Асоветтә режим ахаҭарнакцәа иахьдырхәыз сенактәи апап
Ажәытәра иагаз, џьара-џьара иҧжәоу, аха, пату ақәҵаны иҵәаху
абҕьыцқәа ирнуп абольшевикцәа рреспессиақәа ирылаӡыз, Гьаргь ацқьа
ихьӡала Сенаки иҟаз аныбахаа адоуҳаныҟәгаҩ иҭоурых.
Бадри Каландареишвили ишҳаиҳәаз ала, иара иабду иаб, апап Симон Егнати иҧа Каландаришвили 1861 шықәсазы Сенаки, апап иҭаацәараҿы диит. Қәҭешьтәи адоуҳатә семинариа далгеит.
1890-тәи ашықәсқәа рзы адикәанс, нас, 1895 шықәсазы апапс дҟарҵан, абольшевикцәа иаиаанӡа Гьаргь ацқьа иныхабаа аҿы Анцәа имаҵзура мҩаҧигон. 9ҩык ахылҵ иман.
Абольшевиктә режим анышьақәгыла ашьҭахь, аныхабаақәа реиҳара ицәырҳәны иқәырхит, апапцәа рыхәҭак иааргәыдҵаны иршьит. Усҟан Симон Каландаришвили иҧсы ҭаны деиқәхеит, аха, арепрессиа дзацәымцеит.
Асоветтә напхгара ахаҭарнакцәа иара "КГБ" ахыбрашҟа иҧхьеит. Симон Каландаришвили ихылҵ ачекистцәа апап иарҳәаз рыздырӡом, избанзар иара убри аамышьҭахь 40 мшы мацара иҧсы ҭан.

"Абольшевикцәа аџьар иқәганы икарыжьын, аныхабаа дырбгеит, нас, 1937 шықәса анҵәамҭазы Қарҭҟа, усҟантәи КГБ ахыбрашҟа иҧхьеит.
Дцеит, абжьааҧны дышныҟәалоз еиҧш, ауахәама маҭәа ишәҵаны, аха, уаантәи ижакьа амхны, ауахәама маҭәа ишәыхны дхынҳәит. Исгәалашәоит, сабду еиҭеиҳәон, аҩныҟа даныхынҳәы иҧҳәыс дылзымдырӡеит ҳәа, избанзар ижакьа амхны ахаан длымбацызт. Убри ашьҭахь, аиарҭа дагәылан, аҭӡамц ашҟа иҿы рханы, аӡәгьы диацәажәомызт, 40 мшы рышьҭахь дыҧсит", - иаҳзеиҭеиҳәеит Бадри Каландаришвили.
Иара иажәақәа рыла, антисоветтә ҵысра активла далахәын Симон иуа, апап Аристрахо Каландаришвилигьы, иара 45 шықәса шихыҵуаз, иааигәыдҵаны дыршьит.
"Сенаки асоветтә режим иаҿагылаз ауаа рышьразы ианыргоз, Аристрахо Каландаришвили дара дрыдгылеит, убри амшала акоммунистцәа дыршьит", - иҳәеит Бадри Каландаришвили.
1924 шықәсазы иҟалаз агылара Сенакигьы активла иалахәын, убри амшала, уаҟа 200ҩык раҟара ауааҧсыра иршьит, 100ҩык раҟара ибаандаҩыртәит.