааӡо ашьынка ҧыжәарак амоуп, аекологиатә ганахьала ицқьоу аалыҵуп. Убри аҟынтә, дымшәаӡакәа, имаҭацәагьы ирҿаиҵоит. Абжьааҧны, абиоаалыҵ иаҳа ахә цәгьоуп, аха афермер ишиҳәаз ала, ахә шьҭихыр, зегьы ирзаахәаӡом. Асезон азы ашәыр ахә мариоуп.

„1 500 дац сымоуп. Сара ахимиатә рҵәҵәырақәа схы иасырхәом. Аоргантә рҵәҵәырақәа мацара схы иасырхәоит. Убри алоуп егьырҭ сызлареиҕьу“, - иҳаиҳәеит Цаишьи инхо ахаҵа.

Афермер иҳәамҭала, ашьынка ахылаҧшра уадаҩым. Аҵиаа аӡы шаҭаху анибалак, аӡы ақәиҭәоит. Аха егьырҭ аҵиаақәа ишрықәиҭәо еиҧш акәымкәа, иаҳа имаҷны. Ҧырхага злоу амаҵакәа иқәызхуа ахәшә аиҭоит. Аӡынраз абри арҧхарҭаҿы апомидор еиҭаҳаны иман.

Ашәыр аныҟалалак, Қарҭтәи аџьармыкьа ашҟагьы анагара игәы иҭоуп. Ишҳаиҳәаз ала, ҳаҧхьаҟа акарпыжәгьы еиҭаиҳәар иҭахуп.

Арҧхарҭа еиҿикааит апрограмма „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ“ ацхыраара ала, иара агрант аҳасаб ала, 30 нызқь адоллар иоуит. Ишиҳәо ала, апроект иҩын, ииҭахыз изиҭахыз зегьы ааирҧшит. Ари аус аҿы аҧышәа шимазгьы иҳәеит. Иажәақәа рыла, анапхгара ҿыц анааи ашьҭахь ақыҭанхамҩа хшыҩзышьҭра ду амоуп. Аусура зылшо ауаа зегьы ирыцхраауеит.

Афермер иҳәамҭала, раҧхьатәи арҧхарҭа 2000 шықәсазы еиҿикааит. Аханатә 500 аквадраттә метр аҵакырадгьыл аҿы анашеи апомидори еиҭаиҳаит, нас, егьырҭгьы иара иҿаҧшны, ари аус рнапы адыркит. Иахьазы 4 нызқь аквадраттә метр аҵакырадгьыл аҿы арҧхарҭа еиҿкааны имоуп, уажәазы уаҟа анашеи апомидори ирываргыланы, егьи ауҭраҭыхгьы еиҭаҳаны имоуп.

Иахьазы арҧхарҭаҿы фҩык ауааҧсыра аус руеит. Ишиҳәаз ала, ари аус ала иҭаацәара ныҟәыигоит. Гено Асаҭиани иҳәамҭала, аџьабаа умбар, акгьы иалҵуам. Агәра ганы дыҟоуп аџьабаа еснагь алҵшәа шахылҵуа.
Print E-mail
Twitter
Ари aмaтериaлқәa
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
09:12 / 19.10.2021
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
4 октября, в школьных зданиях возобновился учебный процесс,
11:48 / 12.10.2021
4 октября, в школьных зданиях возобновился учебный процесс,
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала