Ауaaжәлaррa
Агыруа ода аорнаментқәа рыла иҩычоу арҧшӡагақәа шыҟарҵо [афото]
FaceBook Twitter
E-mail Print
Араӡнытә арҧшӡага агыруа ода-ҩны азы иҟазшьарбагоу аелементқәа рыла – уи адизаинер Русудан Шанава лхырхарҭа ҿыцуп. Русудан ишылҳәо ала, лхәыҷраахыс анаплыхқәа рыҟаҵара бзиа илбон, шықәсқәак раҧхьа араӡнытә маҭәарқәа рыҟаҵара дазҿлымҳахан, рыҟаҵашьа ҭылҵааит.

"Аинтернет ари аус аҿы даараӡа исыхәеит, ари аус аҭҵааразы авидеонҵамҭақәа рыхәаҧшра салаган, исгәаҧхеит, нас, аусураҿгьы сразҵааит ахьиҩык дырдыруазар ҳәа, ишеилкаахаз ала, ҳусзуҩк лыуак ари аус дазҟазоуп, иара ицхыраара ала раҧхьатәи алымҳариқәа ҟасҵеит".

Русудан Ҵаленџьиха, аҩны ааглыхырҭа лымоуп. Лара лыҧҵамҭақәа "аиқәырҳәага" абренд алоуп ишырдыруа.

Лара акультуратә ҭынхара атемеи ахархәаҩцәа рҭахрақәеи еинааларатәы иҟалҵан, иџьоушьаша арҧшӡагақәа аҧылҵеит.

"Исгәалашәоит, агыруа ода ашҟа снеины апатреҭ анҭысх, аҧшәма уамашәа ибеит, ари аҩны ҩышә шықәса ахыҵуеит, уи апатреҭқәа изыбҭахи ҳәа. Ода аелементқәа рхархәара аидеиа сыдаргалеит ақырҭуа напҟазара ассоциациаҿы, дара Гыртәыла, еиуеиҧшым анапҟазаҩцәа рыцырхрааны, иакымкәа апроектқәа нарыгӡахьеит. Атренингқәа ҳархысит, нас, ажәытә ақырҭуа орнаментқәа рхархәара ала арҧшӡгақәа рыҟаҵара аидеиа сызцәырҵит".

Арҧшӡагақәа ҟалҵоит аҿаҵарала, аха лҟазарҭаҿы ода аорнаментқәа рыла иҩычоу алымҳариқәеи анапхаҵақәеи лымоуп, урҭ цәыргақәҵак азы иҟалҵеит. Аорнаменқәа рыдагьы, арҧшӡақәа рҿы аҭыӡсахьатә техникагьы лхы иалырхәоит.

"Анцәа Иан лыхьӡала Мартвили иҟоу аныхабаа аҭыӡсахьақәа рҿы иарбоу аорнаментгьы схы иасырхәит. Ауаҧцәа иақәҵаны иҟаҵоу аҧсаатә ҟаҧшьқәа. Ари апроект Еконапҟазареи ҳареи еицынаҳагӡеит, уаҟа араӡнытә хәҭа аҿы иарбан "аиқәырҳәага", "аеко" аҿы ауаҧцәа".

Хара имгакәа, адизаинер, ацәа иалхны ашәырақәа рыҟаҵара далагар лҭахуп, арааҟа акультуратә ҭынхара атемазы аметаллтә орнаментқәагьы лхы иалырхәоит.
Print E-mail
Twitter
Ари aмaтериaлқәa
40 шықәса зхыҵуа Иракли Аҧсны дынхоит. Ҩышықәса ҵуеит
18:07 / 21.09.2021
40 шықәса зхыҵуа Иракли Аҧсны дынхоит. Ҩышықәса ҵуеит "метадон" аҧсахратә терапиа апрограмма ихы иаирхәоижьҭеи.
Амилаҭ-демократиатә институт NDI имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа
инрықәыршәаны,
18:03 / 21.09.2021
Амилаҭ-демократиатә институт NDI имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа инрықәыршәаны,
Ашәҟәы анашанатә мчы амоуп, уи иаҳнаҭо ахырҳагара уаҳа џьаргьы
иуоуам,
22:14 / 24.07.2021
Ашәҟәы анашанатә мчы амоуп, уи иаҳнаҭо ахырҳагара уаҳа џьаргьы иуоуам,
Аҧсны, Гал араион иаҵанакәа Пирвели Отобаиа ақыҭаҿ, ауҭраҵыҵындра
19:48 / 25.05.2021
Аҧсны, Гал араион иаҵанакәа Пирвели Отобаиа ақыҭаҿ, ауҭраҵыҵындра
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала