Аилыркaaрa
Аҵара аиуразы ампыҵахалара иалсны ицо амҩа цәгьа - Галтәи абитуриентцәа ргәазыҳәара
FaceBook Twitter
E-mail Print
Хышықәса ҵуеит импыҵахалоу Аҧсны иқәынхоабитуриентцәа Жәыргьыҭҟа аиасреи иаку амилаҭтәҧышәарақәа рҽалархәреи рылымшоижьҭеи. Аҟәаирыдыркылаз аӡбара инақәыршәаны, ҧхынгәы 5 рзы апандемиа амшала иаркыз Егры ацҳа анашьҭыга змоуауааҧсыра зегьы ирзаадыртит, аха, абитуриентцәа рзы уи акгьы аҵанакәам, избанзар, Қарҭ ахылаҧшра аҵаҟа иҟоуаҵакырадгьыл аҿы амилаҭтә ҧышәарақәа иалагеитҧхынгәы 1 азы.

Аҿар иаамҭаны ацҳа рзаадыртызҭгьы,уезгьы даҽа проблемак рыман, избанзар, Галтәи ашколқәарҿы аушьҭратә ҧышәарақәеи иаку амилаҭтә ҧышәарақәеираамҭа еиқәшәеит.

Зыхьӡ ҳамҳәо галтәи абитуриент, амилаҭтә ҧышәарақәарҽалархәра злымшаз егьырҭ абитуриентцәа дреиуп. Иараишиҳәо ала, иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы, абитуриентцәа,амилаҭтә ҧышәарақәа рыҭиаразы, маӡала аиасырҭақәакирхысны, Жәыргьыҭқа инеиуан, аха, иахьа аҧсуааи аурысиаҳәаахьчаҩцәа абарҭ аиасырҭақәа иаҳа ирҕәҕәаныирхылаҧшуеит. Убри аҟынтә, иара иҭахызаргьы, сынтәаадминистративтә аҳәаа маӡала ахысра зилшомызт:

Амилаҭтә ҧышәарақәа рзы арегистрациа данахысуаз, Егрыацҳа дахысны Жәыргьыҭҟа днеип ҳәа дгәыҕуан. Аушьҭратәҧышәарақәеи амилаҭтә ҧышәарақәеи раамҭа еиқәшәоит ҳәадыҟамызт, ишакәзаалакгьы аҳәаа ахысра илшап ҳәадгәыҕуан.

Гал аттестациатә ҧышәарақәа хыркәшоуп, аха,уажәшьҭа аҳәаа ахысра иаҧсам ҳәа игәы иаанагоит. Қарҭаҵара анагӡара зиҭаххаз, Аҧсны дзаанымхои ҳәа ҳаниазҵаа,абитуриент ишиҳәаз ала, абра иаҳа аперспективеи аҿиаразыалшареи иоуеит. Аетникатә дискриминациа амшалаашәарҭара ахьыҟоу ақалақьи ауниверситети аҿы аҵараиҭахым:

"Абра сахьынӡанхоз аҵара бзиа аиуразы алшара сымамызт. Узыҧхьаша аелементартә ашколтә литература узаахәом,избанзар ашәҟәытә адәқьангьы иҟам џьара ааигәаабиблиотекагьы иҟам. Ишызбо ала, аҭыҧантәи анапхгарааҿар аҵара бзиа рыҭара иазҿлымҳам".

Қырҭтәыла аҵара аминистрра аӡбара ала, апандемиа амшала амилаҭтә ҧышәарақәа рыҭира злымшаз галтәи абитуриентцәа, ҵыҧх еиҧшҵәҟьа, сынтәагьы, аҧышәарақәа рыда иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ирҭалоит. Аха, "Лаивпресс"аресподентцәа ишырҳәаз ала, дара абри аҧыжәареи азинҷыдеи акәымкәа, рымчқәа рҧышәара ауп иаҳа ирҭаху:

"Абитуриентцәа аҧышәарақәа рыда аҵараиурҭа аҭалара алшара бзиа рымоуп, аха, уи акәӡам аус злоу. Ҽакала иҳацхраар акәын, ацҳа ҳзаадыртратәы иҟарҵар акәын ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит галтәи абитуриент.
Ихы иҧышәарц азыҳәан амилаҭтә ҧышәарақәа иҭиир иҭахын Гал инхо даҽа абитуриенткгьы, аха, иара ишиҳәаз ала, мчыбжьык аушьҭратә аҧышәарақәа иҭиуан, ацҳа аартызҭгьы, уезгьы Жәыргьыҭҟа дызнеиуамызт. Насгьы,административтә аҳәаа ахысразы иаҭаху аформа #9 аҿҳәара нҵәеит, уигьы проблеманы изыҟалеит.

Занааҭс иалихит апсихологиа, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет дҭалар иҭахуп, избанзар, игәы ишаанаго ала, адыррала акәымкәа, иахьагьы аҧарала адиплом ахьаархәо,ақырҭуаа раҳаҭыр ахьладырҟәо Аҧсны иеиҧшымкәа, абри аҵараиурҭаҿы иаҳа еиҕьу аҵара иоур илшоит.
Print E-mail
Twitter
Ари aмaтериaлқәa
Акоронавирус ахәбатәи ацәқәырҧеи аӡынтә сезони ҳанрызҧшу аамҭазы,
атәылаҿы авакцинациа
20:09 / 14.10.2021
Акоронавирус ахәбатәи ацәқәырҧеи аӡынтә сезони ҳанрызҧшу аамҭазы, атәылаҿы авакцинациа
Акоронавирус Дельта аштамм аларҵәара ианалага ашьҭахь,адунеи
зехьынџьара авирус
16:34 / 23.07.2021
Акоронавирус Дельта аштамм аларҵәара ианалага ашьҭахь,адунеи зехьынџьара авирус
Сынтәа аҧсуа школқәа арҵагашәҟәы ҿыц ала ахәыҷқәа аҧсуа бызшәеи
алитературеи
11:39 / 14.07.2021
Сынтәа аҧсуа школқәа арҵагашәҟәы ҿыц ала ахәыҷқәа аҧсуа бызшәеи алитературеи
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала