Аилыркaaрa
Иқәыҧшу жәыргьыҭтәи аматематик жәларбжьаратәи аолипиадаҿы ахьтәы медал игеит
FaceBook Twitter
E-mail Print
Жәыргьыҭ инхо Ҭеимураз Ҭолораиа Казахстан имҩаҧысуаз жәларбжьаратәи аолимпиада аҟынтә ахьтәы медал ала дхынҳәит. Иара 42 рҟынтәи 42 балл еизигеит. Абри аҩызаҵәҟьа алҵшәа иман даҽаӡәызаҵәык, аказах математик. Арҭ аицлабрақәа иахьынӡауадаҩыз, наҟ-наҟ игәы иҭоу, абарҭ азҵаарақәа рзы аматематик қәыҧш диацәажәеит "Лаивпресс" акорреспондент.

Лаивпресс: Раҧхьа иргыланы, иаҳзеиҭашәҳәар ҳҭахуп Жаутиков ихьӡ зху жәларбжьратәи аолимпиадеи уи аҿы шәара шәылахәызаареи иазкны.

Ҭеимураз Ҭолораиа: Ари аолимпиада жәаф шықәса рыҩнуҟа, есышықәса, Казахстан имҩаҧысуеит. Ахатә принципи астили рыла егьырҭ аолимпиадақәа иреиҧшым. Аолимпиада, аамҭакала, 3 маҭәарк рзы имҩаҧысуеит - аматематикеи, афизикеи, аинформатикеи рзы. Акаманда аҳасаб ала, атәыла акәымкәа, ашкол ауп иқәгыло. Убри алоуп егьырҭ аолимпиадақәа излареиҧшым. Сара Комаров ишкол акаманда ахьӡала сықәгылон. Апринцип абас ауп ишыҟоу - амаҭәарқәа рыхҧагьы рзы аицлабрақәа хаз-хазы имҩаҧҩысуеит, алахәыла цыҧхьаӡа аолимпиада далахәып хаҭала. Убри ашьҭахь. ашкол аҟынтә алахәылацәа зегьы, акоеффициент ала рбаллқәа аихшьаала рзуны, ашколқәа рреитинг шьақәдыргылоит.

Лаивпресс: Шәара раҧхьаӡа акәны аума ари аолимпиада шәшалахәыз?

Ҭеимураз Ҭолораиа: Жаутиков иолимпиада ихынтәны салахәын. Уаанӡа араӡнытәи аџьазтәи медалқәа згеит.

Лаивпресс:
Ашкол аҿы абри аолимпиадазы шәышҧалырхи?

Ҭеимураз Ҭолораиа: Абри аолимпиада аҽалархәразы ашколқәа зегьы рҿы ҷыдала алхратә олимпиадақәа мҩаҧысуеит.

Лаивпресс
: Комаров ишкол шәҭеижьҭеи шаҟа шықәса ҵуеи?

Ҭеимураз Ҭолораиа: Абжьбатәи акласс инаркны.

Лаивпресс: Жәыргьыҭынтә Қарҭҟа аҵаразы шәанбаиаси, насгьы шәзиаси?

Ҭеимураз Ҭолораиа: Актәи акласс саналгоз Қарҭҟа сиасит. Сҭаацәа роуп уи зыӡбаз.

Лаивпресс: Аматематикеи атехникатәи маҭәарқәеи аханатәгьы шәрызҿлымҳазма?

Ҭеимураз Ҭолораиа:
Уаанӡа аматематика усҟаҟ сазҿлымҳамызт. Аҩбатәи инаркны афбатәи акласс аҟынӡа абжьааҧнытәи ашкол сҭан. Аха, ахҧатәии, аҧшьбатәии, ахәбатәии аклассқәа рҿы саныҟаз, усҟан имҩаҧысуаз аолимпиадақәа рҽалархәра салагеит. Алҵшәа бзиа шсымоу анызба, Комаров ихьӡ зху афизика - математикатә школ ашҟа сиасырц сыӡбеит.

Лаивпресс: Ари аолимпиадаҿы ишәырҭоз адҵақәа уадаҩызма?

Ҭеимур Ҭолораиа: Ишаҧу ала, аолимпиадақәа рҿы адҵақәа зегьы уадаҩуп. Мышкала, х-дҵак рзы ҧшьсааҭки бжаки урҭоит. Зынӡа ҩымш инагӡоит. Аиаша уҳәозар, иурҭо аамҭа маҷуп, избанзар адҵақәа даараӡа иуадаҩуп.

Лаивпресс: Адҵақәа есышықәса иаҳа-иаҳа иуадаҩхома?

Ҭеимураз Ҭолораиа:
Шықәсык - ҩышықәса рыла усҟаҟ иуадаҩхом, аха, жәашықәса раҧхьа иҟаз адҵақәа ирҿаурҧшыр, лабҿаба иубарҭахоит адҵақәа даараӡа ишыуадаҩхаз.

Лаивпресс: Ҳаҧхьаҟа занааҭс иалышәхуа шәыӡбахьоума?

Ҭеимураз Ҭолораиа: Занааҭс иалысхуа макьана цқьа исыздырӡом. Аҳәаанырцә аҵара насыгӡар сҭахуп. Ма аматематика алысхуеит, ма апрограммаҩра.

Лаивпресс: Шәҭаацәа рҟынтәи аматематика агәырҵҟәыл змада?

Ҭеимураз Ҭолораиа: Сани саби иуристцәоуп. Сандуи сабдуи иматематикцәан.

Лаивпресс: Комаров ишкол аҿы аҵара уадаҩума? Аамҭа аншәымоу, иарбан усуи еиҕьашәшьо?

Ҭеимураз Ҭолораиа: Аҵара уадаҩуп, аха уи иаанагом шьыжь инаркны хәлаанӡа сеилахоуп ҳәа. Амузыка сазыӡырҩуеит, адәахьы снеи-ааиуеит, афильмқәа срыхәаҧшуеит.

Лаивпресс: Аиааира жәгоит ҳәа шәыҟазма?

Ҭеимураз Ҭолораиа: Аҩны аҽазыҟаҵара санаҿыз, иуадаҩу адҵақәа ибзианы иҟасҵон. Убри аҟынтә, ақәҿиара ду сақәгәыҕуан. Аха, актәи аҭыҧ шызгоз агәра ганы сыҟамызт.

Лаивпресс: Ааигәа иҵегьы аолимпиада мҩаҧысраны иҟоума?

Ҭеимураз Ҭолораиа:
Жәабаран азы Румынтәылаҟа сдәықәлоит, уаҟа аматематиказы мастерс сҽаласырхәоит. Иакымкәа жәларбжьаратәи аолимпидақәа срылахәын, еснагь амедалла схынҳәуеит.

Жаутиков ихьӡ зху 16-тәи жәларбжьаратәи аолимпиадаҿы Комаров ихьӡ зху ашкол аҵаҩцәа ахьтәы 3 медалки, араӡнытә 5 медалки, аџьазтә 5 медалки ргеит.
Print E-mail
Twitter
Ари aмaтериaлқәa
Акоронавирус ахәбатәи ацәқәырҧеи аӡынтә сезони ҳанрызҧшу аамҭазы,
атәылаҿы авакцинациа
20:09 / 14.10.2021
Акоронавирус ахәбатәи ацәқәырҧеи аӡынтә сезони ҳанрызҧшу аамҭазы, атәылаҿы авакцинациа
Акоронавирус Дельта аштамм аларҵәара ианалага ашьҭахь,адунеи
зехьынџьара авирус
16:34 / 23.07.2021
Акоронавирус Дельта аштамм аларҵәара ианалага ашьҭахь,адунеи зехьынџьара авирус
Сынтәа аҧсуа школқәа арҵагашәҟәы ҿыц ала ахәыҷқәа аҧсуа бызшәеи
алитературеи
11:39 / 14.07.2021
Сынтәа аҧсуа школқәа арҵагашәҟәы ҿыц ала ахәыҷқәа аҧсуа бызшәеи алитературеи
Хышықәса ҵуеит импыҵахалоу Аҧсны иқәынхоабитуриентцәа Жәыргьыҭҟа
00:12 / 11.07.2021
Хышықәса ҵуеит импыҵахалоу Аҧсны иқәынхоабитуриентцәа Жәыргьыҭҟа
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала