Ауaaжәлaррa
„Сара бара бзиа бызбоит"
„Сара бара бзиа бызбоит" – абас иахьӡуп ақырҭуа ҷкәынеи аҧсуа ӡҕаби рыбзиабара аҭоурых иазку аспектакль. Уи абзиабара аиҕара ишаиааиз ҳзеиҭазҳәо хҭысуп, лабҿаба иаанарҧшуеит иҧсабаратәым аҳәаақәа абри ацәанырра дуи аҿыц еизыҟазаашьақәеи ишырҧырхагамхо. Нодар Думбаӡе ихьӡ зху аҿартә театр аҿы апремиера мҩаҧысхьеит. Ақырҭуа бызшәа инаваргыланы, асценаҿы зны-зынла аҧсуа бызшәагьы уаҳауеит. Аспектакль ақәыргылара иацхрааит Қырҭтәыла аҵареи, аҵарадырреи, акультуреи, аспорти рминистрреи Аҳәынҭқарратә бызшәа адепартаменти „Лаивпресс“ акорреспондент арежиссиор Дмитри Ҕвҭисиашвили диацәажәеит.

Лаивпресс: Раҧхьа иргыланы, аспектакль иазкны иаҳзеиҭашәҳәар сҭахуп. Абри атематика шәзазҿлымҳахеи, ахҭысқәа иабамҩаҧысуеи?

Дмитри Ҕвҭисиашвили: Сара еснагь схатә версиа сашьҭоуп. Абри апиесагьы сара истәуп. Сареи Анано Мирианашвилии еицааҩит. Нас иқәсыргылеит. Гәызҭаҵагас исзыҟалеит уажәааны сзыҧхьаз ашәҟәы. Уаҟа Аҧснынтә ихҵәоу ҭаацәарак рхылҵ Аҟәа иалацәажәоит. Урҭ ахаангьы Аҟәа рымбацт. Аибашьра ашьҭахь ииз роуп абри ашәҟәы зҩыз. Жәабжьк аҿы абри аҩыза афраза иҟоуп - ҳаҧсцәа ҳанырҟәаҵша аамҭа ааит ҳәа сгәы иаанагоит, рыҧсы ҭынчзааит, зыҧсы ҭоу бзиа еибабаларц азыҳәан. Нас, сазхәыцын, аҿыц аизыҟазаашьақәа ирызҿлымҳау абиҧара ҿыц аасырҧшыр сҭаххеит. Иахьазы аҿыц еизыҟазаашьақәа рзы даҽа қәыҧшыларак иҟоуп, асоциалтә аҳақәа, ақырҭуааи аҧсуааи рылахәызаара ала имҩаҧысуа еиуеиҧшым жәларбжьаратә проектқәа. Аспектакль аҿы ақырҭуа ҷкәынаки аҧсуа ӡҕабки Лаипциг ианыҟаз бзиа еибабеит.

Урҭ уаҟа аҵара рҵон. 18-19 шықәса акәӡам ирхыҵуа. 30 шықәсанӡа инеихьеит. Шьаҿас иҟарҵогьы ибзианы еилыркаауеит. Еибагарц рыӡбеит. Аӡҕаб аҷкәын иалҳәеит саб аибашьраҿы дҭахеит, сабду иоуп сзааӡаз. Сабду иамҳәакәа маӡала сызцом. Убри аҟынтә, ишаҧу еиҧш, уааны, аргама суҳәароуп, ҳҭаацәарақәа еибаҳардырроуп ҳәа. Аҩ-ганк рҟынтәи ауаа аиҟәшаратә цәаҳәаҿы еизеит. Асценаҿы абри аҩыза адекорациа иҟоуп, ахәаҧшцәа рзалгьы аихатә ҭелқәа рыла еиҟәшоуп.

Лаивпресс: Шәинтервиу аҿы ишәҳәеит ари аспектакль - акциа ауп ҳәа. Уи ала ишәҳәарц ишәҭахызи?

Дмитри Ҕвҭисиашвили: Аспектакль аҿы зықәра неихьоу хаҵак абас иҳәоит - ҳара ҳабиҧара акгьы иаҧсамхеит. Абарҭ аҿар ҳаиҳабацәа рҟынтә ак рзаанхазар ауп аус злоу. Избанзар, ҳаиҳабацәа аизыҟазаашьақәа рыбжьан, ҳара арҭ аизыҟазаашьақәа гәхьааҳгоит. Абарҭ ажәақәа роуп спиеса идеиас иамоу. Агәыбжьанытә абиҧара ишиашоу џьоукы рнырра аҵаҟа иҟалеит, фактла иуҳәозар, дара роуп аибашьара иалагаз. Зыҷкәынцәа ҭахаз аби ани абри аҳәааҿы еиҧылоит. Аҧсуа аб динвалидуп, ан лыҷкәын инышәынҭра иахьыҟоу лыздырӡом. Аҿар роуп аҿыц еизыҟазаашьақәа шьақәзыргылаша, урҭ аибашьра зхароу раарҧшра иалагар ҟалом. Избазар, аҩ-ганкгьы ацәгьаура хьанҭа ҟарҵеит, аӡәы диашоуп егьи иоуп зегьы зхароу ҳәа уҳәар ҟалом.

Лаивпресс: Ишаҧу ала, аҧсуаа ақырҭуаа рҟынтәи абри аҩыза аҭынчратә шьҭымҭақәа рыдыркылом. Шәгәы ишҧаанаго, ари аспекталь аидеиа дара рҟынӡа инеирыма, насгьы, дара рҟынтә изакәытә ақәҿыҭроузеи шәыззыҧшу?

Дмитри Ҕвҭисиашвили: Ари аспектакль Аҟәагьы идҳарбар ҳҭахуп. Ҳара абзиабареи аизыҟазаашьақәеи ҳрылацәажәоит. Аспектакль аҿы араагьы уаагьы аишәа дырхиоит. Нас, абду, иаалырҟьаны, Константин Гамсахурдиа ироман «Амза амҵарсра» аҟынтә цыҧҵәахак даҧхьоит. Убри ала иҳәоит, сара уара утрадициақәа пату рықәысҵоит ҳәа. Нас, амаҳә, ашәа „Азамаҭ“ аҳәара далагоит. Аҧсуа хаҵа Беқирби Хышба зыҷкәын дҭахаз ан лахь ихы рханы иҳәоит, ҳарҭ аҧсуаа, аҕа ихылҵгьы дҭахар, даҳҵәыуеит, ус ҵасны иҳамоуп ҳәа. Шәыҩџьагьы шәхылҵ иаҳҵәыуеит, убри ала аҵәыуара аҵыхәа ҧаҳҵәап, аҧсҭазаара ҿыц ҳзалагозар ҳәа.

Лаивпресс: Жәакла иуҳәозар. Ари апектакль аҧсуаа иргәаҧхап ҳәа шәгәыҕуеит...

Дмитри Ҕвҭисиашвили: Нас изыргәамҵраны иҟои? Сара исхароуп ҳәа сҳәом, аха даргьы акгьы рхарасҵом. Атәылауаҩратә еибашьрақәа ҟалахьеит, аишьцәа еибашьхьеит, аҭаацәараҿгьы аимак ҟалахьеит, абарҭ аимакқәа ауаа рылаӡоит. Аха уи акәӡам сара сызлацәажәо. Абарҭ аҿар акгьы рхараӡам, дара аполитика изақәыӡӡои? Асценаҿы аҭагылазаашьа хәыҷык ианеиқәтәо, ҧхаррак аналсуа, иаразнакҵәҟьа ахысбжьы гоит. Ахҧатәи амч убарҭам, аха уи еснагь уцәа ианыруеит. Аспектакль аҿы аихатә ҭелқәа иқәганы икарыжьуам. Уи ааигәа иҟамлаша ауп. Аха, сгәы ишаанаго ала, еилаҧсоу аҭаацәара ҿыц цыҧхьаӡа ҳаизыҟазаашьақәа аҧсҭазаара ҿыц рыланаҵоит.

Лаивпресс:
Егьырҭ ақалақьқәа рҿы, иаҳҳәап, Жыргьыҭ аспекталь идшәырбар шәҭахӡами?

Дмитри Ҕвҭисиашвили: Уи акциа аҳасаб ала ҳахәаҧшуазар, ахәаҧшцәа даараӡа ирацәазароуп. Аха аихатә ҭелқәа рышьақәыргылара ахьҳалымшо азалқәагьы иҟоуп. Қырҭҭәыла мацара акәымкәа, зехьынџьара идҳарбар ҳҭахуп. Аҧсуааи ақырҭуааи астудентцәа иахьеиҧыло Сҭампылтәи есышықәсатәи аиҧыларақәа ҳхы рылаҳархәыр ҳҭахуп. Киев, Минск, ақырҭуа диаспора ахьыҟоу зехьынџьара идҳарбар ҳҭахуп. Хара имгакәа, аспектакль англызи аурыси субтитрқәа аиуеит. Уи акциа акәзар, ҳаинаалар ҳҭахызар, ари апектакль Аҟәагьы ирбаратәы иҟаҳҵароуп.