Ауaaжәлaррa
Арҧхарҭа мацара зырҧшӡо агәилқәа - Жәыргьыҭтәи афермер ахашәала ада даанхеит
FaceBook Twitter
E-mail Print
Агәилқәа рышәҭра аамҭа ааит, аха Жәыргьыҭтәи афермер Назо Џьиқьиа хьаак лымоуп, агәилқәа рыҭира дахьымӡакәа, аканӡар ҳәа дшәоит.

Сезонк азы 5000 цыра агәилқәа ҿыхны, аџьармыкьашҟа иганы, 1 лари ҳәа еизакны ирылҭон. Ишылҳәо ала, аҩны еиҿкааны ирымоу арҧхарҭа алоуп рхы зланыҟәыргоз, аха, апандемиа амшала, ашәҭқәа лзыҭиуам.

„Ҧаса, 5,6 тоннанӡа араса сыман, аха, амармалташь пты араса зегьы иқәнахын, агәараҿы арҧхарҭа еиҿыскааит, апроект „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ“ аҳәаақәа ирҭагӡаны аҧара сырҭеит. Схы ныҟәызгаратәы сыҟан, аха, уажәы, апандемиа амшала, ашәҭқәа сзыҭиуам, хашәалак сымамкәа саанхеит“, - илҳәеит афермер.

Аха, ашәҭқәа ахылаҧшра рҭахуп, аџьабаа рыдбалатәуп, ахарџьгьы маҷым:

„Есышьыжьымҭан арҧхарҭа сҭаланы, ахәыҷқәа реиҧш, исыргәыбзыҕуеит. Хшыҩзышьҭра анырмоулак, иаразнак аканӡара иалагоит, ичмазаҩхоит. Нас, ахәшәи арҵәырақәеи рыҭатәуп. Уажәааны чымазарак рыхьын, зегьы хысҵәеит, нас, аханатә ашәҭра иалагеит, аха, иалашәхи, аӡәгьы иааихәом“.

Агәилқәа рыдагьы, афермер адәахьы аҵиаа иаҵәақәа лымоуп.

„Еснагь ииаҵәоу аҵиаақәа реиҭаҳатәқәагьы сҭиуан, аха, уажәы урҭгьы сзыҭиуам, уажәшьҭа аиҭаҵра азин ҳарҭаргьы, аиҭаҳатәқәагьы аӡәгьы иааихәом, аиҭаҳара аамҭа цахьеит, рашәарамзазы еиҭауҳар ҟалом. Сынтәа араса аҽаҩра смоур, стәанчахә мацарала схы ныҟәызгар акәхоит“, - илҳәеит Назо Џьиқьиа.
Print E-mail
Twitter
Ари aмaтериaлқәa
40 шықәса зхыҵуа Иракли Аҧсны дынхоит. Ҩышықәса ҵуеит
18:07 / 21.09.2021
40 шықәса зхыҵуа Иракли Аҧсны дынхоит. Ҩышықәса ҵуеит "метадон" аҧсахратә терапиа апрограмма ихы иаирхәоижьҭеи.
Амилаҭ-демократиатә институт NDI имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа
инрықәыршәаны,
18:03 / 21.09.2021
Амилаҭ-демократиатә институт NDI имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа инрықәыршәаны,
Ашәҟәы анашанатә мчы амоуп, уи иаҳнаҭо ахырҳагара уаҳа џьаргьы
иуоуам,
22:14 / 24.07.2021
Ашәҟәы анашанатә мчы амоуп, уи иаҳнаҭо ахырҳагара уаҳа џьаргьы иуоуам,
Аҧсны, Гал араион иаҵанакәа Пирвели Отобаиа ақыҭаҿ, ауҭраҵыҵындра
19:48 / 25.05.2021
Аҧсны, Гал араион иаҵанакәа Пирвели Отобаиа ақыҭаҿ, ауҭраҵыҵындра
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала