Ауaaжәлaррa
Ашьра акәу ахгара акәу - Кахаҭа ақыҭаҿ инхоз Илиа Чахаиа иқәырҵаз азыӡба
FaceBook Twitter
E-mail Print
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет иаҵанакәа Кахаҭа ақыҭаҿ инхоз Илиа Чахаиа асоветтә режим рыла ахьырхәра цәгьа зауз жәаҩыла ауааҧсыра дреиуп. Иуацәа иахьагьы цқьа ирыздырӡом усҟан иҟалаз - дыршьу дахыргоу.

Илиа Чахаиа имаҭа Гиа Чахаиа ишҳаиҳәаз ала, Кахаҭи инхоз ауааҧсыра 1937 шықәсазы ашьра рықәырҵеит ҳәа акәын аханатә ишырдыруаз, аха, нас, Урыстәылатәи аокруг, Сахалинҟа аҧсранӡа ахгара рықәырҵеит ҳәа раҳаит, уаантәи ашәҟәқәа рыҩра азин рымамызт. Амаҭа игәаанагарала, аҩбатәи аинформациа иаҳа ииашазар ҟалап, аха игәаанагара шьақәзырҕәәҕаша изакәызаалак шаҳаҭгак имам.

Гиа Чахаиа ишиҳәо ала, аҭаацәара иахьагьы абри атема иаргәамҵуеит, иара ибзиаҵәҟьаны игәалашәоит даныхәыҷыз иабду иӡбахәы аҳәара шыҟамлоз.

Илиа Чахаиа азыӡба цәгьа аниқәырҵа 42 шықәса ихыҵуан. Усҟан иара Жәыргьыҭ, арыцтә зауад аҿы директорс аус иуан. Раҧхьатәи аверсиа ала, иара 2 кьылак арыц ахьыӡыз амшалоуп абри аҩыза азыӡба зиқәырҵаз. Аха, аҭаацәара ргәаанагарала, асоветтә режим ахаҭарнакцәа иара Актәи адунеитә еибашьра аан аофицарс дахьыҟаз азы дахьдырхәит.

Илиа Чахаиа дызусҭадаз?

Илиа Чахаиа егьырҭ ақыҭауаа дызларылукаашаз ҳәа акгьыҟамызт. Иара иоума, дызхылҵыз роума, аӡәгьы аполитика дадҳәаламызт. Аҭаацәара алахәылацәа зегьы аҵара иазҿлымҳан. Илиа иаб, Алеқси Чахаиа дҟаза бзиан, ақыҭаҿы пату иқәырҵон. Аҭауад иҧҳа ҧҳәысс дигеит, лара лашьа Бақәа анефҭбизнес иман.

Илиа иҭаацәарагьы акыршықәса рыҩнуҵҟа Бақәа инхон. Ҧшьҩык иҧацәеи ҩыџьа иҧҳацәеи Бақәа аҵара ду роуит. Илиагьы дара дреиун.

„Убри ашьҭахь дара Актәи адунеитә еибашьра иалахәын. Илиа ҩыџьа иашьцәа аибашьраҿы иҭахеит. Илиеи егьи иашьа Партении иаанхеит. Илиа аҳ иофицарс дахьыҟаз дахдырҟьеит ҳәа сгәы иаанагоит“, - иҳәеит Илиа Чахаиа имаҭа.

Иара иажәақәа рыла, аофицар қәыҧш ақыҭашҟа даныхынҳәы, Жәыргьыҭ, арыцтә зауад аҿы аусура далагеит. Уааҵәҟьа, бухгалтерс аус луан иҧҳәыс, аполиак ӡҕаб Станислава Иангвиц.

Асоветтә режим ахаҭарнакцәа Илиа Чахаиа аҧсранӡа ахгара аниқәырҵа ашьҭахь, иҧҳәыси ихылҵи „ачарҳәаҩ иҭаацәара“ ҳәа ирықәыҕәҕәон. Аҧҳәыс қәыҧш, хҩык лхәыҷқәа лыманы, Шәачаҟа, луацәа рахь ацара лықәшәеит.

„Санду иаалырҟьаны Шәача дыҧсит. Илыхьыз аӡәгьы изеилымкааит... Изакәызаалак чымазарак лымамызт. Ҳауацәа зегьы Станислава дыршьит ҳәа ргәы иаанагоит“, - Гиа Чахаиа иуацәа рҟынтәи иаҳахьаз ахҭыс игәалаиршәоит.

Лан даныҧсы ашьҭахь, Илиа иҧҳацәа руаӡәы Шәача даанхеит, егьи иҧҳа, лашьа дицны, Кахаҭиҟа дхынҳәит.

Гиа Чахаиа ишиҳәо ала, акыршықәса шҵхьазгьы, „ареспессиа зхызгаз ихылҵ“ ҳәа астатус аныҟәгара даараӡа иуадаҩын. 60-70-тәи ашықәсқәа рзгьы ари ахҭыс ҿҧныҳәас ирырҭон, азанааҭтә аҿиараҿы ирҧырхаган.

„Ари афакт лассы-лассы иргәаладыршәон, сабду Илиа иаб, Алеқси дҟазан, ақыҭаҿы ауахәама иргылеит. Усҟан уааҵәҟьа анхацәа амҽыштәи ашкол рзаадыртит. Аҵара бзиа змаз ракәын. Илиа иаҳәшьцәа Варшава инхон, уаҟа аҵара ду роуит, амшҽыштәи ашкол аҿы аус руан. Аҩреи аҧхьареи аладырҵәон“, - Гиа Чахаиа згәыдулара игәалаиршәоит Кахаҭи ақыҭаҿ, иабду иаб игәараҿы инхо иуацәа.
Print E-mail
Twitter
Ари aмaтериaлқәa
40 шықәса зхыҵуа Иракли Аҧсны дынхоит. Ҩышықәса ҵуеит
18:07 / 21.09.2021
40 шықәса зхыҵуа Иракли Аҧсны дынхоит. Ҩышықәса ҵуеит "метадон" аҧсахратә терапиа апрограмма ихы иаирхәоижьҭеи.
Амилаҭ-демократиатә институт NDI имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа
инрықәыршәаны,
18:03 / 21.09.2021
Амилаҭ-демократиатә институт NDI имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа инрықәыршәаны,
Ашәҟәы анашанатә мчы амоуп, уи иаҳнаҭо ахырҳагара уаҳа џьаргьы
иуоуам,
22:14 / 24.07.2021
Ашәҟәы анашанатә мчы амоуп, уи иаҳнаҭо ахырҳагара уаҳа џьаргьы иуоуам,
Аҧсны, Гал араион иаҵанакәа Пирвели Отобаиа ақыҭаҿ, ауҭраҵыҵындра
19:48 / 25.05.2021
Аҧсны, Гал араион иаҵанакәа Пирвели Отобаиа ақыҭаҿ, ауҭраҵыҵындра
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала