Аброкколи, иҧшшәылоу ахәылрҳәи, асалаҭ абыҕьқәеи – афермер кредитла иааирыхыз ауҭраҭых ицәыҧхасҭахуеит [афото]
Жәыргьыҭтәи ақыҭа Давиҭиани инхо афермер Зураб Гулуа ҵыҧх, ашықәс
анҵәамҭазы,
адәахьы, иаарту ақәыҧшылараҿы, аброкколи, иҧшшәылоу ахәылрҳәи,
асалаҭ абыҕьқәеи еиҭеиҳаит. Сынтәа раҧхьатәи аҽаҩра иоуит, аха
акоронавирус ахкҿыц апандемиа амшала, иҽаҩра изиҭиуам. Аҽаҩра
хәыҷык иҭиит, хәҭак ицәыҧхасҭахеит, егьы ахәҭа макьана иҿиимхыцт,
иаазхәаша аӡә дҟалозар ҳәа дыҧшуп. Иааиуа амшқәа рзы изымҭиир,
кредитла иааирыхыз ауҭраҭых азарал изаанагоит.
Ари "аисберг" ҳәа изышьҭоу асалаҭ ауп, ихырҳагоуп, абри "лола роса" ауп, ари "лола бионда". "Асалаҭ иаҵәагьы" сымоуп. Аброкколигьы иҟоуп. Иҧшшәылоу ахәылрҳәы ашәҭра ишалаз жәбоит, иҧхасҭахеит, - афермер гектарк аҵакырадгьыл аҿы иааирыхыз аҽаҩра ҳирбеит.

"24 нызқь аиҭаҳатәқәа аазгеит. 20 тонна аҟара аҽаҩра соур акәын. Ҧаса аброкколи 5-6-7 лари иаҧсан. Уажәы 200 кьыла 3 лари ҳәа аарлаҳа исҭиит", - иҳәеит Зураб Гулуа "Лаивпресс" акорреспондент данлацәажәоз.
Акоронавирус аларҵәара иалагаанӡа, аиҭаҳатәқәа мышқәак Жәыргьыҭ иҟаз ахьҭа цәгьа рхыргеит. Иахьазы, апандемиа аныҟоу, афермер ҷыдала ихырҳагоу абри аҽаҩра изиҭиуам.

Зураб Гулуа иҽаҩра жәыргьыҭтәи аџьармыкьашҟа анагара иҽазикит, аха илымшеит. Асупермаркетқәа рыҧшәмацәа драцәажәар иҭахын. Акоронавирус аларҵәара иадҳәаланы атәылаҿы ишьақәыргылаз аҧкрақәа даараӡа иҧырхагахеит.
Зураб Гулуа ишиҳәаз ала, уажәааны, иҧҳәыс дара рҽаҩра асоциалтә аҳа ала аҭира лҽазылкын, Феисбуқ адаҟьаҿы аинформациа алалырҵәеит. Аха, ишиҳәаз ала, уигьы иахьымӡеит. Ианаамҭаз, афермер, ауҭраҭых аарыхразы, 45 нызқь лари агрокредит игеит. Ари акредит иара имаз аҧарагьы ациҵеит. Абанк аҟынтә игаз акредит шишәаша ауп иахьазы дзызхәыцуа.

Шаҟа азарал иоуз ҳәа ҳаниазҵаа ишиҳәаз ала, - "8 нызқь лари рыхә аиҭаҳатәқәа мацара аасхәеит. Инеизакны, аҽаҩра 1300 лари ахашәала сзаанагеит. Уажәшьҭа шәара шәхала ишәыҧхьаӡа".
Игәы каҳаны дшыҟоугьы, ари аус даҟәыҵраны дыҟам. Хара имгакәа, асалаҭқәеи, иҧшшәылоу ахәылрҳәи, аброкколи иҵхны, апомидори аҟәыди еиҭеиҳауеит. Зыӡбахәы ҳәоу адгьылҭыҧ аҵыхәан аџьықәреи еиҭеиҳахьеит.

Афермер ашьхарпаҿагьы еиҭеиҳар иҭахуп. Иахьазы адгьылҭыҧи уаҟа иҟоу аҽаҩреи рхылаҧшраҿы ҩыџьа ауааҧсыра ицхраауеит. Иаҭаххар, иҵегьы ауааҧсыра ааиҧхьоит.
Зураб Гулуа ауҭраҭых хәыбжала иҭиуеит, насгьы, аҽаҩра хәҭак, апандемиа аан зегьы реиҳа зҭагылазаашьа цәгьоу, социалла ихьчам ауааҧсыра амалаҳа ириҭеит.