Аилыркaaрa
Аӡәы имшала угәахәтәы мап ацәукыр ҟалом - Чхороҵҟу инхо аҳаҧҭҵааҩы ҧҳәыс
Чхороҵҟу, аҳаштә массив Мигариа аҿы иҟоу аҳаҧы ҧшӡақәа руакы аҧҳәыс лыхьӡ ахуп. Уи аекспедициа иалахәыз аҧҳәыс заҵәы - Ҭамар Ҭолордава лаҳаҭыр аҟынтә лыхьӡ ахырҵеит.

28 шықәса зхыҵуа Ҭамар Чхороҵҟу далҵит. Лхәыҷраахыс аботаника бзиа илбон, раҧхьаӡа акәны, Чхороҵҟу, "Зиснахе" аҳаҧы дҭалеит, убри анеҩс, аҿыц експедициа цыҧхьаӡа иаҳа-иаҳа дазҿлымҳауа далагеит.

"Аҳаҧҭҵаара сазҿлымҳахеит 2015 шықәсазы, усҟан Ломоносов иинститут аекспедициа Чхороҵҟу, Мигариа амассив аҿы, Зиснахе аҳаҧы ҭырҵаауан. Убасҟан схы сҧышәарц сыӡбеит, уи мариамызт, избанзар аҳаҧы ахаҭа уадаҩын, аҵыхәанӡа сзымҭалеит. Нас, Прометеи иҳаҧы сҭалеит, убасҟан ауп аҳаҧҭҵаара шысҭаху анеилыскаа. Апольшатә - ақырҭуа експедициа аан аусура иалахәын агеографиатә институт, Мигариа амассив ҭырҵаауан, усҟан ақырҭуаа аҳаҧ ҿыц рбан, сыхьӡ ахырҵеит - Ҭамар Ҭолордава лҳаҧы ҳәа ахьӡарҵеит", - илҳәеит Ҭамар.

Лара лзы зегьы реиҳа аинтерес аҵан, егьыуадаҩын Мартвили иҟоу Оқроџьанашвили иҳаҧы, уи даара илнырит.

Қырҭтәыла аҳәса аҳаҧҭҵаара усҟаҟ иазҿлымҳам. Аха, Ҭамар лгәы ишаанаго ала, аҳәса рус, ахацәа рус ҳәа еилых ҟаҵатәым. Аус ушазныҟәо, узанааҭдырра ауп харада змоу.

Ҭамар ишылҳәо ала, лара абри азнааҭ ахьалылхыз уамашәа избо, иззеилымкаауа ауаа рацәоуп, аха, лаб даараӡа длыдгылоит, лара лзы уи иаҵанакәа рацәоуп.

"Саб еснагь дсыдгылан, аҳаҧҭҵаара салагаанӡагьы, аботаникатә експедициа аан даараӡа дсыцхраауан. Ахҧатәи акурс санҭаз, усҟаҟ аҧышәа ансымамыз, раҧхьатәи апаралон - ацәарҭааҵәа саб иоуп исзыҧшааз. Аӡҕаб лзы уи иаҵанакәа рацәоуп, аха, сан ари аус ҽакала дазныҟәон, илҭахымызт. Уи аӡҕаб илусым ҳәа лгәы иаанагон. Уажәгьы даараӡа дгәамҵуеит, уамашәа избоит, аха, дзамышьцылеит. Аҿцааҩцәа ирызкны иуҳәозар, уаҟа аҭагылазаашьа иаҳа иуадаҩуп. Реиҳарак раҧхьа иргыланы исазҵаауеит, нас абри аус баҟәымҵуеи ҳәа. Сара абри аус аџьабаа ду аласҵеит, аӡәы игәаҧхом ҳәа саҟәыҵраны сыҟам, сгәахәтәы мап ацәыскраны сыҟам. Насгьы, знымзар зны еилаҳкаароуми аҳәса ирылшо шырацәоу".

Ҭамар аҳаҧқәа рыҭҵаараҿы апандемиа лҧырхагахеит, избанзар аекспедициақәа русура аанкылан. Уажәы Ҭамар Жәыргьыҭтәи аботаникатә баҳчаҿы ашәаҧыџьаҧҭҵааҩыс дыҟоуп. Аамҭакала, агеографиатә институт аҿгьы аус луеит.

Ҭамар ишылҳәо ала, макьана иҭылҵааша аҳаҧқәа рацәоуп, Гыртәыла мацара акәымкәа, Аҧсны аҵакырадгьыл аҿгьы, ақырҭуа аҳаҧҭҵааҩцәа зегьы абри аҭыҧ иеиҧхыӡуеит.