Аилыркaaрa
Алаҵақәа рыҟаҵара арбага лаҟәхеит - атәылауаарҭакҧхықәрада акәу, мамзаргьы, аҳәынҭқарратәполитика аҧсыҽра акәу
FaceBook Twitter
E-mail Print
Акоронавирус ахәбатәи ацәқәырҧеи аӡынтә сезони ҳанрызҧшу аамҭазы, атәылаҿы авакцинациа есымшатәиарбага лаҟәхеит. Нанҳәазы, инақәыршәаны, 20-30 нызқьҩыкалаҵақәа ҟарҵон, аха, уажәы абри арбага 4-9 нызқьҩыкаҟынӡа илаҟәит. Атәылаҿы уажәгьы есымша жәаҩыла ауаа иҧсуеит. Агәабзиарахьчара аусхкы ахаҭарнакцәаишырҳәаз ала, аҭагылазаашьа абас инагӡахар, анеҩстәиамзақәа даараӡа иуадаҩхоит.

Ақыҭақәа рҿы алаҵақәа рыҟаҵара апунктқәа еиҿкаауп, ауааалаҵа аҟаҵара аганахьала уадаҩрак рымам, автобус аҿгьыалаҵа аҟаҵара рыдаргалоит, авакцинациа иахысыз ауаа рзыалотереиагьы дырхәмаруеит, аха, лабҿаба иубарҭоуп абриаҽазышәарагьы алҵшәа шахылымҵыз.

Авакцинациа арбага Гыртәыла арегион аҿы

Жьҭаара 7 рзы иҟоу адыррақәа рыла, Гыртәыла – АҩадатәиШәантәыла арегион аҿы зынӡа алаҵақәа ҟарҵахьеит 116 499 ҩык атәылауаа. Урҭ рҟынтә 63 156ҩык дозакҟарҵахьеит, 53 343ҩык авакцинациа наӡа иахысхьеит. Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр аҭыҧантәиахаҭарнакраҿы "Лаивпресс" акорреспондент ишларҳәаз ала,дара хықәкыс ирымоуп 18 шықәса еиҳаны изхыҵуаауааҧсыра рҟынтә 60%, зынӡа 140 979ҩык атәылауааалаҵақәа рзыҟаҵара:

"Абри ахықәкы ҳзынагӡар бзиоуп, дозак ҟарҵахьеит 44,8%ауааҧсыра, аҩ-дозак ҟарҵахьеит 37,8%. Аха, зықәра наӡоуауааҧсыра рхыҧхьаӡа инақәыршәаны иаҳҳәозар, зынӡа -234 965ҩык роуп иҟоу, урҭ рҟынтә дозак ҟарҵахьеит 26,9%, ҩ-дозак 22,7%".

Алаҵақәа рыҟаҵара арбага маҷхеит Рухтәи аковидклиникааҿгьы, уаҟа алаҵақәа ҟарҵоит импыҵахалоу Аҧснынтәиаауа ауааҧсыра. Ахәышәтәырҭа аклиникатә директор Леван Ҧсутури ишиҳәаз ала, ҧаса ҽнакала 500-600ҩык алаҵақәа ҟарҵон, уажәы абри арбага 100-130ҩык аҟынӡаилаҟәит. Аҳақьым иажәақәа рыла, ахәышәтәырҭашҟаинанаго ачымазаҩцәа реиҳара алаҵақәа ҟарымҵацт,мамзаргьы, дозак ауп иҟарҵахьоу. Авакцинациа наӡаиахысхьоу ачымазаҩцәа, аҳақьымцәа рхылаҧшрала аҩнырҽырыхәшәтәуеит, ахәышәтәырҭашҟа рнагара ахымҧадараиҟам. Ҧсутури игәаанагарала, апандемиа аҵархаразыавакцинациа ада уаҳа мҩак иҟам, мамзар, иара ишиҳәаз ала, иҵегьы имаҷымкәа ауаа абри авирус иалаӡоит.

Алаҵа ҟазҵар зҭаху ауаа змаҷхеи?

Агәабзиарахьчара азҵаарақәа рзы аексперт Акаки Зоиӡеигәаанагарала, 2020 шықәса ҧхынҷкәын инаркны,апандемиа аҿагыларазы авакцинациа зегьы иреиҕьу мҩоупҳәа изыҧхьаӡоз, мамзаргьы, зҵаарақәак змаз, нас, аҭаканроуа алаҵа ҟазҵаз, иара убас, авакцина "Пфаизер"иазыҧшыз ауаа уаҳа иаанымхазар ҟалап. Аексперт ишиҳәазала, иахьазы, алаҵақәа ҟазҵо ауаа маҷуп, уи есымшатәиарбагақәа рылагьы иубарҭоуп.

Агәабзиарахьчара аексперт, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаареи ЕАР Ахәыҷтәы фонди ауаа авакцинациа ишазныҟәо еилыркаарц азыҳәан хынтә еицымҩаҧыргаз ауаажәларратә ҭҵаарақәа дырзааҭгылеит. Ишеилкаахаз ала, авакцинациа иаҿагылоугьы, уи агәра зымгогьы, авакцинациа иақәшаҳаҭугьы ауаа рхыҧхьаӡара аҽамҧсахит, убри аҟынтә, абра амзыз заҵәык ҳалацәажәар ҳалшоит - ауааҧсыра рҟны алҵшәа зхылҵша, иахәҭоу аимадара иҟамызт. Акаки Зоиӡе ишиҳәаз ала, атәылашҟа авакцинақәа ааргаанӡа, атәыла анапхгара абри аамҭа адезинформациеи амифқәеи раҧыхразы рхы иадырхәар акәын. Аха, уи ҟамлеит. Антиваксерцәа, абри аинформациатә вакуум қәҿиарала рхы иадырхәит.

Иара иажәақәа рыла, атәыла анапхгара, зыҧсы ҭоу аимадара инаркны, онлаин платформа ахархәара аҟынӡа, ауаа аинформациа рызҭо, ауаа зыгәра рго ауааҧсыреи аинститутқәеи рыцырхрааны, ауаажәларратә сигментқәа зегьы рхы иадырхәар акәын. Аетникатә аиҵара, дара рбызшәала аинформациа наӡа рыдаргалар акәын.
Агәабзиарахьчара аексперт ишиҳәаз ала, ақыҭақәа рҿы авакцинациазы автобусқәа рхархәара, амарафон,аҳақьымцәа рыдгылара, уҳәа, абарҭ ауснагӡатәқәа зегьы заанаҵы имҩаҧгатәын. Иара убас, алаҵа аҟаҵаразы аҭак зыҧхықәу амедперсонал ирҿыцу адыррақәа рыҭатәын,алаҵа аҟаҵаразы инеиз ауааҧсыра еиуеиҧшым иҵаҵгәыдоу амзызқәа рыла шьҭахьҟа идәықәрымҵаларц азыҳәан.

Акаки Зоиӡе игәаанагарала, иахьазы аҭагылазаашьа ариашаразы мҩазаҵәык ауп иҟоу, ауаа аҩныҟа рызнеиреи аҭыҧаҿы алаҵақәа рзыҟаҵареи, аполитикцәа дара рмессиџьқәа ауаа ишрызнарго еиҧшҵәҟьа.

"Ауаа аилыркаарақәа раҳҭароуп, агәра ргаратәы иҟаҳҵароуп,абри алшара аҵыхәанӡа ҳхы иаҳархәароуп, аҭаацәара цыҧхьаӡа ҳрызнеироуп, рызҵаарақәа аҭак раҳҭароуп,авакцинациа хырҳагас иамоу, ишшәарҭам, алаҵа дареи рааигәара иҟоу ауааҧсыреи ачымазаҩхареи аҧсреи аҟынтә ишахьчо раҳҳәароуп. Абри еиҳау аргументк иҟоума? Адунеи аҿы иарбан чымазаразаалак, уи аҿагыларазы абри еиҕьу ахәшә ҟарымҵацт, уи 90%-ла ачымазара ахьанҭахареи аҧсреи аҟынтә ҳахьчоит", - иҳәеит Акаки Зоиӡе "Лаивпресс" акорреспондент данлацәажәоз.

Агәабзиарахьчара аексперт игәаанагарала, авакцинациа апроцесс арлахҿыхразы иҧиам адцалара аметод ахархәара иахәҭоуп, уи ала иазҧхьагәаҭоуп алаҵа ҟазымҵаз ауаа еиуеиҧшым асервисқәа рхархәара аан адискомфорт рзаҧҵара, иаҳҳәап, аресторан ма даҽа ҭыҧк ашҟа ианнеиуа. Егьырҭ атәылақәа рҿы ишыҟарҵо еиҧшҵәҟьа.

Аллерголог-иммунолог Биӡина Кулумбегов иҳәамҭала,авакцина иақәшаҳаҭым ауааҧсыра, авакцинациа апроцесс мап анацәыркәа, лассы-лассы Израиль аҿырҧштәы ҳзааргоит. Уаагьы акоронавирус аҿкаареи аҧсҭбареи арбагақәа дууп ҳәа рҳәоит.

"Абри аганахьала Израиль уажәшьҭа иҿырҧшыгам. Адунеиаҿы авакцинациа амҽхак аганахьала Израиль иаҧысызатәылақәа рацәоуп. Акоуп лабҿаба иубарҭоу, ауааҧсыра70% еиҳаны алаҵақәа ахьыҟарҵаз атәылаҿы ҳәарадаапандемиа хыркәшоуп", - иҳәеит Кулумбегов.

Атәыла анапхгара рпланқәа

Қырҭтәыла иахьагьы есымша 2 нызқьҩык ауааҧсыраиреиҳаны акоронавирус ҿыркаауеит. Жәаҩыла ауаа иҧсуеит,аха, астатистика алацәажәара ҳаҟәыҵыргьы, абарҭ афактқәазегьы ауааҧсыреи урҭ рҭаацәарақәеи ирыдҳәалоуп. Астатистика еиҕьхап ҳәа макьана аӡәгьы дгәыҕуам. Аӡынра ҳҭагылоит, насгьы, ахәбатәи ацәқәырҧа ҟалоит ҳәаагәҽанҵара ҳарҭеит. Аҳақьымцәа уажәгьы ҧсеивгаракрымамкәа аус руеит.

Агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниаишылҳәаз ала, авакцинациа апроцесс арлахҿыхра амзызла,иаҳа ирацәаны амобилтә гәыҧқәа еиҿкааны, ауаажәларратәҭыҧқәа рҿы ауаа алаҵа аҟаҵара рыдгалара ргәы иҭоуп. Иараубас, 60 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсыра алаҵашыҟаҵатәу агәра дзырго аҭаацәаратә ҳақьымцәеиамедиеҳәшьцәеи аџьаусҧса рзацырҵоит. Аамҭакала,жьҭаара агәҭаны, атәыла зехьынџьара, анхарҭатә пунктқәарҿы, аиммунизациа амарафон, амчыбжь мҩаҧысроуп.

Атәыла анапхгара, ашықәс анҵәамҭанӡа, зықәра наӡоу ауааҧсыра 60% алаҵақәа рзыҟаҵара хықәкыс ирымоуп,абри ахықәкы нарыгӡарцаз, есымша 30 нызқьҩык атәылауаа алаҵа ҟарҵароуп. Знызаҵәык ауп Қырҭтәыла ҽнакала абри аҟара ауааҧсыра алаҵақәа аныҟарҵа - нанҳәамзазы. Цәыббра агәҭаны арбага алаҟәхара иалаган, уажәазы,есымша алаҵа ҟазҵо ауаа рхыҧхьаӡара 10 нызқьҩык аҟынӡа икаҳаит.
Print E-mail
Twitter
Ари aмaтериaлқәa
Акоронавирус Дельта аштамм аларҵәара ианалага ашьҭахь,адунеи
зехьынџьара авирус
16:34 / 23.07.2021
Акоронавирус Дельта аштамм аларҵәара ианалага ашьҭахь,адунеи зехьынџьара авирус
Сынтәа аҧсуа школқәа арҵагашәҟәы ҿыц ала ахәыҷқәа аҧсуа бызшәеи
алитературеи
11:39 / 14.07.2021
Сынтәа аҧсуа школқәа арҵагашәҟәы ҿыц ала ахәыҷқәа аҧсуа бызшәеи алитературеи
Хышықәса ҵуеит импыҵахалоу Аҧсны иқәынхоабитуриентцәа Жәыргьыҭҟа
00:12 / 11.07.2021
Хышықәса ҵуеит импыҵахалоу Аҧсны иқәынхоабитуриентцәа Жәыргьыҭҟа
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала