Галҟа схынҳәны ИгрыГес аҿы аусура салагарц сгәы иҭоуп - астипендиа зауз астудент
Аҧснытәи астудент Гьаргь Циколиа Дырмит Гәлиа ихьӡ зху астипендиа
ирҭеит.
Уи Қырҭтәыла атехникатә университет актәи акурс дҭоуп. Зыӡбахәы
ҳәоу астипендиа ишьаҭаркын Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи
рызҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр лыҧшьгареи аҵара аминистрра
адгылареи абзоурала. Гьаргь астипендиа ианашьоуп амилаҭтә
ҧышәарақәа рҿы иоуз алҵшәақәа рзы. Уи, шықсык аҩнуҵҟа, есымза 300
лари иоуеит.
Лаивпресс: Гьаргь, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху астипендиа урҭоит ҳәа угәы иаанагозма?
Гьаргь Циколиа: Ҳәарада, уи сақәгәыҕӡомызт. Исыҧхьан, уааҵәҟьа исарҳәеит.
Лаивпресс: Ари астипендиа уара узы ҵакыс иамои?
Гьаргь Циколиа: Ҵакыс иамоу акоуп, ибзианы аҵара уҵозар, уи хымҧда ахә ршьоит, адырра џьаргьы иӡӡом.
Лаивпресс: Амилаҭтә ҧышәарақәа рҿы агрант уоума?
Гьаргь Циколиа: Ааи, 50%-тәи агрант сымоуп.
Лаивпресс: Аҧышәарақәа рзы аҽазыҟаҵара уабахысуаз, амилаҭтә ҧышәарақәа уара узы иуадаҩызма?
Гьаргь Циколиа: Гал сҽазыҟасҵон. Сара сзы аҧышәарақәа усҟаҟ иуадаҩымызт.
Лаивпресс: Аҧсны уабанхо?
Гьаргь Циколиа: Сара Галтәи араион Саберио ақыҭаҿ сынхоит.
Лаивпресс: Аҧснынтә уанбааи?
Гьаргь Циколиа: Гал ашкол салгеит. Жьҭааразы Қарҭ сааит.
Лаивпресс: Қарҭ аҵара зуҭаххеи, Аҟәатәи ауниверситетгьы уҭалар ҟамлози?
Гьагь Циколиа: Избанзар араҟа аҵара аҩаӡара иаҳа иҳаракуп, Аҧсны аҵкыс.
Лаивпресс: Шәшынҭаҳцәароу арахь шәиасма?
Гьаргь Циколиа: Саб дыҧсхьеит. Сан ИгрыГес аҿы агроном - декоратор хадас аус луеит. Саргьы аамҭа-аамҭала Аҧсныҟа сцалоит.
Лаивпресс: Иарбан факультету азҭо?
Гьаргь Циколиа: Аенергетиеи аелектроинџьнырреи афакультет сҭоуп.
Лаивпресс: Ари азанааҭ залухи? Узызҿлымҳахеи?
Гьаргь Циколиа: Сара ИгрыГес ааигәара сынхоит. Аҵара саналгалак, уахь схынҳәыр сҭахуп, уаҟа ари аусхкы аперспектива амоуп. Убри аҟынтә, Галҟа схынҳәны, ИгрыГес аҿы аусура салагар сҭахуп.
Лаивпресс: Угәы ишҧаанаго, аҿар аҿиаразы иаҳа алшара иабарымоу, Қарҭ акәу Аҧсны акәу?
Гьаргь Циколиа: Ҳәарада, абра. Уаҟа зегьы ҧкуп.
Лаивпресс: Уи ишҧа?
Гьаргь Циколиа: Уаҟа, аҵара аҵкыс аҧара иаҳа ҳаҭыр акәуп ҳәа уҳәар ҟалоит. Иаҳҳәап, адиплом аиура аан, ишиашоу акәымзаргьы, уезгьы аҧара аҵакы ду амоуп.
Лаивпресс: Гал аҿар агәырҿыхаразы алшарас ирымои? Ргәы ишҧадырҿыхо? Нхашьас ирымои?
Гьаргь Циколиа: Бжеиҳарала, адәахьы ампыл иасуеит. Уаҳа ргәы зладырҿыхаша акгьы иҟам.
Лаивпресс: Гал ахәмарратә ашҟа иҟоума? Уа уаныҟаз зегьы реиҳа иуҭахызи?
Гьаргь Циколиа: Астадион иҟоуп, аха аҿар ргәы зладырҿыхаша уаҳа акгьы иҟам.
Иахьатәи ауснагӡатә аҿы ауаҧс литература ашьаҭакрҩы, апоет Коста Хетагуров ихьӡ зху астипендиа иоуит Кавказтәи ауниверситет астудент Робинзон Илуриӡе.
Астипендиақәа рыҭара ацеремониа Дырмит Гәлиа иира инаркны 145 шықәса аҵреи раҧхьатәи аҧсуа акьыҧхьтә медиа ашьаҭаркра 100 шықәсатәи аиубилеи иақәдыршәеит.