Aмультимедиа
Ҳааит апандемиа аҵыхәа ҧаҳҵәарц азыҳәан - жәыргтьыҭтәи атәанчуаа Covid-19 авакцинациа иазкны
FaceBook Twitter
E-mail Print
Уажәы абраҟа ауаа рацәазар акәын, - иҳәеит 69 шықәсазхыҵуа Рубен Гахариа, иара азыҧшратә уадантә акабинет ашҟа дыҧшуеит, уаҟа иҧҳәыс акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа лзыҟарҵоит.

69 шықәса зхыҵуа Рубен Гахариа, иҧҳәыси иашьеиҵби иманы, жәыргьыҭтәи арефералтә хәышәтәырҭашҟа днеит, уи арегион аҿы атәылауаа алаҵа ҟарҵар ахьрылшо амедицинатә усбарҭа заҵәуп. Ишиҳәаз ала, апандемиа ҟалеит ҳәа анрыларҳәа, авакцина ҟашәымҵар ҟалом ҳәа анырҳәа ашьҭахь, Анцәа диҳәон авакцина ҭрыжьаанӡа абри аҿкы имыхьырц. Аиашаз, хәыҷык дгәымҵуан, аха Астразенека алаҵа аныҟаиҵа ашьҭахь дыбзиахәӡа дыҟоуп. Авакцина амшала изакәызаалак уадаҩрак изцәырымҵит. Уажәы аангыларатә уадаҿы аҳақьымцәа ихылаҧшуеит.

Шәхы шҧажәбо, ахьаа шәымоума? – ес-5минуҭк иазҵаауеит. Зегьы бзиахәӡа иҟоуп.

69 шықәса маҷым, сара исықәлоу атәылауаа зегьы алаҵа ҟарҵароуп ҳәа иҳәеит. Иуацәа, игәылацәа уҳәа, ауаа зегьы абри ауп ирыбжьеиго. Авакцинациа иаҿагыланы имҩаҧысу акампаниа дазыӡырҩуам, аинформациа цәгьа дазыӡырҩуам, гәыкала агәра игоит апандемиа аанкыларазы авакцинациа ада уаҳа мҩак шыҟам.

"Иахьа абра ауаа рацәа игылазар акәын. Абри ахыбра егьи аҩналарҭа аҧхьа ауаа рацәа ҳбан,ҳаангылеит, алаҵа уаҟа иҟарҵоит ҳәа ҳгәы иаанагеит. Аиҳабыра убри аҟара аџьабаа рбеит, авакцина ҳзааргеит, нас, уара ухы уҭахӡами?", - иҳәеит Рубен Гахариа ауаа рхымҩаҧгашьа уамашәа ибо.

Апандемиа ҟалаанӡа ауаа ирыбжьаз аизыҟазаашьақәа роуп зегьы реиҳа игәхьааиго. Акоронавирус ашьҭахь, раҧхьа иргыланы, иҩызцәа дырҧылар иҭахуп,ҧаса ишыҟаз еиҧш еибабаларц ауп иҭаху, абри ауп иахьа зегьы реиҳа дзыргәаҟуа. Асабрада иҿаҵаны игәылацәа дрызнеилоит, убри ала изымхо аибабара хаирҭәаауеит, макьана уаҳа лшарак иҟам.

Акоронавирус шәхыжәгахьоума? Аллергиа шәымоума? Изакәызаалак операциак шәзыҟаҵатәума? - авакцинациа акабинет аҿы азҵаарақәа иқәдыргылоит, азыҧшратә уадаҿы алаҵа аҟаҵара иазыҧшу ауаа абри апроцесс иацклаҧшуеит. Хәыҭхәыҭла, иҧышәарччо азҵаарақәа аҭак рырҭоит. Уи асценашҟа ацәырҵра аҧхьа арепетициа еиҧшуп.

Рубен Гогохиа иҧҳәыс, 69 шықәса зхыҵуа Лиа Салиагьы алаҵа ҟалҵеит. Уажәы аангыларатә уадаҿы 45 минуҭ дыҟазароуп. Аханатә дгәамҵуан, аха уажәшьҭа лгәы ҭынчхеит. Сықәра амшала ҷыдала ашәарҭара иҭагылоу агәыҧ саҵанакәеит, убри азоуп авакцинациа сзақәшаҳаҭхаз ҳәа лҳәеит. Лиа агәра ганы дыҟоуп лареи егьырҭ ауааҧсыреи рзы акоронавирус ала ачмазаҩхара иаҳа ишшәарҭоу алаҵа аҟаҵара аасҭа.

Ирыҩуагьы ирҳәогьы рацәоуп, аха сара уи сазыӡырҩуам ҳәа ҳалҳәеит авакцинациа иаҿагылоу акампаниа даналацәажәоз. Уажәшьҭа дҭынчуп. Аха, ишылҳәаз ала, егьырҭ ауааҧсырагьы алаҵа ҟарҵар, иаҳа дҭынчхон, абас мацаралоуп апандемиа аҵыхәҧҵәара зларылшо.

"Изныкымкәа исҳәахьеит, абри аҩыза аамҭа ҳҭагылоуп, ауаа зегьы иацәшәоит. Знык,ауаа ахьырацәаз ҭыҧк аҿы сасра сыҟан. Убри ашьҭахь жәамш сгәы ҭынчымызт, авирус ҿызкааз аӡәы дрылазар ҳәа сшәон. Сашьа агәыхь даргәамҵуан,аоперациа изыҟарҵахьеит. Сшәаны иара иахь снеиӡомызт. Абарҵаҿ дгылан, 5 минуҭк сиацәажәеит", - илҳәеит алаҵа ҟазҵаз Лиа.

Астразенека алаҵа ҟаиҵеит Рубен Гахариа иашьеиҵбы, 66 шықәса зхыҵуа Емзар Гахариагьы. Акоронавирус аҟынтә ихы ихьчарц азоуп абрахь дзааиз. Алаҵа ашьҭахь хар имамкәа дыҟоуп, егьырҭгьы ирыбжьеигоит акгьы иацәымшәакәа алаҵа ҟарҵарц.

Иахаьазы Гыртәыла арегион аҿы 158ҩык ауааҧсыра алаҵа ҟарҵахьеит. Урҭ рҟынтә 69ҩык амедицинатә усзуҩцәа роуп, егьырҭ ауааҧсыра еиуеиҧшым агәыҧқәа ирыҵанакәеит. Жәыргьыҭтәи ауаажәларратә гәабзиарахьчара ацентр анапхгаҩы Нана Одишариа "Лаивпресс" акорреспондент ишлалҳәаз ала, жәыргьыҭтәи арефералтә хәышәтәырҭаҿы иахьа уажәраанӡа авакцинациа иахысит 98ҩык ауааҧсыра. Егьырҭ ауааҧсыра алаҵақәа ҟарҵеит арегион аҿы аус зуа егьырҭ амедицинатә усбарҭақәа рҿы. Ари аусура мҩаҧган атәыла анапхгареи агәабзиарахьчара аспециалистцәеи алаҵақәа ареанимациатә аҟәшақәа ахьыҟоу ахәышәтәырҭақәа рҿы иҟаҵатәуп ҳәа ирыӡбаанӡа.

"Ҳрегион ауааҧсыреи амедицинатә усхкы ахаҭарнакцәеи рыхәҭак,арегион анҭыҵ иҟоу амедицинатә усбарҭақәа рҿы Фаизер авакцина аҟаҵаразы ашәҟәы рыҽҭарҩит", - илҳәеит Нана Одишариа, аха урҭ рҩызцәа шаҟаҩы иҟоу макьана илыздырӡом.

Қырҭтәыла авакцинациа апроцесс иалагеит хәажәкыра 15 рзы. Иахьазы алаҵа ҟарҵахьеит 11 603ҩык атәылауаа. Урҭ амедицинатә усзуҩцәеи 55-и 65-и шықәса еиҳаны изхыҵуа атәылауааи роуп.

Асабшазы атәыла аиуит китаитәи аилахәыра "Синофарма" иҭнажьыз авакцина 100 нызқь адозақәа. Абри аҟараҵәҟьа китаитәи авакцина Синовак ҳамҭас ироуеит. Мшаҧы агәҭаны "Синофарм" авакцина Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара авторизациа аиуеит, убри анеҩс,Қырҭтәылагьы абри авакцина ахархәара иалагоит.
Print E-mail
Twitter
Ари aмaтериaлқәa
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
09:12 / 19.10.2021
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
4 октября, в школьных зданиях возобновился учебный процесс,
11:48 / 12.10.2021
4 октября, в школьных зданиях возобновился учебный процесс,
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала