Жәыргьыҭтәи аҿар зықәрахь инеихьоу ауааҧсыреи ахылҵ рацәа змоу анацәеи ирыцхраауеит - агәыҳалалратә акциа инагӡоит
Акзаареи аидгылареи арыцҳара ду аҵархара рылшоит,
- ирҳәеит Жәыргьыҭтәи активистцәа Малхаз Ҷкадуеи Арчил Ҭодуеи.
Дара иҳәынҭқарратәым аиҿкаара „Жәларбжьаратәи аартызаара - Қырҭтәыла“ иалахәып. Апандемиа амшала аҩны ишдәылымҵуагьы, ҷыдала зсоциалтә ҭагылазаашьа цәгьоу ауааҧсыра ирыцхраарц рыӡбеит.
Мчыбжьык аҧхьа, хылаҧшҩы дызмам атәанчуаа ирыцхраарц азыҳәан, акциа мҩаҧыргеит, Феисбуқ аҿы абанктә хыҧхьаӡара аладырҵәан, еизыргаз аҧарала 100 ҭаацәара ирыцхрааит.
„Ажәлар ҳакциа иадгылоит. 120ҩык иреиҳаны ауааҧсыра рхы аладырхәит. Зынӡаск иаҳзымдыруа ауааҧсырагьы иҟоуп. Иакымкәа агәыҧқәа абри аҩыза акциақәа мҩаҧыргоит, урҭгьы еиуеиҧшым ақалақьқәа рҟынтәи ауаа рацәа ишрыцхраауа здыруеит. Уамашәа иубаша, жәыргьыҭаа мацара ракәӡам аҧара ҳзалызхыз, егьырҭ ақалақьқәа рҟынтәгьы ауаа рацәоуп“, - иҳәеит Арчил.

Активист иҳәамҭала, аҳәаанырцәынтәгьы, Германтәыла инхо аемигранцәа рҟынтәи имаҷымкәа аҧара роуит.
„Аҳәаанырцә инхо ҳҩызцәа ҷыдала ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Уажәы даргьы апроблемақәа шрымоу здыруеит. Германтәыла инхо ақырҭуа анацәа ҷыдала иалыскаар сҭахуп, дара роуп аҧара аиҳара ҳзаазышьҭыз, ари аҧарала ахылҵ рацәа змоу анацәа ҳрыцхрааит. Иҳауа ҭеҭри цыҧхьаӡа адресат иҟынӡа инеиуеит“, - иҳәеит Малхаз.
Активистцәа ишырҳәаз ала, аҧара аизгара нарыгӡоит, уи абзоурала, атәанчуаа мацара ракәымкәа, ахылҵ рацәа змоу анацәагьы ирыцхраауеит. Иахьанӡа еизыргаз 7000 лари ала 106 ҭаацәарақәа ирыцхрааит.