Aмультимедиа
Аҧсҭазаарау азықәҧароуп - 97 шықәсазхыҵуа аветерана коронавируса чымазарадалҵит
FaceBook Twitter
E-mail Print
Ашәараулазарҟалом. Уқәҧароуп. Уараухаҭауҧ сҭазаарауа зықәҧароуп, - иҳәеит Анаклиа инхо, Аҩбатәиадунеитәеибашьрааветеран,97шықәсазхыҵуа Карло Лагвилава.

Лассы-лассы ақәра акгьы аҵанакуам, авирус егьа ишәарҭазаргьы, апациент ачымазара алҵразы еснагь ашанс имоуп, абри ауп ишәзеиҭаҳҳәо аҭоурых зызку.

Уажәы хар имамкәа дыҟоуп, сгәы бзиоуп ҳәа иҳәан, Нуца гәыдикылеит. Нуца -асабииеиҧш иааӡаз ацгәы ауп. Марта захьӡу даҽа цгәыкгьы имоуп, ашәарыцарантә даныхынҳәы аҩны иҧылеит.

Авирус ахьҿикаазгьы ианҿикаазгьы издырӡом. Аҩны аусқәа нҵәом, ахьҭа сылалазар ҟалап ҳәа иҳәеит. Ицынхоз имаҭа хаҵа дцеит. Аҭаацәара даҽа алахәылак аҳәаанырцәҟа дцеит. Убри аҟынтә, иара ихала ихы ибоит.

"Сара схала сычмазаҩхеит ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар сгәы аныбзиаз адәахьы сыҟан. Аусқәа нымҵәеит. Аҩны шә-уск иҟоуп. Сҽеиҿыскаап сҳәан, убри саҿын. Аҩны еилсыргон, зны-зынла ақалақь ахь сцалон. Ахьҭа сылалазар ҟалап. Сымцашоура халеит. Абас акәзар ҟалап корона сшылалаз", - иҳәеит Карло Лагвилава "Лаивпресс"акорреспондентданлацәажәоз.

Игәыла еиликааит иара игәы шыбзиамыз. 38 градуც амцашоура иман, деимҳәон. Ахьаа изцәырҵит. Амедицинатә цхыраара лас аарыҧхьеит. Аҳақьым акоронавирус азы агәҩара изцәырҵит. Карло Лагвилава ишиҳәо ала, усҟан хәыҷык игәы иалсит, аха, ак ихьыр ҳәа дшәаны, ахәышәтәырҭашҟа ацара дақәшаҳаҭхеит. Аҳақьым абра уаанхар уҧсуеит ҳәа иеиҳәан, Рухтәи аклиникашҟа дыргеит, уаҟа ҩымчыбжь дышьҭан.

Аҩны ацаҧхеи асаби иеиҧш иааӡаз ацыгәқәеи игәыла изаанижьит, сахьынӡаҟам урхылаҧш ҳәа. Нуцеи Мартеи уаҳа ибап ҳәа дыҟамызт. Авирус даиааины аҩныҟа дхынҳәуеит ҳәа агәра игомызт. Ахәышәтәырҭаҿ дахьышьҭазгьы дара дрызхәыцуан. Аҩныҟа ахынҳәра дахыццакуан, аҳақьымцәагьы ирццакуан. 12-тәи амш азы дрыҳәо далагеит аҩныҟа соушәыжьҭ ҳәа. Уаҳа амцашоура имамызт. Дшыбзиахаз агәра ргарц азыҳәан, доурыжьҭаанӡа даҽазнык дәгарҭеит.

"Арентген сзыҟарҵеит. Астол сықәырианы, аппаратк сҭарҵеит, атуннель сҭалозшәа сгәы иабон, абас сгәарҭеит. Раҧхьа сангәарҭоз сыблала избон, 11 цыра акәапқәа иҟан. Аҵыхәтәаны сангәарҭоз ааба ракәын иҟаз. Сарҕьа рыҧҳа ашәшәыра аман. Нас, анализқәа рҭакқәагьы ааргеит. Аҳақьым хада дааит. Маладец уара ҳәа сеиҳәеит,97 шықәса зхыҵуа уара абри ачымазара иухыугап ҳәа сыҟамызт ҳәа иҳәеит", - игәалаиршәоит Карло Лагвилава.

Аҳақьымцәа ирҳәарызеи ҳәа игәы хыҭхыҭуа дазыҧшын. Цәгьарак ихьны дыҟазар иҵегьы кыраамҭа ахәышәтәырҭаҿы даанрыжьыр ҳәа дшәон. Аха, аҳақьымцәа анааи, убзиахеит ҳәа иарҳәеит.

Даноурыжьҭуаз, аҳақьым акалиаскала актәи аихагылашҟа дылбааигеит, иқәыҧшыз аковидчымазаҩцәа рахь. Шәихәаҧш, ажәҵыс еиҧш дҧыруа аҩныҟа дцоит, авирус даиааит, шәара агәыр аҟаҵара шәацәшәо абра шәахьиоу абри шәиҿаҧшы ҳәа.

Карло Лагвилава игәаанагарала, иара ибзиахара аҳақьымцәеи игәабзиареи ауп изыбзоуроу. Еснагь схы сахылаҧшуан, санқәыҧшыз аҳәынҵәатәи аӡытәи ӡыҵхәраақәа сырҭалон ҳәа иҳәеит.

Ачымазара даналҵ, уажәшьа егьырҭгьы ргәы шьҭихуеит - шәымшәан ҳәа.

Аҩныҟа даныхынҳәы, игәхьааигоз Нуцеи Мартеи иҧылеит. Рыҧшәма данырба иеиқәашьапқәа ирхьынҳәалеит, дшыгәхьааргоз иддырбозшәа.

97 шықәса зхыҵуа аҭаҳмада амҿы шьҭаҵаны имоуп. Аамҭа - аамҭала амҿыхҵәахак аашьҭхны, аҧечқа инҭеиҵоит. Нуца, аҧхарра аҽаҭаны, апеҷка иаҵатәоуп. Абду Карло ибжьы анаҳалак, игыланы, акрыфараиалагоит.

Абас, ааҧынра ишазыҧшу, амшқәа ацара иаҿуп.
Print E-mail
Twitter
Ари aмaтериaлқәa
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
09:12 / 19.10.2021
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
4 октября, в школьных зданиях возобновился учебный процесс,
11:48 / 12.10.2021
4 октября, в школьных зданиях возобновился учебный процесс,
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала