Амшаҧы аныҳәа ду ампыҵахалараҿы [афото]
Ампыҵахалаҩцәа угәара, уҩны, анышәынҭрақәа рыгәҭа аҭел анеиҵырхуа,
абри ауп зегьы реиҳа ахьаа узҭо, - илҳәеит Мери Ҷиҷиашвили –
Сиҟмашвили.
Мериа Британиа ду дынхоит, анышәаҧшь иалхны аминиатиурақәа ҟалҵоит.

„Ажәлар рыдгьыл хәҭак рымхны иргеит, рыҩны ҩыџьара иршеит, дара иаадрыхыз адгьылҭыҧ ашҟа инеины, рҭаацәеи, раҳәшьцәеи рашьцәеи рбар, ма аҧсы дырҵәыуар азин рымам. Уажәааны Хурвалеҭинтә ҩыџьа ауааҧсыра имҵарсны иргеит, аҭаҳмада имацара даанхеит. Абри сминиатиура ари афакт иазкуп. Изакәытә гәнаҳароузеи, насгьы, рыцҳарас иҟалаз, ҳара ари аиашамра ҳаҿагыларатәы мчык ҳамам“, - илҳәеит Мери.

Ампыҵахалара атема иазку аминиатиура 10мшы аус адылулон, илҳәашаз, лгәы иҭаз зегьы аалырҧшыр лҭахын.
Мери занааҭла дфилологуп. Ресторанк аҿы акондитер хадас аус луан, аха, нас, лан даныҧсы, лгәы каҳан, аусура даҟәыҵны, аминиатиурақәа рыҟаҵара далагеит. Аханатә, ашьақартә массеи амажәеи лхы иалырхәон, уажәазы, анышәаҧшь иалхны аминиатиурақәа ҟалҵоит.

„Уи даараӡа исыхәоит, аус анызуа аенергиа ду сылалоит, иаҳа сҭынчхоит, сцәаныррақәа зегьы ари аус иаласҵоит. Иарбанзаалак аконкреттә темак азы аусура салагаанӡа, сыҩнуҵҟала сҽазыҟасҵоит, акомпозициа аҟаҵаразы схы иасырхәаша адетальқәа зегьы цқьа срызхәыцны ауп аусура сшалаго.
Адеталь цыҧхьаӡа аамҭеи апроцесс ҷыдеи аҭахуп. Зны-зынла, детальк арбара 24 сааҭ аҭахуп. Детальқәак, аҵыхәтәантәи асахьа роурц азыҳәан, иакымкәа аетапқәа ирхысроуп. Аусура санаҿу, адетальқәа зегьы иргәыбзыҕны ауп ишыҟасҵо. Сцәаныррақәа аадырҧышрцаз хымҧада срацәажәоит, уи ада "рыҧсы ҭалом".

Мери ишылҳәаз ала, аханатә, ахобби аҳасаб ала аминиатиурақәа ҟалҵон. Аха, нас, лусумҭақәа рфотосахьақәа Феисбуқ ианылҵан, ауаа рацәа илыдҵаауа иалагеит.
Ампыҵахалара иахьынӡанагӡахо, лусумҭақәа аҭелтә ҧынгыларақәа ртема иазкызаауеит.