Aмультимедиа
Жәыргьыҭтәи анаплакҩцәа аурыс ампыҵахалара иаҿагыланы [афото]
Жәыргьыҭтәи анаплакҩцәа идеиак еиднакылоит, урҭ аурыс ампыҵахалара изакәшаҳаҭхом. Дара изҿу аус рхы иархәаны,изныкымкәа ираҳахьаз ашьҭымҭақәа аҧсҭазаара ҿыц рырҭарц рыӡбеит. Абраҟа напыла иҟаҵоу амаҭәарқәа роуп аҳәатәы хада аазырҧшуа, абарҭ амаҭәарқәа рыла авторцәа атәылауаа ирарҳәар рҭахын асоветтә империалисттә идеиа иахьагьы ашьҭа ҕәҕәа шамоу ашәышықәсақәа раҧхьа иалагаз аус ахәаҽразы, убри аҟынтә, ампыҵахалара арыцхә ахашҭра шыҟамло.

Мадона Џьабуа, Атоци ақыҭаҿ, иҳәазо ампыҵахалара иацклаҧшуа атәылауаа амобилтә ҭелқәа рзы аҵыргәақәа рзыҟаҵаны, Қырҭтәыла ахсаала рықәҭылхит, аҵыргәа адизаин ҷыда амоуп. Руакы аҿы иануп атәыла асахьа, жәларбжьаратә азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны, уи аҿы импыҵахалоу арегионқәа – Аҧсни Цхинвалтәи арегиони аҧштәы ҟаҧшь ала ишәуп. Араҟа аихатә ҭелқәеи ақәҩыра – Ампыҵахалара ҳақәшаҳаҭхом-и жәбоит. Егьи аҵыргәа иануп ахсаала - аха уи иацуп ампыҵахалара арыцхәқәа - 1801, 1921, 1991, 2008 шықәсқәа.

„Асоциалтә аҳаҿы ахсаала збеит, уаҟа импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа аҧштәы ҟаҧшь ала ишәын. Аидеиа сгәаҧхан, сусумҭашҟа аиагаразы азин рымсхит. Инеизакны жәацырак ҟасҵеит. Атоци иҟоу ауааҧсыра рҟынтәи зегьы реиҳа ибзианы дыздыруеит Лаша Берулава. Раҧхьа иргыланы, иареи иҩызцәеи ирзысшьҭуеит“, -илҳәеит Мадона Џьабуа„Лаивпресс“ акорреспондент данлацәажәоз.

Абарҭ амаҭәарқәа ауаа зегьы рзы ишьҭымҭоуп урҭ ахаангьы ампыҵахалара иақәшаҳаҭымхарцаз, ихьанҭаӡоу арыцхәқәа зегьы ргәаладыршәаларц, аурыс пропаганда иаҿагыларц. Амаҭәарқәа равтор даараӡа лгәы иалоуп џьоукы ҧасатәи аиҿкаашьа хьыгәхьаарго, усҟантәи ахҭысқәа аҿар ииашамкәа иахьырзеиҭарҳәо. Мадона Џьабуа аҭелқәа рзы аҵыргәақәа егьырҭ атәылауаагьы ирзыҟалҵоит, атәыла акзаара зхы ақәызҵаз афырхацәа рхылҵгьы уахь инрылаҵаны. Амаҭәарқәа лҭиуа илымҭиуа макьана илыздырӡом. Ауаа ҳамҭас ирылҭар иаҳа илҭахуп. Иара убас, Атоцтәи акәадац азы аиашьыкқәагьы ҟалҵеит. Абри зегьы жәыргьыҭтәи атехнопарк аҿы иҟаҵоуп. Ҳаҧхьаҟагьы апротест аарҧшра налыгӡоит, аха даҽа формак ала.

Ампыҵахалара уақәшаҳаҭымхан - атәылауаҩратә активист Цицино Шенгелиагьы ажәлар рзы абри ашьҭымҭа ҟалҵеит. Абри адҩылареи, арепрессиақәеи, Урыстәылатәи агрессиа иалаӡыз Маро Маҟашвилии, Сандро Ахметелии егьырҭи рпатреҭқәеи зну аблокнотқәа жәбар шәылшоит Цицино лҟазарҭаҿы. Лара илыдгыло ауаа рацәоуп. Лблокнотқәагьы ибзианы иаархәоит. Ишылҳәо ала, абри зегьы даҽазнык иаанарҧшуеит апроблема ахатә актуалра шацәымӡыз: „Аимадара шьақәыргылоуп. Ахархәаҩцәа сара смессиџь ибзианы еилыркааит ҳәа сгәы иаанагоит. Аҭиразы Қарҭҟагьы идәықәысҵоит. Бжеиҳарала, аҿаҵарала, ма Феисбуқ ала исҭиуеит“.

Цицино Шенгелиа ишылҳәаз ала, Атоци иҳәазо ампыҵахалара иадҳәаланы азҵаарақәа лымоуп. Адәныҟатәи афакторқәа шыҟоу, атема шыуадаҩу лдыруеит, аха уезгьы илзеилкаауам ақырҭуа ҳәынҭқарра аҭыҧантәи ауааҧсыра рыхьчареи ршәарҭадара аиқәыршәареи залымшо:

„Уезгьы, аҳәынҭқарра, ауаа рыхьчаразы иаҳа ирацәаны иҟанаҵароуп ҳәа сгәы иаанагоит. Убри аҟынтә, ҳара ҳхатә ҩнқәа рҿы ҭынч анхара алшара ҳауаанӡа, амессиџь - Ампыҵахалара уақәшаҳаҭымхан – актуалтә ҵакы амазаауеит“.

Цицино Шенгелиагьы, амаҭәарқәа рацәаны ианыҟаҵатәу, атехнопарк аҿы иҟалҵоит, абжьааҧны напыла аусура еиҕьалшьоит. Лусумҭақәа рҿы ақырҭуа тематика аҧыжәара амоуп. Ишылҳәо ала, ампыҵахалара атемазы аидеиа ҿыцқәа лхәыцуеит, аурыс агрессиа иалаӡыз ауаа амаҭәарқәа рсахьала рыҧсы ҭалҵар лҭахуп.

Асоветтә Урыстәыла ампыҵахалара инаркны 98 шықәса ҵит. Қырҭтәыла аҵакырадгьыл 20% иахьагьы импыҵахаланы ирымоуп. Иҳәазо ампыҵахалара иахьагьы инагӡоит. "Лаивпресс" акорреспондентцәа шәышықәса раҧхьа иҟалаз ахҭысқәа ирызкны адырраҭара дырмазеит.