Жәыргьыҭтәи ельфқәа - аҳәса активистцәа егьырҭ рыцхрааразы [афото]
Аҧҳәызбацәа ааҵәа дуқәа ирыҵоуп. Икапанны, ишаны,
апакетқәа ирҭарҵоит. Уаҟа, афатәаалыҵ инаваргыланы, амаҭәа ҧхақәеи
ахәмаргақәеи иҟоуп. Абри зегьы - егьырҭ ауааҧсыра ирыцхраарц
азыҳәан атәылауаа иаарго амаҭәарқәа роуп. Анеҩс, активистцәа
Цабуниа Вартагавеи Мариам Сиҷинавеи, егьырҭ ахалагәаҧхаҩцәа
рыцырхрааны, абри аидара зегьы реиҳа зҭагылазаашьа цәгьоу
аҭаацәарақәа ирызнаргоит.

„Алоқдаун аан азарал зауз ауааҧсыра рыцхраара аидеиа ҳҩызак илтәуп. Лара Қарҭи Қәҭешьи абри аҩыза акциа амҩаҧгара далаган, ҳаргьы Жәыргьыҭгьы абри аҩызаҵәҟьа акциа еиҿаҳкаарц ҳаӡбеит - аӡынразы иҳамаз аҭаҵәах ҳхы иаҳархәит, агәыҧ еиҿаҳкааит. Аҧареи афатәаалыҵи реизгара ҳалагеит. Ауаа аварение, аконсервқәа, асыӡбал уҳәа, ирымаз ҳзааргеит. Ирылшоз ала иҳацхрааит. Ҳара зегьы реиҳа ацхыраара зҭаху 21 ҭаацәарақәа ҳрыцхраауеит“, - илҳәеит Цабуниа.

Изыцхыраауа аҭаацәарақәа рсиа маӡоуп. Акциа аиҿкааҩцәақәак роуп урҭ рыхьӡқәа здыруа. Ахалагәаҧхаҩцәа Феисбуқ ала иаладырҵәеит абанктә хыҧхьаӡара аномер, убри ала ироуа аҧара егьырҭ агәыҳалалратә усқәа рзгьы рхы иадырхәоит. Асоциалтә кампаниа ианалага инаркны ҩымчыбжь рыҩнуҵҟала ауаа рацәа ргәазыҳәара анагӡараҿы ирыцхрааит, убри азоуп даара, игәыбзыҕны, ельфқәа ҳәа изрышьҭоу.
Асабик имшиира аныҟәоу, иара даараӡа дзыргәаҟуа аторт имамзар, мамзаргьы хбыџк аҭел ахьимам амшала онлаин-урок алахәызаара илымшозар, ма амамзааара иахҟьаны мызқәак ирылагӡаны ҭаацәарак афымца рымамзар, убраҟа абарҭ аҧҳәызбацәа цәырҵуеит.

Ашықәс Ҿыцтәи аныҳәақәа рзы, Жәыргьыҭтәи ақыҭа Ҷкадуаши инхо, апандемиа амшала аусурҭа зцәыӡыз аҭаацәара ачичилакқәа рыҭираҿы ирыцхрааит. Аҧҳәызбацәа абри аҭаацәара ирызкны еилыркааит "Лаивпресс" арепортаж аҟынтә. Акампаниа атәы анаарыцҳа, ачичилак аазхәар зҭахыз ауаа рацәа ирыдҵаалт.
„Ахалагәаҧхаҩцәа, бжеиҳарала,Феисбуқ ала иҳадҵаалоит. Агәыҧ аҿы ианаҳҵоит аофис аҿы ҳаҟоуп, ацхыраара ҳҭахуп ҳәа. Нас, ауаа рхатә гәаҧхарала иаауеит, ҳара конкретла аӡәгьы дааҳаҧхьом, дара ибзианы ирдыруеит хықәкыс иҳамоу. Исгәамҧхо ауаа анаауагьы иҟоуп, аха, сара ибзиаҵәҟьаны издыруеит ҳхықәкқәа шеиҧшу, иаҳзеиҧшу аус шыҟаҳҵо, аус бзиа шыҟаҳҵо“, - илҳәеит Мариам. Ишеилкаахаз ала, ахалагәаҧхаҩцәа реиҳара ҳәсақәоуп.

- Аидара ду шәаҵоуп, ишәцәыуадаҩӡами?, - слазҵааит Мариам.
- Аидара ашьҭыхра? Мап, аус бзиа шыҟасҵо аныздыруа, ихьанҭамызшәа сгәы иабоит. Амотивациа сымоуп, адреналин сцәа ианыруеит, иласушәа сгәы иабоит, - илҳәеит Мариам.