Жәыргьыҭ иаарыху киви Европеи Иапониеи иргоит
Жәыргьыҭ иҟоу аилахәыра „Нергета“, есышықәса 170 тоннанӡа аалыҵ Европеи Иапониеи иргоит.

Аҭыҧантәи афермерцәагьы раалыҵ жәларбжьаратә џьармыкьашҟа анагара рылшарц азыҳәан, аилахәыра ахаҭарнакцәа урҭ атренингқәа рзымҩаҧыргоит аҵиаақәа рхылаҧшра атехнологиа иазкны.
„Аҭыҧантәи афермерцәагьы раалыҵ аҳәаанырцәҟа иргарцаз, аамҭа аҭахуп, уи адагьы, ари азҵаара хшыҩкрала иазнеитәуп. Ҳфермерцәа жәларбжьаратә стандартқәа ирызкны ирдыруа маҷуп, аилахәыра ахаҭарнакцәа иҳацхраауеит, афермерцәеи анхаҩцәеи атренингқәа рзымҩаҧыргоит“, - иҳәеит киви ассоциациа ахантәаҩы Демур Ҧиҧиа.

Иара иажәақәа рыла, анхаҩцәа ирааӡо аалыҵ макьана аҭыҧантәи аџьармыкьаҿоуп иахьырҭииуа.
„Қырҭтәыла киви акультура аларҵәара апроцесс аҭоурых ду амоуп, инақәыршәаны, 20-25 шықәса раҧхьа аларҵәара иалагеит. Уажәазы, Қырҭтәыла киви еиҭаҳауп 5000 нызқь гектар аҵакырадгьыл аҿы. Уи араса аасҭа иаҳа аҽаҩра амоуп, аха анхаҩцәа аҭыҧантәи аџьармыкьаҿы уи аҭира рцәыуадаҩуп. Убри аҟынтә, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, аплантацитақәа рыбжа ҧырҟеит. Ҳара аилахәыра ҳадҵаалан, ҳаалыҵ аахәаны, аҩнуҵҟатәи аџьармыкьаҿ ирҭиуеит“, - иҳаиҳәеит Демур Ҧиҧиа.

Киви ассоциациа Жәыргьыҭ еиҿкаан ҳазну ашықәс жәабран азы. Гыртәыла инаваргыланы, ари ассоциациа иалахәып Гуриеи Аҷареи рфермерцәагьы. Ассоциациа хықәкыс иамоуп афермерцәа рҧышәа аизырҳареи, аалыҵ ахаҭабзиара аиҕьтәреи, европатәи аџьармыкьашҟа анагареи.