Ауaaжәлaррa
Иарку ақәыҧшылараҿы ауаа рхыҧхьаӡара ахылаҧшразы ахәыҷқәа ирхәыцыз аҿыцҧшьгамҭа
FaceBook Twitter
E-mail Print
Covid-19 адунеи азы апроблема ҿыцуп, ҳара ҳазынтәгьы апандемиа иахылҵуа азарал излауа ала аиҵатәра ҳазхәыцроуп, - илҳәеит жәыргьыҭтәи 8-тәи абжьаратә школ аҵаҩы Нино Шариа.

Лареи лықәлацәеи аҿыцҧшьгаратә идеиақәа ирызхәыцуеит. Нинои лҩызцәеи иарку ақәыҧшылараҿы ауаа рхыҧхьаӡара аҳәаақәҵареи ахылаҧшреи зылшаша аҿыцҧшьгамҭа аҧҵара иаҿуп жәыргьыҭтәи атехнопарк аҿы.

Апроект аус адырулоит 4ҩык ашколхәыҷқәа, урҭ рҟынтәи хҩык жәыргьыҭтәи атехнопарк аҟынтә, аӡәы - Алеқси Шушаниа ихьӡала Сенаки иҟоу ашкол-гимназиа аҟынтәи. Аусуратә процесс анахарала имҩаҧысуеит, - иҳзеиҭеиҳәеит жәыргьыҭтәи 10-тәи абжьаратә школ 12-тәи акласс иҭоу Уча Џьанашьиа:

„Ишыжәдыруа ала, онлаин аусуреи аинформациа аиҭныҧсахлареи уадаҩым. Ҩымчыбжь ҵуеит апроект аус адулара ҳалагеижьҭеи. Мчыбжьык ала сааҭқәак аус аауан, агәыҧ бзиа еиҿаҳкааит, абас ауп ашьақәыргыламҭа шыҟаҳҵаз“.

Ахәыҷқәа апроект ахадаратә программатә хәҭа аус адулара ихдыркәшахьеит, уажәазы адизаин аус адырулоит, ашьақәыргыламҭа зеиҧшроу аабар ҳалшоит жәыргьыҭтәи аҵаҩы Дмитри Гулуа иаҧиҵаз анимациаҿы.

„Ауааа ахыбра ианыҩнало, иҩналаз ауаа рхыҧхьаӡара амонитор ианылоит, ауаа рацәаны иҩналар, ашьақәыргыламҭа адырра ҟанаҵоит. Ашьақәыргыламҭа хәҭак адәахьы идыргылоит, егьы ахәҭа ахыбра аҩнуҵҟа ишьақәдыргылоит. Уи 3D апринтер аҿы икьыҧхьзаауеит, адәахьы иҟоу акорпус аҩнуҵҟа ишьақәыргылоуп асенсори алазери“, - иҳаиҳәеит Дмитри.

STEM ахырхарҭала апроект анапхгара азиуеит атренер Ута Киласониа. Иара ишиҳәаз ала, ашьақәыргыламҭа аҧҵара аидеиа рызцәырҵит ателешкол аҿы Давиҭ Сонҕулашвили имҩаҧигоз афизика аурок ианахәаҧша ашьҭахь. Аҵаҩы ахәыҷқәа еиуеиҧшым ацәырҵрақәа ирызкны ирзеиҭеиҳәон, ҳаамҭазтәи атехнологиа рыцырхрааны абарҭ ацәырҵрақәа рхы ишадырхәаша дирҵон.

„Аханатә, апроект ихыҭәҳааны аус адааулон, анеҩс, реалра еидкыланы, иҭаҳгалеит. Ахәыҷқәа Сонҕулашвили ителеурокқәа рбахьан, уигьы апроект анагӡараҿы ирыцхрааит. Апроект аус адулара уадаҩуп, аџьабаа ду аҭахуп, избанзар аҿыцҧшьгамҭа ауп изызку. Ахәыҷқәа зегьы ашьақәыргыламҭа аҟаҵара апроцесс иалахәын, жәыргьыҭтәи ахәыҷқәа инрываргыланы, Алеқси Шушаниа ихьӡала Сенаки иҟоу ашкол-гимназиа аҵаҩы Гиги Гугунавагьы. Уажәазы апроект атехникатәи апрограмматәи ахәҭа имазеиуп. Адизаин аус адулара ҳаҿуп“, - иҳәеит Ута Киласониа.

Ахәыҷқәа иҟарҵо аҿыцҧшьгамҭа, афинансқәа раиуразы, Аиновациақәеи атехнологиақәеи рагентра агранттә конкурс аҿы ицәыраагоит, - илҳәеит жәыргьыҭтәи атехнопарк аменеџьер Ануки Асаҭиани.

„Аконкурс ала иазҧхьагәаҭоуп акоронавирус атема иадҳәалоу апрототип аҧҵара. Анеҩс, агентра ауп изыӡбо абри аҿыцҧшьгамҭа еиуеиҧшым аусбарҭақәа рҿы ахархәара иахьынӡаҟало. Дара ирыдыркыло аӡбара иахьыҧшны афинансқәа ҳауеит. Анеҩс, ахәыҷқәа, рнапхгаҩы ицхыраара ала, апроект анеҩстәи аетап азы аусура иалагар рылшоит“, - илҳәеит аменеџьер.
Ашколхәыҷқәа анеҩстәи аетап азгьы аидеиақәа рымоуп.

„Уажәазы аидеиақәа роуп ахадаратә ҵакы змоу, егьирахь, ҳаамҭазтәи аепохаҿы гәыҧла, анахарала аусура мариоуп“, - ирҳәеит ашколхәыҷқәа.
Print E-mail
Twitter
Ари aмaтериaлқәa
40 шықәса зхыҵуа Иракли Аҧсны дынхоит. Ҩышықәса ҵуеит
18:07 / 21.09.2021
40 шықәса зхыҵуа Иракли Аҧсны дынхоит. Ҩышықәса ҵуеит "метадон" аҧсахратә терапиа апрограмма ихы иаирхәоижьҭеи.
Амилаҭ-демократиатә институт NDI имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа
инрықәыршәаны,
18:03 / 21.09.2021
Амилаҭ-демократиатә институт NDI имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа инрықәыршәаны,
Ашәҟәы анашанатә мчы амоуп, уи иаҳнаҭо ахырҳагара уаҳа џьаргьы
иуоуам,
22:14 / 24.07.2021
Ашәҟәы анашанатә мчы амоуп, уи иаҳнаҭо ахырҳагара уаҳа џьаргьы иуоуам,
Аҧсны, Гал араион иаҵанакәа Пирвели Отобаиа ақыҭаҿ, ауҭраҵыҵындра
19:48 / 25.05.2021
Аҧсны, Гал араион иаҵанакәа Пирвели Отобаиа ақыҭаҿ, ауҭраҵыҵындра
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала