Аилыркaaрa
Ижәхьоу аибыҭареи аџьаусҧса маҷи рыла апандемиа аҿагылара – Саберио инхо аҳақьым линтервиу
FaceBook Twitter
E-mail Print
Галтәи араион Саберио ақыҭан иҟоу ахәышәтәырҭа ацхырара лас амаҵзура Гал 8 қыҭаки 1000ҩык раҟара Егры Гес аусзуҩцәеи рымаҵ ауеит. Импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы апандемиа ишахылаҧшуа, аимак иалахәы аганқәа ари ахырхарҭала аус шеицыруа атәы "Лаивпресс" акорреспондент илзеиҭалҳәеит ацхыраара лас амаҵзура адиректор Хаҭуна Гаргулиа.

Лаивпресс: Аинтервиу ҳалагаанӡа шәара ишәызкны хәыҷык иаҳзеиҭашәҳәа.

Хаҭуна Гаргулиа: 2005 шықәса инаркны Галтәи араион аҿы аус зуеит, ЕгрыГес аиланхарҭаҿы, лымкаала, Саберио ахәышәтәырҭаҿы иҟоу амедицинатә цхыраара лас амаҵзура санапхгаҩуп. Сҭаацәароуп, 3ҩык ахылҵ сымоуп, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет адокторантура сҭоуп. Уаанӡа еиуеиҧшым жәыргьыҭтәи амедицинатә клиникақәа рҿы аус зуан, аха, апандемиа сҧырхагахан, шықәсык ҵуеит Саберио сыҟоижьҭеи.

Лаивпресс: Еиуеиҧшым аклиникақәа рҿы аус зуан ҳәа шәҳәеит, нас, Галтәи араион изеиҕьашәшьеи?

Хаҭуна Гаргулиа: Сара Саберио салҵит, ашколгьы абра салгеит, схәыҷра зегьы абра имҩаҧызгеит. Убри азоуп абри азанааҭгьы залсхыз.

Усҟан, ҳшәаны, аҧенџьыр ҳкылҧшуамызт. Ҳқыҭаҿ ҧҳәыск дынхон, Мимоза Миқаиа, иахьа амедиеҳәшьас аус луеит. Уажәы сара исхыҵуа ауп аибашьараан илхыҵуаз, 35 шықәса. Лыҩны санахәаҧшуаз, уаҟа алашара анызбоз, агәыҕра сызцәырҵуан, избанзар усҟан амедпунктгьы ахәышәтәырҭагьы иҟамызт, Мимоза заҵәы лакәын иҟаз. Лара, феидак лымамкәа, егьа амш цәгьазаргьы, аҽылагьы, атрактор алагьы, шьапылагьы, ацхыраара зҭахыз ауаа дрызнеиуан. Зегьы ҳаҭыр лықәырҵон, лара лзы изакәызаалак ҧынгылак иҟамызт. Санлыхәаҧшуаз еснагь гәазыҳәарак акәын исымаз, сандухалак Мимоза леиҧш, саргьы ауаа срыцхраауеит ҳәа. Абри аҧҳәыс ҿырҧшыгас дысзыҟалеит, лара лыбзоуралоуп абри азанааҭ шалысхыз.

Лаивпресс: Шәара уадаҩрақәас ишәымази, апандемиа иахылҵыз апроблемақәа ӡбашьас ирышәҭои?

Хаҭуна Гаргулиа: Апандемиа алацәажәара ианалага, ҩнуҵҟала сгәамҵуа салагеит, избанзар апроблема дуқәа шцәырҵуаз здыруан. Аҧсны раҧхьатәи аковид - пациент сара дсыдыскылеит. Лара Урыстәылантә дааит, амцашоура лыман, акоронавирус ҿылкаазар ҟалап ҳәа ҳгәы иаанагеит. Апациент лымҩангаразы аџьабаа ду аабеит. Убри ашьҭахь еснагьтәи ахиазаара арежим ашҟа ҳаиасит.

Лаивпресс: Шәара аус ахьыжәуа ақыҭаҿ ҭагалан ауаа рацәа акоронавирус ҿыркааит, абри аамҭа иазкны иаҳзеиҭашәҳәа.

Хаҭуна Гаргулиа: Цәыббразы ҽнакала 28ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәдырҕәҕәеит, убри ашьҭахь авирус аларҵәара ацәқәырҧа иалаган, мызкибжаки инагӡахеит. Аамҭа цәгьа ҳҭагылан. ЕгрыГес администрациеи анапхгаҩы Леван Мебониеи ракәымзҭгьы, иаҳа иаҳцәыуадаҩхон. Иара, хаҭала, ПЦР атестқәа рыла ҳаиқәыршәареи, апациентцәа рымҩангареи апроцесс далахәын, дҳадгыланы, ҳара ҳаиҧшҵәҟьа аус иуан, апандемиа ахылаҧшра апроцесс аҿы аџьаабаа ду ибеит. Аха, ацентртә напхгара абри аҵакырадгьыл изахылаҧшуам, Қырҭтәыла егьи ахәҭаҿы иҟоу аменеџьмент абра ирзеиқәдыршәом. Де-факто анапхгарагьы Галтәи араион иқәыყхо ауааҧсыра хшыҩзышьҭра рырҭом, убри аҟынтә, ҳара ҳхала, хаҭалатәи аимадарақәа ҳацырхрааны, иҳалшо ала аусура наҳагӡоит. Аха, иахьа иҟаҳҵо уаҵәы иаҳзыҟамҵар ауеит, избанзар апандемиа ахылаҧшра аганахьала иаку астратегиа ҳамам.

Лаивпресс: Шәусурамш ишҧамҩаҧысуа?

Хаҭуна Гаргулиа: Имариоуп ҳәа сызшәаҳәом. Апациентцәа рхылаҧшра мацара акәӡам ҳазҿу. Сара сҳақьымуп, апациент данаарго, агәаҭара-аужьҭратә пункт аҟынӡа днаскьазгароуп, апациент диагатәызар идокументқәа еиқәсыршәароуп. Аҭыҧаҿы адиагностика аҟаҵара ҳцәыуадаҩуп, ҳара макьана аинспекциеи апальпациеи аҩаӡаараҿ ҳаҟоуп, абри ауп рыцҳарас иҟалаз.
Уажәтәи сусуратә ҭагылазаашьеи уаанӡа аус ахьызуаз Қарҭтәи агастроентерологиатә центри жәыргьыҭтәи аклиникақәеи рҿы иҟаз аҭагылазаашьеи зынӡаскгьы еиҧшым. Уаҟа адиагностика мацара снапы ианын, абра, Саберио ҽакалоуп ишыҟоу. Иаҳҳәап, иузымдыруа ауаҩы дузасны, иуаиҳәоит иҭаацәара алахәылак игәы бзиам, аха, административтә аҳәаа ахысразы иаҭаху адокументқәа еиқәыршәам ҳәа. Нас, иара ҳицхраарц азыҳәан, альтернативтә мҩақәак рыҧшаара ҳалагоит, де-факто анапхгара еиуеиҧшым русбарҭақәа ҳрыдҵаалоит, хаҭалатәи аимадарақәа ҳхы иаҳархәоит. Зны-зынла, 6, 7 сааҭ аужьҭратә пункт аҿы сыҟоуп. Ҳәарада, иуадаҩуп, абри аус аџьабаа дуи, аамҭеи, аҧышәеи аҭахуп, ауаа урыцхраарц азыҳәан аганқәа агәреибагара рыбжьазароуп. Иуадаҩӡоу аҭагылазаашьаҿы аус аауеит, избанзар ҳара ҳзы апротоколқәа иҟам, аконсультациақәа ҳзымҩаҧыргом.

Лаивпресс: Аимак иалахәы аганқәа апандемиа ахылаҧшразы аус еицыруеит. Егры ацҳаҿы апациентцәа иоурыжьҭуеит, шәгәы ишҧаанаго, апандемиа ашьҭахь арҭ аимадарақәа аанхарыма?

Хаҭуна Гаргулиа: Ҳара агәабзиарахьчара ахырхарҭала кыршықәса рыҩнуҵҟа аус еицаауеит, аҭыҧаҿы зхәышәтәра ҟамлоз апациентцәа ацҳа ахысраҿы уаанӡагьы ҳрыцхраауан. Аха, уи мариамызт. Зҭагылазаашьа цәгьаз апациентцәа риагаразы 24 сааҭ анаҳҭаххозгьы иҟан, усҟан ареанимациатә уснагӡатәқәа рымҩаҧгара ҳақәшәон, аҭыҧаҿы ҳархылаҧшыр акәын, апандемиа аан апациентцәа риагара иаҳа имариахеит, аха акоронавирус ҿызкааз апациентцәа мацара роуп сызлацәажәо, избанзар де-факто анапхгара Аҟәа, ма Гәдоуҭатәи аковид-центр аҿы Гал ауааҧсыра рыдыркыларатәы алшара рымамызт. Акоронавирус ала ичмазаҩыз апациентцәа уадаҩрада административтә аҳәаа иахысуеит, аха, Егры анхыҵ аҽыхәышәышәтәра зҭаху егьырҭ ауааҧсыра, ачымазара лаҿқәеи акьыба ачымазареи змоу апациентцәа апланла ирыхәҭоу аконсультациақәа рыда иаанхеит. Убри аҟынтә, апандемиа ашьҭахь апациентцәа рымҩангара нарыгӡап ҳәа сыҟам.

Лаивпресс: Ацентртә напхгара ишәыцхраауама?

Хаҭуна Гаргулиа: Авирус аларҵәара ианалага хыла-гәыла ҳаилан, аха ацентртә напхгара иҳадгылеит, акоронавирус адиагноз ззышьақәдырҕәҕәоз апациентцәа зегьы ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьыл ашҟа ииаган. Раҧхьатәи апациентцәа Сачхеретәи аклиникаҿы ишьҭан, анеҩстәи апациентцәа егьырҭ аклиникақәеи аковидсасааирҭақәеи рышҟа инаргон.
Аха, ацентртә напхгара, импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы аус зуа аҳақьымцәа рҟны иаҳа аимадара рымазароуп. Ҳара изныкымкәа, ҳпроблемақәа ирыдҳәаланы еиуеиҧшым аусбарҭақәа ҳрыдҵаалахьеит. Аматериал-техникатә база аиҕьтәра, аџьаусҧса ацҵара уҳәа, имаҷымкәа апроблемақәа ҳамоуп. Шәара харантә ишыжәбо еиҧш акәӡам Аҧсны аҭагылазаашьа шыҟоу, аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьоуп. Ҳаргьы убри азоуп абра ҳзыҟоу, абри зегьы ҳалацәажәароуп, иаҳҳәо иазыӡырҩны, ҳпроблемақәа лабҿаба ирбар ҳҭахуп. Амашьына анҽеим, ихьанҭоу апациент автобусла имҩангара ануқәшәо даараӡа иуадаҩуп. Сара сџьаусҧса Егры анхыҵ аус зуа сколлегацәа рџьаусҧса аҵкыс хынтә имаҷуп, убри азоуп апрофессисоналтә кадрқәа араантә иқәҵны изцо.
Аха, уезгьы, ҳара ишахәҭоу еиҧш аҭагылазаашьа ҳахылаҧшуеит, сгәыҧ алахәылацәа зегьы убри азыҳәан ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Апандемиа ианалага инаркны иахьанӡа акоронавирус ала ичмазаҩыз 500ҩык раҟара апациентцәа ҳадаҳкылеит, урҭ рҟынтә 300ҩык иреиҳаны Егры анхыҵ риагара ҳалшеит.
Print E-mail
Twitter
Ари aмaтериaлқәa
Акоронавирус ахәбатәи ацәқәырҧеи аӡынтә сезони ҳанрызҧшу аамҭазы,
атәылаҿы авакцинациа
20:09 / 14.10.2021
Акоронавирус ахәбатәи ацәқәырҧеи аӡынтә сезони ҳанрызҧшу аамҭазы, атәылаҿы авакцинациа
Акоронавирус Дельта аштамм аларҵәара ианалага ашьҭахь,адунеи
зехьынџьара авирус
16:34 / 23.07.2021
Акоронавирус Дельта аштамм аларҵәара ианалага ашьҭахь,адунеи зехьынџьара авирус
Сынтәа аҧсуа школқәа арҵагашәҟәы ҿыц ала ахәыҷқәа аҧсуа бызшәеи
алитературеи
11:39 / 14.07.2021
Сынтәа аҧсуа школқәа арҵагашәҟәы ҿыц ала ахәыҷқәа аҧсуа бызшәеи алитературеи
Хышықәса ҵуеит импыҵахалоу Аҧсны иқәынхоабитуриентцәа Жәыргьыҭҟа
00:12 / 11.07.2021
Хышықәса ҵуеит импыҵахалоу Аҧсны иқәынхоабитуриентцәа Жәыргьыҭҟа
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала