Аилыркaaрa
Аҧсуа аҵаҩцәа рзы - Аҧсуа школқәа Қарҭ икьыҧхьу ашәҟәы ала аҵара иалагар ҟалап
Сынтәа аҧсуа школқәа арҵагашәҟәы ҿыц ала ахәыҷқәа аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵара иалагар рылшоит. 1-4 аклассқәа ирызку, асахьақәа рыла иҩычоу ашәҟәы мазеиуп. Асахьақәа ирыцуп аҧсуа ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи ражәабжьқәеи ражәеинраалақәеи. Аҧсуа бызшәеи алитературеи арҵагашәҟәы акомплект иалоуп аҵаҩи арҵаҩи рышәҟәгьы, уи ахы инаркны аҵыхәанӡа аҧсышәала еиқәыршәоуп.

Зыӡбахәы ҳәоу аус иаҧшьаргеит Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рминистрра. Дара рыла имҩаҧгаз аграфирра аконкурс иалахәын аҭыжьымҭа "Интеллект", фактла иуҳәозар, абри аҭыжьымҭа аконкурсда аиааира агеит. Аҭыжьымҭа анапхгаҩы Кахмег Кудава "Лаивпресс" акорреспондент ишлеиҳәаз ала, кыршықәса рыҩнуҵҟа аҧсуа бызшәеи алитературеи ашәҟәы акьыҧхьра дазҿлымҳан, аха, аӡәгьы аконкурс аҽалархәра иҭахымызт. Иара иажәақәа рыла, афинанстә ганахьала, абри аус аҭыжьымҭа ахашәала азаанагомызт, убри аҟынтә, усҟак интересс ирымамызт.

"Абри аус аџьабаа ду ацуп. Насгьы, алагамҭатә классқәа роуп изызку. Аҧштәыла иҩычоу асахьақәа аҭахын. Аҧсуа шрифт… Насгьы, ахашәала аанагомызт, аха, уезгьы, абри аус ҟаҳҵарц ҳаӡбеит. Аус ҷыдоуп. Атанкқәеи абџьари рыла Аҧсны неишьа ҳамам. Ҳара аҵарала ҳнеироуп, ашәҟәы ала ҳнеироуп", - иҳәеит Кахмег Кудава.

Аҧсуа бызшәа ахаларҵага, ацхыраагӡатә арҵагашәҟәқәа уаанӡагьы икьыҧхьын, иар хазхаҭалатәи аинициатива алҵшәа аҳасабала, екземплиарқәак иҵәахны имоуп, аха, аҭыжьҩы ишиҳәаз ала, иахьа ҳазлацәажәо ашәҟәы, ихьыҧшым Қырҭтәыла аҭоурых аҿы, аҳәынҭқарра имҩаҧнагаз аконкурс ашьаҭала аҧсуа школқәа рзы иаҧҵоу раҧхьатәи усумҭоуп. Ашәҟәы иазҧхьагәаҭоуп Егры аарцә иҟоу Аҧснытәи 13 школқәеи, иара убас, Аҧсны иҟоу ашколқәеи рҵаҩцәа рзы. Ашәҟәы Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи агриф анашьоуп, убри аҟынтә, ашколқәа абри ашәҟәы рхы иадырхәар рылшоит.

"Аграфирранӡа иуадаҩӡоу апроцедурақәа ирхысроуп - аҩра апроцесс аангьы шьаҭанкыла игәарҭоит, насгьы, ашәҟәы аус адулара ианалгалакгьы аханатә игәарҭоит. Арҵагашәҟәы ацуп аҧсышәала еиқәыршәоуп арҵаҩы ирҵагашәҟәыгьы, уи арҵаҩцәа ирыцхраауеит ахәыҷқәа аҧсуа бызшәа рырҵараҿы", - иҳаиҳәеит Кахмег Кудава.

Иара иажәақәа рыла, ашколтә арҵагашәҟәы Иакоб Гогебашвили иеиқәиршәаз "Дедаена" апринцип ашьаҭала иаҧҵоуп. Аусуратә процесс ҩышықәса инагӡон, аха, уаанӡа, авторцәа рыҧшаареи аматериалқәа реизгареи апроцесс мҩаҧысуан. Арҵагашәҟәқәа иравторцәоуп Ирма Осиеи Рита Амиҷба – Марҕаниа. Дара уаанӡагьы даӡәымкәа ақырҭуа шәҟәыҩҩцәа раҧҵамҭақәа аҧсуа бызшәахьы еиҭаргахьан.

Ирма Осиа ишылҳәаз ала, абри апроект лгәы аздууп, избанзар, кыршықәса гәазыҳәарас илымаз аус налыгӡеит. Лара лзы аусуратә процесс аинтерес ду аҵан, избанзар, Қырҭтәыла аиҳабыра ринициативала, раҧхьаӡа акәны аҧсуа школқәа рзы арҵагашәҟәы аҧҵоуп.

"Аусуратә процесс уадаҩын, избанзар, аброуп аус ахьаауаз, гхак ҟаҳҵар, ма ак бжьаҳажьыр ауан. Ажәеинраалақәеи ажәабжьқәеи алаҳхуан. Аҩ-ганкгьы ишырзыманшәалахашаз иҟаҳҵеит. Ахәыҷра, ахәмарра, аҧсаатәқәа уҳәа, анеитралтә темақәа роуп иалху", - илҳәеит Ирма Осиа "Лаивпресс" акорреспондент данлацәажәоз.

Автор линицативала, ашәҟәқәа рхы иадырхәар рылшоит Баҭым инхо аҧсуаагьы. Лара ишылҳәаз ала, Ҧериа ақыҭан аҧсуаа рацәа, арҵагашҟәқәа шрымамгьы, аҧсуа бызшәа рҵоит. Ҭагалан инаркны, рхатәы бызшәеи алитературеи агриф занашьоу ашәҟәқәа рыла ирҵар рылшоит. Ирма Осиа лҳәамҭала, аҧсуа бызшәа ақәыӡӡаара иаҿуп, убри аҟынтә, абри апроект, абызшәа аиқәырхара аганахьала ахырҳагара мацара ахылҵуеит.

Ашәҟәы аҧсышәала иану аинформациаҿы иарбоуп ашәҟәы шкьыҧхьу аҭыжьымҭа "Интеллект" ала, Қырҭтәыла аҵара аминистрра аҿаҵарала. Абри ашәҟәы импыҵахалоу аҵакырадгьылашҟа ишнарго, насгьы, де-факто анапхгара абри ашәҟәы атәы ирдыруоу ирзымдыруоу макьана еилкаам. Ҳара, изныкымкәа, абри азҵаарала Аҵара аминистрра ҳадҵаалахьеит, аха, уезгьы, аҭак ҳмоуит.

Цәыббразы Аҧсны ашколтә уадақәа рҿы аҵара иалагоу иаламгоу, ахәыҷқәа арҵагашәҟәқәа ҿыцқәа рырҭоу рырымҭоу, уигьы ҳаздырӡом. Егры нырцә аепидемиологиатә ҭагылазаашьа цәгьоуп. Есымша 150 еиҳаны афакт ҿыцқәа аадырҧшуеит. Авакцинациа аласра маҷуп. Иахьазы Аҧсны аурыс вакцина "Спутник" мацароуп ирымоу. Гал амедицинатә персонал алаҵақәа рзыҟаҵара иалагахьеит. Арҵаҩцәа ари апроцесс ианалахәхәо идырым. Ашәарҭадара амзызла зыхьӡ ҳамҳәо галатәи арҵаҩы ишҳаиҳәаз ала, амассатә вакцинациа макьана иаламгацт, аха, арҵаҩцәақәак Гал алаҵақәа ҟарҵеит, иара урҭ дреиум. "Уажәазы Гал авакцинақәа рымам", - иҳәаиҳәеит галтәи арҵаҩы.

Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аныцәгьаха, Гал анапхгара аҭыҧантәи ауааҧсыра рахь ааҧхьра ҟарҵеит Егры ацҳа аатуп, Қырҭтәыла анапхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьыл аҿы иҟоу аклиникақәа рҿы алаҵақәа ҟашәҵар шәылшоит ҳәа. Галаа алаҵа ҟарҵар рылшоит Рухтәи аковид клиникаҿы еиҿкаау алаҵа аҟаҵаратә кабинет аҿгьы.

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр адиректор Амиран Гамҟрелиӡе "Лавипресс" акорреспондент ишлеиҳәаз ала, импыҵахалоу аҵакырадгьыл иқәынхо ауаа рацәа Қырҭтәыла анапхгаара изхылаҧшуа аҵакырадгьыл аҿы алаҵа ҟарҵар рҭахуп. Ҧхынгәы 8 рзы иҟоу адыррақәа рыла, Галынтә иааиз 124ҩык алаҵақәа рзыҟаҵоуп. Апандемиа амшала ҩышықәса раҧхьа иадыркыз ацҳа ҧхынгәы 5 рзы иаадыртит "адокументқәа" змоу ауааҧсыра зегьы рзы. Уаанӡа ацҳа, аамҭа - аамҭала, ганкала иаадыртуан. Усҟан ацҳа ахысра азин рыман атәанчуааи ачымазаҩцәеи мацара. Аха, аҧара зшәоз егьырҭ ауааҧсырагьы Жәыргьыҭҟа аиасра рылшон.