Аилыркaaрa
Аҧсуа коллегацәа ахәшәқәеи аибыҭареи рызназгаз аҳақьым иинтервиу
FaceBook Twitter
E-mail Print
Аҳақьым Оҭар Маршава импыҵахалоу Аҧснынтә Жәыргьыҭҟа дхынҳәит мшаҧы 12 рзы. Изгәакьоу арегион аҿы мышәқак мҩаҧигеит, уаҟа иколлегацәа дырҧылеит. Оҭар Маршава занааҭла дхирургуп, донкологуп, аха, Аҧсны даҽа занааҭк алагьы аус иухьеит. Амедицинатә ҭҵаарадыррақәа докторуп, апрофессоруп, еиуеиҧшым аамҭазы аус иуан Қарҭтәи амедицинатә университет акафедреи, ареспубликатә хәышәтәырҭеи, Қәҭешьтәи амилаҭтә медицинатә центри рҿы. Акоронавирус апандемиа иалагаанӡа, мчыбжьыкахь знык Егры ацҳа дахысуан уаатәи апациентцәа дрыцхраарц азыҳәан. Ҧаса, 1995 шықәсазы, ихатә ҧарала Галтәи ахәышәтәырҭа еиҭашьақәиргылеит. Уажәазы Қарҭ, хазхаҭалатәи клиникак аҿы аус иуеит. Жәыргьыҭтәи Сакребуло далахәып.

Аҳақьым Оҭар Маршава Аҧснынтә даныхынҳәы, "Лаивпресс" акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Егры нхыҵ иҟоу аҳақьымцәа апандемиа аҿагыларазы иахьынӡахиоу. Иара аҭелла аинтервиу ҳаиҭеит.

Лаивпресс: Раҧхьа иргыланы иҳашәҳәар ҳҭааахуп Аҧсныҟа шәнеира хықәкыс иамази?

Оҭар Маршава: Гали, Очамчыреи, Тҟәарчали ахәышәтәырҭақәа рҿы сыҟан. Уаатәи аҳақьымцәа аибыҭареи ахәшәқәеи рызназгеит, ари аус аҿы сҩызцәагьы сыцхрааит. Аҳақьым хадацәа сырҧылан, уаатәи аҭагылазаашьа ҳалацәажәеит. Амҽышазы схынҳәит, уажәы аҽыҧхьакраҿы сыҟоуп.

Лаивпресс: Импыҵахалоу арегион ашҟа аиасреи уаҟа аусуреи злашәылшои?

Оҭар Маршава: Аханатә даараӡа исцәыуадаҩын. Аибашьра ашьҭахь раҧхьаӡа акәны, Егры ацҳа сахысит амедицинатә цхыраара лас амашьынала. 1994 шықәса ҳҭагылан. Нас, изныкымкәа сааныркылахьан. Изныкымкәа шьапыла Ҭагилонҟа сцахьан, уаҟа ҭаацәарак рҿы ачымазацәа сыдыскылон, аоперациақәа ҟасҵон. Аҧсуаа хәыҷы-хәыҷла сыгәра рго иалагеит. Галтәи ахәышәтәырҭа анеиҭашьақәсыргыла ашьҭахь, де-факто Аҧыза-министр Ешба аҭабуратә шәҟәы сзааишьҭит. Уажәы изакәызаалак проблемак сымам. Аҧсны аҩызцәа рацәаны исымоуп. 9 нызқьҩык раҟара апациентцәа абрахь, Қәҭешьҟа иаазгахьеит, џьоукы ареаномобиль ала, егьырҭ амедицинатә цхыраара лас амашьынала.

Лаивпресс: Уажәы Аҧсны аҭагылазаашьа зеиҧшрои, ауааҧсыра акоронавирус апандемиа шәарҭас иахылҵуа рдыруама?

Оҭар Маршава: Очамчыра 500ҩык еизганы аҧсхәара шыруз ансаҳа уамашәа избеит. Ауааҧсыра аинформациа рымам. Апандемиа иахьынӡашәарҭоу рыздырӡом. Ари аганахьала Гал хәыҷӡак аҭагылазаашьа еиҕьуп. Уаҟа де-факто анапхгара ари ахырхарҭала аҭагылазаашьа иаҳа иахылаҧшуеит.

Лаивпресс: Акоронавирус аҿагыларазы Аҧсны ресурсқәас ирымои? Ахәышәтәырҭақәа апациентцәа рыдкылара иазыхиома? Апациентцәа Covid-19 адиагноз рзықәыргылара рылшома?

Оҭар Маршава: Уаатәи [Галтәи] аҳақьымцәа ишсарҳәаз ала, Аҟәантә уажәраанӡагьы ахәшәқәа рмоуӡацт. Адиагностика рзымҩаҧыргом. Аинфекционистцәа рымам. Ауаа атестирра рзымҩаҧыргоит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа мацараҿ. Аха, уаҟа храионк [Гали, Очамчыреи, Тҟәарчали ] рпациентцәа рыдыркылом. Аҳақьымцәа исыҳәеит акоронавиурс асимптомқәа змоу апациентцәа ҟалар, абрахь риагараҿы ҳрыцхраарц. Очамчыреи Тҟәарчали ахәышәтәырҭақәа убас иажәит, уаҟа абоқстә ҟәшақәа еиҿукааратәы алшара иҟам. Сара еиҭашьақәсыргылаз галтәи ахәышәтәырҭаҿы 30ҩык ахьрыдыркылаша ахирургиатә аҟәша иҟоуп, уаҟа 20 раҟара абоқстә палатақәа еиҿыркаар рылшоит.

Лаивпресс: Шәгәы ишҧаанаго, Аҧсны ацхрааразы уажәазы иҟаҳҵар иҳалшои?

Оҭар Маршава: Мышқәак раҧхьа Аҧснытәи автономтә республика аиҳабыра ахаҭарнакцәа уахь инеины, аҳақьымцәа аибыҭареи ахәшәқәеи рырҭеит, аха арҭ ахәшәқәа хара имгакәа инҵәоит. Иаарҧшу афактқәа ирыдҳәаланы де-факто аиҳабыра ирҳәо акгьы аҵанакуам. Иҵабыргны уаҟа шаҟаҩы авирус ала ичмазаҩу ҳаздырӡом. Ҧҳәыск Жәыргьыҭ дааганы адиагноз лзышьақәдыргылеит. Уаҟа апневмониеи амцашоуреи змоу рацәаҩуп. Дара адиагноз рзышьақәзыргылода?

Уаатәи сҩызцәа ҭелла исзасуеит. Ирҭаху сарҳәоит, саргьы араантә ирзысышьҭуеит. Аха, атермоскрининг азы аппарат, атестқәа уҳәа, дара ирҭаху зегьы рысҭаратәы алшара сымам. Убри аҟынтә, иаҳа активла ҳрыцхраароуп.
Print E-mail
Twitter
Ари aмaтериaлқәa
Акоронавирус ахәбатәи ацәқәырҧеи аӡынтә сезони ҳанрызҧшу аамҭазы,
атәылаҿы авакцинациа
20:09 / 14.10.2021
Акоронавирус ахәбатәи ацәқәырҧеи аӡынтә сезони ҳанрызҧшу аамҭазы, атәылаҿы авакцинациа
Акоронавирус Дельта аштамм аларҵәара ианалага ашьҭахь,адунеи
зехьынџьара авирус
16:34 / 23.07.2021
Акоронавирус Дельта аштамм аларҵәара ианалага ашьҭахь,адунеи зехьынџьара авирус
Сынтәа аҧсуа школқәа арҵагашәҟәы ҿыц ала ахәыҷқәа аҧсуа бызшәеи
алитературеи
11:39 / 14.07.2021
Сынтәа аҧсуа школқәа арҵагашәҟәы ҿыц ала ахәыҷқәа аҧсуа бызшәеи алитературеи
Хышықәса ҵуеит импыҵахалоу Аҧсны иқәынхоабитуриентцәа Жәыргьыҭҟа
00:12 / 11.07.2021
Хышықәса ҵуеит импыҵахалоу Аҧсны иқәынхоабитуриентцәа Жәыргьыҭҟа
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала