Aмультимедиа
Жәыргьыҭтәи афермер апандемиа аан ашәҭқәа шиҭиуа [афото]
Хышықәса ҵуеит афермер Леван Берулава, агазаниа, петуниа, авиола уҳәа, еиуеиҧшым ашәҭқәа рыла игәара арҧшӡара далагеижьеит.

Азинҷыдала агрокредит игеит, программа „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ“ аҳәаақәа ирҭагӡаны афинансқәа иоуит, арҧхарҭагьы еиҿикааит, аха апандемиа иара ибизнес иаҧырхагахеит, избанзар иахьазы ашәҭқәа рыҭира ицәыуадаҩуп.

„Феисбуқ аҿы адаҟьа ҟасҵеит, ахархәаҩцәа рацәа исыдҵаалоит, уажәазы аҭагылазаашьа шыцәгьоугьы, хар ҳамамкәа аус аауеит. Анахарала ашәҭқәа ҳҭиуеит. Абанк ала аҧара ҳзиаргоит“, - иҳәеит афермер.

Иара иажәақәа рыла, аахәаҩцәа, иара ицхраарц азыҳәан, акампаниагьы мҩаҧыргоит, иара иҟынтә иаархәо ашәҭқәа рфотоҭыхымҭақәа Феисбуқ ала иаладырҵәоит, уигьы ашәҭқәа рыҭира иацхраауеит.

Аха, афермер ишиҳәаз ала, аиҭаҳатәқәа рыҭира ала зхы ныҟәызго ақыҭауаа реиҳара аинтернет рымам, убри аҟынтә, изакәызаалак хашәалахәк рымамкәа иаанхеит.