Ауaaжәлaррa
Адунеитә прессаҿы зыӡбахәы иалацәажәоз, Гыртәыла иалҵыз ақәылаҩ ҧҳәыс
FaceBook Twitter
E-mail Print
"Цнобис ҧурцели"-1898 шықәса цәыббра 5.

Уаҟа ишану ала, ақырҭуеи аҳәаанырцәтәи апрессаҿы абри агыруа ҧҳәыс илызкны ирыҩхьаз рацәан, аха, аҳәаанырцәтәи апрессаҿы лхаҿсахьа иаҳа аромантикатә ҟазшьа аман.

Барбара Данелиа 35 - 40 шықәса зхыҵуаз, иҧшӡаз, иҟәышыз ҧҳәыс гәымшәак лакәын, Қәҭешьтәи агуберниаҿы ахацәа рбанда дахагылан.

"Ақырҭуа газеҭқәа рҿы Барбара Данелиа ҳәа ауп лыӡбахәы шырҳәоз, аҳәаанырцә Барбара ҳәа илышьҭан, аха, иҵабыргны, лара мартвилтәи араион Банӡа ақыҭа иалҵыз Барбале Данелиа лакәын. "Цнобис ҧурцели", "Ивериа", уҳәа, апрессаҿы лара ауаа зегьы ашәара рылазҵоз "ацҭәаҟаҵаҩ", ақәлаҩ, ажәылаҩ леиҧш илыхцәажәоит. Аҳәаанырцәтәи агазеҭқәа рҿы аҳәса ремансипаторс даадырҧшуан. Адунеи аҿы аҳәса ремансипациа аҿиара иаҿуп. Барбара Данелиа ари аганахьала дҿырҧшыгоуп ҳәа ирыҩуан. Иара убас, аҳәаанырцәтәи апресса инақәыршәаны, лара аӡхәы ҳаҭырла дизныҟәон, адискомфорт азы аҭамзаара шьҭалҵон, аӡхәы дылҿамгылар, аҩгьы ицылжәыр лылшон, аҧарагьы хәыҷык изаанлыжьуан", - иҳәеит Гига Қавҭараӡе.

Иара ишиҳәаз ала, Барбаре Данелиа дфеминистзу дқәылаҩзу уажәы уи ашьақәыргылара уадаҩуп, аха, иара ишиҳәаз ала, ақырҭуагьы аҳәаанырцәтәгьы апрессаҿы лара дқәылаҩын ҳәа ауп ишырҩуа. Мартвилтәи аҧҳәыс абна алалара лыдазцалеи.

"Ақырҭуа хыҵхырҭақәа ишырну ала, лара 1898 шықәсазы дыршьит. Уаанӡа, 10 шықәса абанда дахагылан. Ари аамҭа иалагӡаны изныкымкәа дааныркылахьан, аха, еснагь ацәцара лыллыршон. Ишдыру ала, лара даанызкылаз аполициа аусзуҩк бзиа дибан, длыцны дыбналеит, нас, иаргьы рбанда далалеит. Знык абахҭантәгьы дыбналеит. Хаҵа дцахьазу дымцахьазу сыздырӡом, уи аҩыза аилкаа џьаргьы исҧыхьамшәацт, аха ахылҵ шлымаз атәы аинформациа иҟоуп", - иҳәеит Гига Қавҭараӡе.

Ажурнал "Сқани".

Иара иажәақәа рыла, астатиақәа зегьы дышрыҧхьазгьы, цқьа изеилымкааит иҟәышыз аҧҳәыс ҧшӡа абна алалара лыдазцалаз. Иара истатиа абас ахьӡуп, - Барбаре Данелиа, абандитцәа ирхагылаз аҧҳәыс, ма атәыла хәыҷы ахылҵ насыҧда.

Астатиа кьыҧхьуп ажурнал "Сқани"ахҧатәи аномер аҿы, уи аҭираҿы иҟоуп. Агыршәала иҭыҵуа раҧхьатәи ажурнал "Маргалур нинаш ассоциациа" [Агыруа бызшәа асоциациа] уи ашьаҭаркҩцәа роуп Гиви Қарчавеи Гига Қавҭараӡеи.
Print E-mail
Twitter
Ари aмaтериaлқәa
40 шықәса зхыҵуа Иракли Аҧсны дынхоит. Ҩышықәса ҵуеит
18:07 / 21.09.2021
40 шықәса зхыҵуа Иракли Аҧсны дынхоит. Ҩышықәса ҵуеит "метадон" аҧсахратә терапиа апрограмма ихы иаирхәоижьҭеи.
Амилаҭ-демократиатә институт NDI имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа
инрықәыршәаны,
18:03 / 21.09.2021
Амилаҭ-демократиатә институт NDI имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа инрықәыршәаны,
Ашәҟәы анашанатә мчы амоуп, уи иаҳнаҭо ахырҳагара уаҳа џьаргьы
иуоуам,
22:14 / 24.07.2021
Ашәҟәы анашанатә мчы амоуп, уи иаҳнаҭо ахырҳагара уаҳа џьаргьы иуоуам,
Аҧсны, Гал араион иаҵанакәа Пирвели Отобаиа ақыҭаҿ, ауҭраҵыҵындра
19:48 / 25.05.2021
Аҧсны, Гал араион иаҵанакәа Пирвели Отобаиа ақыҭаҿ, ауҭраҵыҵындра
Амультимедиa
Ашколахь асабрадала  - Ашколтә уадақәа рҿы аҵара еиҭалагеит  [афото]
Апандемиа амшала анахарала имҩаҧысуаз аҵаратә процесс иахьа,
Авакцинациа автобус аҿы [афото]
Жәыргьыҭтәи амуниципалитет ақыҭақәеи ақалақьқәеи ирықәынхо
„Ишәарҭамзаап“ – Авакцинациа ақыҭатә амбулаториаҿы  [афото]
74 шықәса зхыҵуа Заур Џьиқиа арасаҭраҿы дызҿыз аусқәа аамҭала